Уус бзиа ианумба, узҿу зегьы башахоит: Циала Ҷкадуаԥҳа лиубилеи иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЦиала Чкадуа
Циала Чкадуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 18, 1956 шықәса рзы диит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Циала Иван-иԥҳа Ҷкадуа. Уи лиубилеи аҽны илызку анҵамҭа ҳадылгалоит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Циала Иван-иԥҳа Ҷкадуа – ахореограф, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка, зхәыҷаахыс акультура агьама зкхьаз, амузыка иазааигәаз аҭаацәа дрылиааит, лыԥсҭазаара иашьагәыҭхартә еиԥш анырра лнаҭеит.

"Сҭаацәа ашәаҳәара-акәашара, амузыка иазааигәан цәгьала. Ахәылбыҽха ҳанынатәоз агәылацәа мҩахыҵуан ҳаҩныҟа, санду дтәаны ачамгәыр рзалырҳәон, сабду ашәа иҳәон. Сани сашьеиҳаби агитара адырҳәон, сашьеиҵби сареи акәашара бзиа иаҳбон. Абас, еснагь ашәаҳәареи акәашареи атмосфера ахьыҟаз салиааит. Сызҭаз Ԥақәашьтәи абжьаратә школ аҟны еиҿкаан ашәаҳәареи акәашареи рыкружокқәа, саргьы уа салан. Акәашара раԥхьаӡа исзырҵоз Радион Бигәаа иакәын. Уи агәыбылра ӷәӷәа сиркит", - ҳәа лхәыҷра ашықәсқәа лгәалалыршәоит Циала Иван-иԥҳа.

Аԥсны Жәлар рартистка Циала Чкадуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Чкадуаԥҳа ансамбль "Абаза" раԥхьатәи Аԥсны анҭыҵ ақәгыларазы: ахәаԥшцәа ҵәыуон

Аҟәатәи акультура-ҵаралашаратә ҵараиурҭа ахореографиатә ҟәша даналга, аус луан Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аҿы. 1980 шықәса рзы дҭалоит Москватәи Акультура аинститут, дагьалгоит 1984 шықәса рзы. Аус луан аҵаралашаратә ҵараиурҭаҿы жәлартәи аклассикатәи кәашарақәа рырҵаҩыс.

"Москватәи Акультура аинститут саналга, ирҭаххеит сааӡаҩцәа уаҟа сааныркыларц. Усҟан уа аҵара иалгоз хышықәса уаҟа аус иур акәын, мамзар иурҭаӡомызт адиплом. Едуард Бебиа иалеиҵеит арзаҳал сҵара саналгалак Аԥсныҟа сдырхынҳәырц. Ирацәаны ишсыҳәозгьы, саанымгылаӡеит, сыԥсадгьыл ахь схынҳәит", - ҳәа лҳәоит артистка.

1993 шықәса рзы ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аамҭаз Циала Ҷкадуаԥҳа еиҿылкаааит ахәыҷтәы хореографиатә гәыԥ "Абаза". Ари агәыԥ иахылҿиааит ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Абаза", анаҩс аҳәынҭқарратә статус зауз.

"Сара еснагь исҭахын, сазхьаауан абалеттә школ аԥҵара, иагьсылшеит. Аха хара имгакәан аибашьра иалагеит. Усҟан сҭаацәа сыманы Аҟәа ҳалҵны Пицунда ақалақь ахь ҳцеит. Убраҟа ахәыҷқәа ргәы мҿыӷьырц азыҳәан, аамҭагьы цәгьан, аибашьра цон, хыбрак аҟны еидкыланы акәашара дсырҵо салагеит. Ус анацәа рхәыҷқәа рыманы исыдҵаало, инеиуа иалагеит. Сыгәгьы иҭамызт коллективк аԥысҵоит ҳәа, сара сызҿыз бзиа избоз аус акәын. Аибашьра ашьҭахь Аҟәаҟа ҳанаа, аҭаацәа сыҳәеит азыҟаҵарақәа ирыцҵахарц. Убас акәашаратә гәыԥ аԥҵахеит. Раԥхьаӡатәи ҳконцерт мҩаԥысит 1994 шықәсазы, Нури Кәарҷиа напхгара зиҭоз арҿиаратә ҩны аҟны. Ансамбль ахьыӡ "Абаза" азҭаз Нури Кәарҷиа иоуп", - ҳәа гәахәарыла дазааҭгылоит Циала Чкадуаԥҳа.

