Амаинингқәа рԥеиԥш, мамзаргьы - ухыза заҟароу дырны ушьапы еиҵых

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не
Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа Апарламент ахь инеишьҭыз "амаининг хархәагақәа рымхреи, закәаншьаҭада рхархәараз ашьаус аартреи" рзы азакәан апроект дшазыҟоуи, амаининқәа русура иахҟьаны афымцатә система иаиуз анырреи ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аиба аҟәараҿы иқәхәлоит

Амаининг хархәагақәа рҿакра азин ыҟоуп ҳәа цәыббра 2020 шықәсазы Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵара анаднакыла, ԥсыуа арԥыск, иматериалтә ҭагылазаашьа ахьысҳара даазхәыцын, имаз амашьына иҭиин амаинингқәа ааихәеит. Иара дазхәыцуан анаҩс аҿакразы иаҭахыу амыругақәа реидкылара. Дхәыцуанаҵы, аенергетикатә кризис гьежьуа ҳтәыла иналалан, ҩымз рышьҭахь ахарахәара азин ааныркылт, иаргьы имаинингқәа ргарҭа имоуа даақәхеит.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Амаинингуаа раамҭа, мамзаргьы лашарада аҟазаара

Акриптовалиута злихырц игәы иҭаз имыругақәа иҩны ишьҭоуп иазиура изымдыруа. Уажәтәи аамҭазы амаининг аҭира имариам усхеит, избанзар аахәара иаԥсоу иаԥсаму еилкаам. Игәырӷьаҵәа итәаз, аулафахәы бзиак аҟара аԥара сзаанаго иалагоит ҳәа ихәыцуаз арԥыс дзаралхеит. Зых ҳаҭыр ақәызҵо иоуп азын, иаҿашәкыр ҟалом анырҳәа, иқәимыргылеит. Зыӡбахә сымоу абизнес змам, улафахәыла инхо ркатегориа дахыԥхьаӡалоуп. Абас, аиба аҟәараҿы иқәхәлеит шырҳәо еиԥш, амаинерра зҽазызкыз ахархьуаа рахьтә азарал зауз маҷҩым, шамаха урҭ рҭоурыхқәа зегь еиԥшуп.

Изаралхеит избанзар, излаархәаз аԥара рызмыргьежьыр ауеит. "Уажәы иҟоу акризис аамҭазы сҭаацәа рныҟәгараҿы исыхәоит сҳәан, аха исзамуит", - иҳәеит сзацәажәоз арԥыс. Иара игәаанагарала, азин ҟазҵаз, нас иаанызкылаз ирхароуп. "Зны иазхәыцыр акәын, иҟалоит анырҳәа, акәыз џьышьа смашьына сҭиит",- иҳәоит иара дзыниаз азы ихы дахашшаауа.

Амаинингқәа рԥеиԥш, мамзаргьы - ухыза заҟароу дырны ушьапы еиҵых

Зыхьӡ ырзам амаинерцәа

Иҳаҩсыз амчыбжь анҵәамҭазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит аенергетикаҿы "иҷыдоу аҭагылазаашьа ыҟоуп" ҳәа азгәаҭаны. "Шәазыӡырҩы сыдҵа (приказ),- иҳәан даара ҿыӷәӷәала дцәажәеит апрезидент.

Майнинг - Sputnik Аҧсны
Афымцамч ахархәара аларҟәра: Атәыла ахада идҵа шынарыгӡо

Иара ҿырԥштәыс иааигаз арбагақәа рыла "2019 шықәса иаҿырԥшны иаҳҳәозар, уажәтәи аамҭазы афымца ахархәара 21% ихалеит". Аԥсны ахада идҵала иаԥҵоуп акризис аиааиразы аштабқәа. 2019-тәи арбагақәа ирзааигәахарц адҵа ықәиргылеит Аслан Бжьаниа ачынуаа рҿаԥхьа. Уи адагьы, мчыбжьык иалагӡаны адҵа анынагӡамха, зусура зцәыӡырц зылшо шыҟало азгьы имӡакәа иҳәеит.

