Аԥсуара иалакҭоу - аԥхашьароуп

© Sputnik / Валерий Шустов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДолгожители из абхазского села Джерда
Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуара аныҟәгара, уи иаҵанакуа аҵасқәа рықәныҟәара уҳәа ртәы дазааҭгылоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Ажәытә аамҭахь ухьазырԥшуа агәалашәарақәеи аҭоурыхтә хҭысқәеи акырӡа ирацәоуп. Урҭ рахьтә иҟоуп маҷк иадамхаргьы сызхаану сгәы ззыбылуа асахьақәа, ажәабжьқәа, еиҳаракгьы абыргцәа реиҭаҳәамҭақәа, хаҭала дара зхааныз, рыбла ҷыц еиԥш еиҷаҳаны иныҟәыргоз раԥсуара, уи иахылҿиаауаз ақьабзқәа, аҵасқәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа атәым милаҭ ирыламҩашьо наџьнатә аахыс иҟазҵоз, ԥсабаралеи доуҳалеи иныҟәыргоз реихаҵгылара акәын. Аихаҵгылара анысҳәа, имӡакәа сазааҭгыларц сҭахуп ахааназы исхамшҭуа хҭыск.

Девушка с книгой  - Sputnik Аҧсны
Есма Ҭодуаԥҳа: "Иааизар аамҭа Аԥсуара ҩны ианааныжьтәу?!"

Аԥсуа телерадиоеилахәыраҿы раԥхьа аусура саналагаз акәын. Ҿыц еибадырыз аҭыԥҳацәеи сареи адәаҿы игылаз иааизыхәхәашәа иҟаз сқамк аҿы ҳтәан, усҟан ҳазлацәажәахуаз здыруада?!

Ус, шьыбжьонтәи аԥсшьаратә аамҭа нырҵәаны машьынала дааҳадгылт ҳаиҳабы. Амашьына данынҭыҵ, ҭелла ацәажәара даҿын. Ҳарҭгьы ҳаиԥырхагамхап ҳгәахәзар акәхап, иҳахьхыз здыруада, ҳаура шоуроу ҳамгылакәа, ҳнаихаҵгылашәа ҳуит, ус ауп наԥшыхақә ишалҵуа. Иаҳбоит ҳаиҳабы акы дшаргәаҭеиуа, анаҩс дааҳадгылан дааԥышәарччан ус иҳәеит: "Гхак аҳасабала ишәыдшәымкылан, аха ауаҩы шәихаҵгылозар, ишахәҭоу еиԥш шәихаҵгылар шәара шәарԥшӡоит, даҽазны шәгылошәа-шәымгылошәа ҟашәымҵан…" - ҳәа.

Ас еиԥш анҳаҳа, ҳарҭгьы ашырҳәа ҳҩаҵибарҟьеит…

Арҭ ажәақәа ԥсраҽнынӡа сахьцалак исыцуп. Уажәы хәыҷык ашәхымс дынхыҵыргьы, ахьышәҭҳәа сҭыԥ аҟынтә снагылоит.

Убас еиԥш, иқәра ыҟаны саб иашьак (иԥсҭазаара далҵхьеит) аҩны дҳаман. Сан аҩны дныҩналацыԥхьаӡа ашырҳәа дҩагылон. Исгәалашәоит сан лажәақәа: "Сара егьараан иахьа аҩны сыҩналап-сдәылҵып, сыҩналацыԥхьаӡа шәымгылалан, сшәыҳәоит", - ҳәа дӷьаҵәыӷьаҵәуа иалҳәон. Аха, саб иашьа иара итәы ҟаиҵон, уажәы еиҳагьы ибзианы еилыскаауеит уи ала иҭаца шаҟа пату-ҳаҭыр лықәиҵоз, закәытә ԥсыуараз иныҟәигоз. Уимоу, агәылахәыҷқәа анааилакгьы, дара рҟынӡа ихы наганы дрыцыхәмаруан, ианцозгьы, агәашә инҭыганы иауишьҭуан, ахәыҷқәа ирбо-ираҳауа рхашҭӡом ҳәа ԥхьаӡаны.

Дуаҩуп, даамысҭашәоуп: аԥсуара азҵаарақәак ирызкны - Sputnik Аҧсны
"Дуаҩуп, даамысҭашәоуп": аԥсуара азҵаарақәак ирызкны

Абарҭқәа зегьы ԥхаӡа сгәалашәараҿы инхаз, аха наунагӡа зыԥсы ҭаны иаанхаз цәырҵрақәоуп. Сара лассы-лассы ауаажәларратә транспорт ала ақыҭарахь сцалоит. Аиаша шәасҳәоит, убраҟоуп аԥсҭазаара агәҭылсара ахьызбаҵәҟьо, убраҟоуп ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи еиҳаракгьы иахьысгәалашәо, избанзар зықәрахь инеихьоу ауаа ахьааидтәало иргәаладыршәоит изнысхьоу, изҵысхьоу ажәытә аамҭа, урҭ шаҟа срызҿлымҳаузеи. "Анкьа ҳара ҳхаан ишыҟаз" ҳәа ажәабжь еиҭаҳәара иналагоит, саргьы слымҳа кыдҵаны сырзыӡырҩуеит, анаҩс урҭқәа сырҿиаратә усумҭақәа рҟны шаҟантә схы иасырхәахьоузеи?!