Циала Чкадуаԥҳа лансамбль "Абаза" лыманы гастроль ҳасабла атәылақәа, ақалақьқәа ирацәаны дырҭаахьан. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп: Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа, Франциа, Германиа, Польша, Швециа, Финлиандиа, Чехиа уҳәа.

© Foto / Предоставлено Циалой ЧкадуаАнсамбль "Абаза" ҵҩа змам аԥхьахәқәа ирыԥсахахьеит
Уус бзиа ианумба, узҿу зегьы башахоит: Циала Ҷкадуаԥҳа лиубилеи иазкны - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Абаза" ҵҩа змам аԥхьахәқәа ирыԥсахахьеит

"Раԥхьатәи ҳгастрольқәа 1996 шықәсазы имҩаԥган Польша. Уахь ҳцареи ҳақәгылареи аполитика цәгьа иаԥырхагахеит. Ҳҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқарраны иахьазхаҵамыз аҟынтә, аҳәааҟны ҳаурмыжьуа иалагеит, аԥынгылақәа ҟалеит, ақырҭцәа арзаҳал аларҵахьан ҳақәымгыларц азыҳәаны. Ари заҳаз Владислав Арӡынба ицхыраарала иаҳаулак аҳәаа ҳахыҵит. Уаҟа ҳақәгылара даара иргәаԥхеит, напеинҟьалара ҳамҩаԥыргеит. Иреиҳау адиплом ҳаԥсахеит, ари раԥхьаӡатәи иааиран ҿыц иаԥҵаз ҳансамбль азыҳәаны", - ҳәа илгәалалыршәоит Циала Чкадуаԥҳа.

© Foto / Предоставлено Циалой ЧкадуаАнсамбль "Абаза" аҽазыҟаҵарҭа
Уус бзиа ианумба, узҿу зегьы башахоит: Циала Ҷкадуаԥҳа лиубилеи иазкны - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Абаза" аҽазыҟаҵарҭа

Зегь реиҳа илхамышҭуа Циала Иван-иԥҳа лгәалашәараҿы иаанхеит 2010 шықәсазы Польша имҩаԥысуаз афестиваль.

"Аконцерттә программа сахьахәаԥшыз, Аԥсны ҳәа џьаргьы иарбаӡам. Ари цәгьа исгәамԥхеит. Амҩаԥгаҩ дааԥхьаны сиазҵааит, ус иҳәеит уаҟа "Қырҭтәыла, "Абаза" ҳәа ҳшану. Зынӡа мап скит, ус ҳара ҳшықәымгало атәы агәра дсыргеит. Анаҩс зегьы акоуп, ҳ-Аԥсны ахьӡала ауп ҳшықәгылаз. Цәгьа ргәы иахәеит ҳақәгылара, игыланы рнапы ҳзеинырҟьон. Афестиваль аркра ҳара иҳадыргалеит, афестиваль азыркуа гран-при иаԥсахаз роуп. Уи даара ҳгәы иахәеит. Ақәгылара ашьҭахь, амҩаԥгаҩ аҭамзаара шьҭаҵо иҳалҳәеит аҩбатәи аҭыԥ шакәу ҳзыԥсахаз. Уи зегьы зыхҟьаз ақырҭқәа имҩаԥыргоз аполитика акәын. Хьтәы ԥшшәыла иҟаз астатуетка, аԥшәы ргаманы иааганы иҳанаршьеит. Аха уи усҟаҟ ҳалахь еиқәнамҵеит, ҳара иаҳдыруан аиааира усгьы ҳара ҳшаԥсахаз", - ҳәа лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшоит Ҷкадуаԥҳа.