Ауаажәларраҿы иҟоуп ацәажәарақәа дара ачынуаа рахьтә афермақәа змоу ыҟоуп ҳәа, ауаажәларра закәыхзеи ажьырныҳәа 13 рзы, абри азҵаатәы азы аиҳабыра анеилацәажәоз Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, рыхьӡ имҳәазаргьы ҽмыршьагала иазгәеиҭеит, амилициа аусуҩцәа ареид ахь иандәықәло, афермақәа зтәу ргәырҽанызҵо ачынуаа шыҟоу.

Аоппозиционер хада Адгәыр Арӡынба иакәзар, апрезидент иганахь "икәша-мыкәша днарылаԥшааит",- иҳәеит аиҳабыра рҿы амаинерцәа ыҟазар шалшо аарԥшуа.

Аслан Бжьаниа телехәаԥшрала иқәгылараҿы "хьыӡҳәала" иҳәазар шиҭаху азы аҭак ииҭеит аоппозиционер. Ахьыӡ аҳәара Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр илымшеит, аоппозиционер иакәым аасгәахәит сахьыӡырҩуаз...

Апрезидент илагалақәа

Аԥсны ахада акыр ирџьбарарц иӡбеит аенергетикатә кризис аиааиразы азакәанқәа, иара Жәлар реизарахь апроект ишьҭит аԥҟарақәа рырџьбаразы ажьырныҳәа 25 рзы. Адепутатцәа ирыдгалоуп "Акриптовалиута изинымкәа ахарахәаразы" Аԥсны ашьауӷатәи, административтә кодексқәа алагала рыҭаразы азакәан апроект. Араҟа иазгәаҭоуп, изинымкәа амаининг ахархәаразы еиуеиԥшым аҭакԥхықәрақәа.

Аслан Бжания посетил диспетчерскую  Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа: аенергетикцәа имҩаԥырго аус азакәаншьаҭа аиуеит

Иаҳҳәап, афымцамч изинымкәа ахархәаразы "атәылауаа ахараԥса рыдҵазарц аулафахәы ҩышәынтә иазырҳаны", иара убас, "ачынуаа аулафахәы хәышәынтә иазырҳаны, уи адагьы, "аиуристтә хаҿқәа зқьынтә иазырҳаны".

Ажәакала, дасу изы ахараԥсақәа арбоуп. Ашьауӷатә лагала атәы ҳҳәозар, апрезидент инашьҭымҭаҿ изларбо ала "Мегаваттк еиҳаны ахархәара ҟазҵаз рзы" иазгәаҭоуп "шықәсык ма хышықәса аҭакра, акриптовалиута арҳаразы иҟоу амыругақәа рымхра". Иџьбаразаргьы, апрезидент илагалақәа азин еилазго игәиҽаннаҵаратәы иҟоуп.

Аԥҟара аӷрагылара акәым - ақәныҟәара

Ари апроект макьаназы адепутатцәа иҭырҵаауеит, аха уажәнатә иҟоуп ахҳәаақәа азызузгьы. "Ахараԥса заҟа иҳараку аҟара - иҳаракхоит аҵарҭыша ахә", - иҳәеит Жәлар реизара адепутат Алмас Џьапуа. Алогика аҵоуп, аха зынӡа азинеилагара кьыс амамкәа иныжьтәума? Аиааишьас иамоузеи нас ари азҵаатәы? Аӡәырҩы иазгәарҭахьеит, ҳтәылаҿы азакәан бзиақәа ыҟазаргьы аус шырымуа, аха ԥхьаҟа ацара ҳҭахызар, аенергетикатә кризис еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ҳариааиразы, зегь акоуп иҟаҵалатәуп ашьаҿа ӷәӷәақәа.

