29 шықәса ҭакрала изхызгаз аруаҩ: Харлампеи Жьиба иҭоурых

© Sputnik / Саида ЖибаАслангьери Хынҭыжәи идыргылаз аҩны
Аслангьери Хынҭыжәи идыргылаз аҩны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асовет система џьбара 24 шықәса ахара зыднаҵаз, анаҩс даҽа хәышықәса иҭҟәаз, аруаҩи азиндырҩи рзанааҭқәа рыла аџьабаа збахьаз, Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду аветеран Харлампеи Аслангьери-иԥа Жьиба иҭоурых Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.

Аԥсҭазаараҟны зны-зынла аиашара ыҟам рҳәоит џьоукы, урҭ ргәаанагара уақәшаҳаҭхоит зыуаҩра ҳараку, зус цқьоу ишахәҭам ианизныҟәо. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Харлампеи Аслангьери-иԥа Жьиба иҭоурых анҵоуп иԥа Беслан иажәақәа рыла.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Бармышь ақыҭан ҳаҭыр зқәыз, еицырдыруаз анхаҩ нага Аслангьери Жьиба иԥазаҵә Харлампеи изы акагьы деигӡомызт. Иара иҭахын иҷкәын аҵара бзиа иоуны, иаԥхьаҟа иԥсадгьыл амаҵ азиурц.

© Foto / Саида ЖибаАслангьери Жьиба
29 шықәса ҭакрала изхызгаз аруаҩ: Харлампеи Жьиба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аслангьери Жьиба

Арахә, ашәахә рацәаӡаны измаз Аслангьери аԥара аҭныхны, Харлампеи Аҟәатәи адоуҳатә семинариахь дишьҭуеит. Усҟантәи аамҭазы ари аҵараиурҭа аҭаларазы зегьы алшара рымамызт. Насыԥ зманы иалгоз иаԥхьаҟа ақәҿиарақәа изыԥшын.

1920-тәи ашықәсқәа рзы Харлампеи Жьиба аусура далагоит Баҭым, аҳәаахьчаратә хәҭа аиҳабыс. Уаҟа хәышықәса ԥсыцқьарыла иуалԥшьақәа наигӡон, икариерагьы ԥхьаҟа ицон, азалымдара дақәымшәазҭгьы.

© Sputnik / Саида ЖибаХарлампеи Жьиба
29 шықәса ҭакрала изхызгаз аруаҩ: Харлампеи Жьиба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Харлампеи Жьиба

"Саб ирратә уалԥшьақәа анынаигӡоз, Ҭырқәтәылантәи аконтрабанда ааганы, маӡала аҳәаа иахыргоит ҳәа ианалага, иара уи атәы шизымдыруазгьы, иухароуп ҳәа ашьра иқәырҵоит. Убасҟан сабдуи имаҳәала Уасил Лакобеи Сталин иҿы ицаны аҳәара ирҭоит, ашьра ҭакрала ирԥсахырц. Сталин, Харлампеи иус ҭҵааны, уи дахаҵгылоит", - иаб ихҭысыз еиҭеиҳәоит аԥа Беслан.

Гьаргь Аргәын - Sputnik Аҧсны
Зыҵәҩаншьап мыӡыз: Мамсыр Аргәын ихылҵшьҭра рҭоурых

Харлампеи Урыстәыла 12 шықәса дырбаандаҩны дрыман. Ахара аниқәырхлак, аҩныҟа даауеит. Аԥсны, ажәлар русқәа еилзыргоз, ауаа еинзырнаалоз Аслангьери дуӡӡа иԥа гәнаҳала дышҭакыз рдыруан азы, ԥхьаҟатәи иусураҿы аӡәгьы ԥынгыла ииҭомызт. Харлампеи акраамҭа Аҟәа ақалақьтә Хеилак аҟны азиндырыҩс дыҟан. Ус иалагоит Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду.

"Саб аибашьра аламҭалазы аҭаацәара далалахьан. Раԥхьатәи иԥшәмаԥҳәыси иареи аԥа драаӡон. Аха иуаажәлар аӡәырҩы дрыцны афронт ахь дцоит. Ажәыларақәа жәпакы дрылахәын, анаҩс аҭҟәара дақәшәоит, Германиа аконцлагерқәа руак аҟны хәышықәса дҭакын. Аԥсныҟа дхынҳәуеит 1948 шықәсазы. Усҟан Сталин имҩаԥигоз аполитика хьанҭа ҩаԥхьа саб инырит. Аҭҟәацәа рыԥсадгьыл аҿаԥхьа ахара рыдуп ҳәа, иаргьы 12 шықәса иқәырҵахуеит. Абаандаҩцәа аӡәырҩы реиԥш, аус идыруан Беломорканал аргылараҿы", - иажәа иациҵоит Беслан.

60 шықәса ирзааигәахоз Харлампеи аҵыхәтәантәи иҭакраан, аҩныҟа дгьежьаанӡа зыҷкәын зызхара дзымбаз аб Аслангьери адунеи иԥсахуеит. Убас аҭаацәара даламлакәа иԥсҭазаара ҿахҵәоит иаб иашьа Хынҭыжә. Ари агәараҭа иаҵәҩаншьапыз Харлампеи иан Анҭица Кьахьырԥҳаи иаҳәшьцәеи 29 шықәса адунеи аԥшӡара иалхәдааз, ирызгәакьаз ауаҩы ҿыц ибара насыԥс ирзыҟалеит.

Дамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба ихылҵшьҭра - Sputnik Аҧсны
Мықәаа рҭаацәара аҭоурых: ҩыџьа аицалацәа абиԥарак шыдмырӡыз

Харлампеи раԥхьатәи иразҟы анзышьақәымгыла, иқәрахь даннеилак иԥсҭазаара ицеиҩылшоит Рита Дбарԥҳа. Дара ирхылҵуеит ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи.

Зыхшыҩ ҵарыз, аҵара бзиа змаз Харлампеи аҭаацәара даналала, иаб игәараҭа дазынхоит, уи нахыс иус ақыҭанхамҩа иазикуеит. Аамҭак азы Бармышь аԥошьҭамҩаԥгаҩс дыҟан. Анаҩс аколнхара иазааԥсоз иԥшәмаԥҳәыс длыцхраауан.

Абас аиаша аныҟам, ауаа рразқәа ирныԥшуеит. Усҟан Баҭым ихҭысыз азалымдара ҟамлазҭгьы, амаиор ичын аҟынӡа инаӡахьаз Харлампеи иахьа ихьӡ еиҳа иҳаракны ирҳәаргьы ҟаларын. Аха уеизгьы иԥсҭазаара аҽанеиҩнашоз илахьынҵа ԥшӡахеит. Аб ишьҭра дмырӡӡеит ихшареи имаҭацәеи.

Анкьа, Бармышь ахәы ҳаракыраҿы аишьцәа Аслангьерии Хынҭыжәи идыргылаз аҩнеихагыла иахьагьы иӷьазӷьазуа ашәаԥыџьаԥ иагәҭылакыуп, алҩаҵә ахылҵуеит, аҭыӡқәа рҿы аԥсҭазаара еилашуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0