© Foto / Предоставлено Циалой ЧкадуаХьтәы ԥшшәыла иҟаз, аха Қырҭтәыла аполитика ҟьашь иахҟьаны зыԥштәы рыԥсахыз "Абаза" ианашьаз аԥхьахә
Уус бзиа ианумба, узҿу зегьы башахоит: Циала Ҷкадуаԥҳа лиубилеи иазкны - Sputnik Аҧсны
Хьтәы ԥшшәыла иҟаз, аха Қырҭтәыла аполитика ҟьашь иахҟьаны зыԥштәы рыԥсахыз "Абаза" ианашьаз аԥхьахә

Иахьатәи аамҭазы Циала Чкадуаԥҳа гәыблыла лус дазнеиуеит, ахәыҷқәа акультура агьама дыркра дазааԥсоит, урҭ рықәҿиарақәа лара лзыҳәан акырӡа аҵанакуеит.

© SputnikАнсамбль "Абаза" Шәачатәи афестиваль аҿы
Ансамбль Абаза Шәачатәи афестиваль аҿы - Sputnik Аҧсны
1/6
Ансамбль "Абаза" Шәачатәи афестиваль аҿы
© Foto / Астанда ШапковскаяАнсамбль "Абаза" актәи аҭыԥ ааннакылеит Геленџьик имҩаԥысуаз афестиваль "Планета звезд" аҟны
Ансамбль Абаза актәи аҭыԥ ааннакылеит Геленџьик имҩаԥысуаз афестиваль Планета звезд аҟны - Sputnik Аҧсны
2/6
Ансамбль "Абаза" актәи аҭыԥ ааннакылеит Геленџьик имҩаԥысуаз афестиваль "Планета звезд" аҟны
© Sputnik / Сырма АшәԥҳаАкәашаратә ансамбль "Абаза" аҟазара ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа аршанхеит
3/6
Акәашаратә ансамбль "Абаза" аҟазара ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа аршанхеит
© Foto / Предоставлено Циалой ЧкадуаАнсамбль Абаза
Ансамбль Абаза - Sputnik Аҧсны
4/6
Ансамбль Абаза
© Sputnik / Сырма АшәԥҳаАнсамбль "Абаза" Дербент ақыҭаҿы аконцерттә программа рыманы иқәгылеит
5/6
Ансамбль "Абаза" Дербент ақыҭаҿы аконцерттә программа рыманы иқәгылеит
© Foto / Предоставлено Циалой ЧкадуаАнсамбль Абаза Аԥсны афестиваль аҟны
Ансамбль Абаза Аԥсны афестиваль аҟны - Sputnik Аҧсны
6/6
Ансамбль Абаза Аԥсны афестиваль аҟны
1/6
Ансамбль "Абаза" Шәачатәи афестиваль аҿы
2/6
Ансамбль "Абаза" актәи аҭыԥ ааннакылеит Геленџьик имҩаԥысуаз афестиваль "Планета звезд" аҟны
3/6
Акәашаратә ансамбль "Абаза" аҟазара ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа аршанхеит
4/6
Ансамбль Абаза
5/6
Ансамбль "Абаза" Дербент ақыҭаҿы аконцерттә программа рыманы иқәгылеит
6/6
Ансамбль Абаза Аԥсны афестиваль аҟны

Циала Иван-иԥҳа акәашарақәа рықәыргыларақәеи асолотә номерқәа рынагӡареи рзы акыр аконкурсқәа дырлауреатхахьеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАноминциа амилаҭтә кәашара" аҟны Гран-при аиааиразы ансамбль "Абаза" ианашьаз адиплом
Уус бзиа ианумба, узҿу зегьы башахоит: Циала Ҷкадуаԥҳа лиубилеи иазкны - Sputnik Аҧсны
Аноминциа амилаҭтә кәашара" аҟны Гран-при аиааиразы ансамбль "Абаза" ианашьаз адиплом

Иахьа лара Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Абаза" асахьаркыратә напхгаҩыси акәашарақәа рышкол "Абаза" адиректорси дыҟоуп. Ари аус аҟны длывагылоуп лыԥшәма - ансамбль ахореограф хада, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Аршба Алықьса Николаи-иԥа. Лырҿиаратәи лырҵаҩратәи усуразы Циала Иван-иԥҳа Ҷкадуа илыхҵоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка ҳәа ахьӡ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0