Аԥсуара аԥсы ҭоуп ҳхәышҭаарақәа рҟны алҩаҵә ҩеиуанаҵы, аԥсыуак иԥсы ҭанаҵы, адунеи аԥсуа шьҭыбжьы ықәыҩуанаҵы. Уи ус шакәу хаҭала агәра згеит Ҭырқәтәылаҟа сныҟәарақәа раан. "Унан, Аԥсны сыҟоума, сабаанагеи?" - ҳәа шаҟантә схы иазысҳәахьоузеи. Шаҟа иҵаулоузеи, шаҟа игьамоузеи амшын-нырцә инхо ҳашьцәа иныҟәырго аԥсуара. Шаҟа иџьашьатәузеи аиҳаби аиҵби реихаҵгылара, шаҟа иҿырԥшыгоузеи абырг ихымҩаԥгашьа, шаҟа аҵакы ӷәӷәоузеи рҳәахьашьҭыбжьқәа.

Сара схаҭа саҿахәҳәаҩуп Ҭырқәтәыла аԥсыуа ҭаацәарак аҿы сыла иабахьоу хҭыск. Аҩнаҭаҿы ҩыџьа аҭыԥҳацәеи ҩыџьа арԥарцәеи ыҟан, раб аџьаамахьы намазкра дыҟан. Ҳаб даанӡа каҳуак еицаҳжәып рҳәан, акаҳуа нақәыргыланы идыршит.

Сырма Ашуба - Sputnik Аҧсны
Исхамшҭуа, аԥхарра зхылҵуа амшқəа...

Ҳаидтәаланы аџьџьаҳәа хаицәажәо акаҳуа шаҳжәуаз, аҩнаҭа аԥшәма дшааз аӡәгьы иҳазгәамҭеит. Ҳааигәа дааиуан еиԥш, сзыдтәалаз ихшара ҩыҵеибарҟьан, адәахьы индәылҵит, аб иакәзар, ҳазҿыз аниба, зымҩа дынхынҳәит. Аиаша шәасҳәап, иҟалаз азныказы исзеилмыргеит. Ашьҭахь исарҳәеит раб иҿаԥхьа аԥхашьара ду ишақәшәаз, акаҳуа шыржәуаз дахьрыхҭыгәлаз хьымӡӷыс ишыркыз. Аиҳабы иҿаԥхьа акаҳуажәра даара иԥхашьароуп ҳәа иԥхьаӡоуп уаҟа.

Сгәы иԥхаӡа иҭоуп Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа быргцәа рыҿцәажәарақәа, дара реиҭаҳәамҭақәа аныгәхьаазго, свидеонҵамҭақәа аашьҭыхны снарыдтәалоит.

"Дад, схәыҷы, аԥсуара алакҭа - ари аԥхашьароуп. Ауаҩы даныԥхашьа, иаԥсуарагьы иуаҩрагьы наигӡеит. Аԥсуареи ауаҩреи еимадазароуп, мамзар уаԥсуара бжьамҽамхоит", - иҳәеит аабыкьа сзыҿцәажәоз Ҭырқәтәыла инхо Лазба зыжәлаз ҭаҳмадак.

Аусура аганахьала лассы-лассы аҳәаанырцә сцалон иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы. Амҩа сшықәлоз заҳауаз сан еснагь убас салҳәон: "Ҩмаҟахы бымӷаз, бҟәышны быҟаз", - ҳәа. Ари знык, ари ҩынтә, ари шаҟантә, илҳәоз лажәақәагьы рҽырыԥсахуамызт. Уи ахшыҩҵак зызкыз уажәы шаҟа еилыхха еилыскаауазеи.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Аԥсуа ичеиџьыка, иламыс, ипату… Ииашоуп, аԥсуара злеибарку амахәҭақәа ируакуп аԥсуа чеиџьыка.

"Дад, угәыла иифо имамкәа, уара иуӡыз укәац афҩы иԥынҵа ишҭасуа агьама ануба, иузыхаҳауам", - иҳәеит шәышықәса ирзааигәоу Феҳми Ашәба.

Санду лҟынтә исгәалашәоит, иҷыдоу фатәы хаак ҟаҳҵар аҩны, ҳара аишәа ҳнадтәалаанӡа, агәылацәа рхәы ҳәа иҳалҭоз рзаҳшар акәын, убас ауп сангьы. Агәылацәа ракәзаргьы - убас, уи иаанаго апатуеиқәҵара ауми.

Шаҟа иԥшӡоузеи арҭ аҵасқәа, ақьабзқәа! Аамҭа иаратәы ҟанаҵозаргьы, ҳаԥсуара хәашьрак ақәлар ҟалом, хымԥада, уи зыбзоуроу ҳарҭ зегьы ҳауп, иаԥсыуаны зхы зыԥхьаӡо. Анцәа иумырӡын ҳаԥсуара!

Ажәабжьқәа зегьы
0