Адгур Гамгия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гамгьиа амаинингтә маругақәа рзы: аӡәы ҳаимазҵаакәа аҿакра ҳхы иаҳзаҭәашьом

Атәыла ахада имаӡам даҽа мҩак, азакәан апроект аҿы иаирбаз аԥҟарақәа раларҵәара ада. Ахдырра иақәӷәыӷны аҳәынҭқарра амаа зку аус рызуам, азин еилазго рзы иҟазароуп административтә, ашьауӷатә згәаҭақәа. Ашәарҭадартә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниа абри азҵаатәы ахҳәаа аназиуаз, дақәшаҳаҭхеит хыхь иааго агәаанагара. "Ҳара ҳаԥсҭазаараҿы еиуеиԥшым аганқәа рҿы убас ҳаиҵаханы ҳаҟоуп, ахараԥса атәы анаҳҳәогьы уамашәа иаҳбоит",- иҳәеит иара.

Габниа дышхәыцуа ала, арџьбарара хымԥадатәиуп,-"ахәԥса андуу ахылаԥшыҩцәа рхы иадырхәар ауеит, уигьы ыҟоуп, аха ари ахы иоужьтәым",- иажәа иациҵон азиндырҩы,- "иахьа аштабқәа аԥҵоуп, ахылаԥшыҩцәа рацәаҩхеит, агәынамӡарақәа ҟалоит, аха сара сахьахәаԥшуа ала ахы иоужьтәым. Ахараԥса анырацәо игәаӷьыуацәоуп азакәан аилагара, аблақәа рацәахеит",- ҳәа дхәыцуеит ашәарҭадаратә хеилак ахада ихаҭыԥуаҩ.

Сколонка саналагоз зыӡбахә сымаз, змашьына зҭииз арԥыс абри азҵаара аҭак абас исиҭеит: "Еилыскаауеит азакәан зегьы ирзеиԥшны иҟамлар шалшо, абӷа змоу дацәцар шауа, аха схатәы сҳәозар, маӡала, азин еилаганы ақәыргылара сзыгәаӷьӡом, ахараԥса ахә ас иҳаракхар".

Аҭакԥхықәа аиҟәшара

Адепутат Алмас Џьапуа иҳәамҭаҿы, далацәажәон, заагарҭа маҷу рзы ахараԥса акыр еиҵазарц шахәҭоу. Аекономика аинститут ахада Заур Шьалашьаагьы, азакәан еилазго рҭакԥхықәра еиҟароутәыр иашам "еиҳа змоу еиҳаны иқәшәар ауп" иҳәоит, аха иара убри аамҭазы иара дақәшаҳаҭуп азакәан алагалақәа рзура, ахараԥсақәа рырџьбарара.

Амаинингқәа рԥеиԥш

Ҳазҭагыло аамҭазы амаинингқәа рхарахәара азин ыҟам рашәарамза алагамҭанӡа. Амилициагьы, аштабқәагьы иаарыцҳауеит афермақәа раҿыхра ишаҿу. Ҿырԥштәыс иаагозар ажьырныҳәа 23 рзы мацара ААУ рминистра ишаанацҳауа ала иаҿыхын 25 МВТ нызхуаз амыругақәа. Иаҿырхуазаргьы, амаининг хашәалахәы актуалра амоуп.

Аслан Барателия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бараҭелиа: "сгәыла амаининг изықәгылоуп" ҳәа аӡәгьы иҳәараны дыҟам

Аԥсны аҳазалхырҭатә комитет ахада Гәырам Инаԥшьба аинформациа исиҭаз ала, аконтеинер дуқәа рыла аҳәаа иахыганы аагара аԥкра амазар, хаҭалатәи аҭагалаҩцәа еиуеиԥшым амҩақәа рыԥшаауеит, акы-ҩба ирыдамзаргьы маӡала аагаразы. "Абарҭ ҩымш аӡәгьы даҿамшәац, аха быжь мыругак рҭагалара аанкылан хымш раԥхьа",- иҳәеит аҳазалхҩы хада. Даҽа ганкахьала ачынуаҩ иазгәеиҭеит "Аԥсны иҭыганы амыругақәа зго ыҟоуп" ҳәа. "Азин аныҟаз, шаҟа ааргоз ҳбон, азин анамырх џьара иҭаҵәахны иҭаргаларц иалагоит", - иазгәеиҭеит Инаԥшьба. Ари иаҳнарбоит "амаининг ҿкы" азҵаатәы азы макьана акәаԥ шыргылам.

Амаининг аԥеиԥш азы, Аԥсны ахада "бизнес бзиоуп" ҳәа азгәеиҭахьан. Ахашәалахәы аҳәынтқарра иазаанагар алшоит ҳәа, ахҳәаа азуны ауп Аԥсны аиҳабыра ахархәаразы аԥкра иҟаз амхны, алегализациа азура амҩа изанылаз. Аха, абраҟа иҟалеит агха. Ухыза заҟароу дырны, ушьапы еиҵых рымҳәои. Аԥсуа енергетика иамаз алшарақәа гәамҭаӡакәа иҟалазар ҟалоит аиҳабыра рхәыцра.

Аекономист Заур Шьалашьаа сиазҵааит амаининг аԥеиԥш азын. "Наҟ -наҟтәи аԥеиԥш, уи аҳәынҭқарра ахылаԥшуа, измо зегьы асиа иҭагаланы, нас убригьы афымцацәаҳәа иҳауа иалшо иалымшо еилыргатәуп",- иҳәеит иара. Анаҩсан, аекономика аинститут ахада ишибо ала, аҳәынҭқарреи ахатә ус иаҿуи реизыҟазаашьақәа ҳәаақәҵазароуп, апартниортә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылатәуп. "Аханатә иазылхымызт амҩа" ҳәа дахцәажәеит иара, ҳаԥсҭазаара шьақәзырҟьаз амаинингтә бизнес.

Лампочки  - Sputnik Аҧсны
"Уаанӡатәиқәа" ирхароуп шаҳҳәоз, иахьа ҳахьыҟоу ҳааит: афымцалашара апроблема иазкны

Ари абизнес анагӡаразы иазхома иҳамоу афымца ҳәа исҭаз азҵаатәы азы: "Иҟазароуп альтернативатә фымцарҿиагақәа, ГЕСқәа, мамзаргьы аԥхарратә енергетика", аҭак ҟаиҵеит аҵарауаҩ. Ари аҩыза аидеиа акыр аус зыдуалатәу зҵаарахап, убри аҟынтә "уажәазы иаанкылатәуп" ҳәа аҵаҳәа ҳаиҭоит аекономист Шьалашьаа. "Аԥхьа ақәҵарақәа ҟарҵоит ҳара ҳҿы, нас оуп ариашара ианалаго", -ҳәа иажәа хиркәшеит аекономика амҩақәҵара ззанааҭу аҵарауаҩ. Шәынтә изаны, знык иԥҟа – абри ауп сгәанала иагхаз сынтәатәи аенергетикатә коллапс. Уажәшьҭа инхеит адепутатцәа апрезидент ирыдигалаз адгылара арҭоу иарымҭоу азыԥшра…

Аӡын аӷьырак мҩасхьеит, аха ааԥын ааирагьы ааигәам. Аштабқәа аԥҵаны амаинингқәа рҿыхразы аусура цозаргьы, абзазаратә техника иагом, алашара макьаназы ҳаҩнқәа рҿы иҭаауп. Ҳазҭагыло аамҭазы COVID-19, нас амаининг роуп Аԥсны зҵаатәы хаданы иқәгыло.

Аҿкычымазара аиааиразы алаҵа аҟаҵара хәшәны иахәаԥшуа ыҟазар, амаинингқәа риааира – азакәан арџьбара захьӡу "алаҵоуп" гәыӷрас иҟоу. Уаҳа даҽа хәшәык ыҟам.

Цәыббрамза 2020 шықәса анҵәамҭазы, 2018 ишьақәыргылаз "акриптовалиутақәа рмаинингқәа рхархәара ҟалом" ҳәа иҟаз аԥҟара амхны, Аԥсны аиҳабыра азин ҟарҵеит ари абизнес арҿиаразы. Уаанӡа, закәанла "иҟалом" ахьӡын, аха зинда уи абизнес иаҿыз маҷҩымызт, избанзар амаинингқәа рхархәара шыҟамлозгьы, рҭагалара азин ыҟан. Акыр еиҩысҭааз аԥҟара, цәыбррамзазтәи ақәҵара анацла, аенергетикатә кризис аҿы ҳаанагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0