Шьаҿацыԥхьаӡа иара ихаҿсахьа лаша ҳҿалашалоит: Алықьса Џьениа игәалашәаразы

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа Џьениа Алықьсаокумент
Џьениа Алықьсаокумент - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабран 21 рзы аԥсуа шәҟәыҩҩы Алықьса Џьениа диижьҭеи 91 шықәса ҵит. Уи ирҿиаратә мҩеи иуаажәларратә усуреи ртәы дазааҭагылоит, насгьы игәалашәараҿы дшаанхаз атәы ҳзеиҭеиҳәоит апоет Анатоли Лагәлаа.

Иахьа ҳаԥсуа литератураҿы иналукааша апрозаикцәа хәҩык рхыԥхьаӡара ҳауҳәар ҳҭахуп ҳәа шьоук аасыдгылар, сара даара бзиа избо апрозаикцәа убарҭ ахәҩык рхыԥхьаӡараҿ даласҵоит Алықьса Џьениа! Избанзар, уи сара саныхәыҷыз аахыс зырҿиара сгәаԥхо, зышәҟәқәа сыхчы иаҵаҵан сыцәоз, урҭ исзаадыртуаз амаӡақәа сыԥсҭазаараҿы акырӡа исыхәаз, наҟ-наҟ иара сара схаҭа сырҿиараҿгьы анырра бзиа сызҭаз, иҵаулоу шәҟәыҩҩуп.

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа Алықьса Џьениа
Шьаҿацыԥхьаӡа иара ихаҿсахьа лаша ҳҿалашалоит: Алықьса Џьениа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2021
Алықьса Џьениа

Сара журнал "Алашараҿ" зегь раԥхьаӡа санымҩахыҵ, усҟан аабатәи акласс аҿы стәан, сҩымҭа хәыҷқәа зныз атетрад аасымхны ирыԥхьаз, иагьсыдзырҽхәалаз иара иоуп. Усҟан иара ажурнал аредактор хадас дыҟан… Урҭ ашықәсқәа ахаангьы исхашҭӡом… Саб аредакциақәа рахь симан дныҟәон, ашәҟәыҩҩцәа сыдирдыруан, избанзар, нас излеилыскааз ала, сабгьы сара сеиԥш дышхәыҷыз аҩра далагахьазаарын, аха нап идызкылоз аӡәгьы даныҟамла, хәыҷы-хәыҷла ихьшәашәазаап игәаҿы апоезиа… Убри аҩыза саргьы исмыхьырц азы акәхап, салагашьа аниба, абри ак илазар ҟалап, ашәҟәыҩҩцәа дызҿу дсырбар, маҷк дыргәаԥхар, издыруада акы дазкылсыр ҳәа, сшыхәыҷыз аредакциақәа рахь сдәықәигалеит…

Ахаан исхашҭуам, ҳазҭаз автобус Кьалашәыр шыҟаз ианааилак, Аҟәа ианазааигәахалак, сгәы аҭыԥа-ҭыԥара ишалагоз, избанзар ашәҟәыҩҩцәа рахь анеира, аредакциақәа рахь амҩахыҵра даара сацәыԥхашьон…

Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Аԥсуара ахьчара зыԥсҭазаараз: ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг диижьҭеи 89 шықәса ҵит

Убас еиԥш иҟаз саби сареи ҳныҟәарақәа рҟынтәи иахьагьы ихааӡа исгәалашәо раԥхьа исыргылоит ашәҟәыҩҩы Алықьса Џьениа иахь амҩахыҵра. Ишысҳәахьоу еиԥш, усҟан уи "Алашара" даредактор хадан, урҭ рредакциа ыҟан иахьа ибылны игылоу Ленин иашҭа иқәгылоу жә-етажк иҟоу аиҳабыра рыҩны авара, иара х-еихагылак аман. Алықьса аҩбатәи аихагылаҿ имаӡаныҟәгаҩи иареи тәан, егьырҭ аредакциа аусзуҩцәа зегьы ахԥатәи аихагылаҿ. Саби сареи ҳаныныҩнала, даара дҳаигәырӷьан аԥсшәа ҳаиҳәеит, избанзар уи иаразнак илаԥш ақәшәеит сара сарӷьа нап иакыз атетрад иаҵәа!

"Ари аҷкәын ажәеинраалақәа иҩуазар акәхап!" - дычча-ччо раԥхьа сара снапы сымихит, нас саб дхырхәан аԥсшәа ааиеиҳәан, инапгьы имихит.

"Аиеи, цәаҳәақәак иҷышәқәоит, издыруада акы иаԥсазар?!" - сабгьы ишызбоз сара сеиԥш дааԥхашьеит, анаџьалбеит, абри иеиԥш иҟоу ауаҩы иаамҭа баша ицәаҳамгандаз игәахәзар акәхап…

"Иџьаушьаша, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы аҩра жәеинраалала ҳалагеит, нас аиҳараҩык апрозахь ҳаиасит!" - Алықьса аҽыгәҽыгәҳәа дааччан, стетрад хәыҷ аасымихит. Нас ҳара ҳахьтәашаз наҳирбан, иара жәабаҟа минуҭ, стетрад хәыҷ ианыз ахы инаркны аҵыхәанӡа илаԥш ахигеит, карандашьла иахьавишьқәазгьы ҟалеит… Аҵыхәтәан, урҭ дрыԥхьан данаарылга, ихы ҩышьҭихын, саб иахь ҿааиҭит:

"Ари абаҩхатәра имоуп, уаргьы ҳаргьы ҳаицицхраароуп!" - ҳәа.

Сара, урҭ рҩыза ажәақәа ирзыԥшымыз, мҵәыжәҩада ажәҩанахь сыԥрырц акаасыгымхеит!

Владимир Ахиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2021
Апоезиа зыԥсҭазаараз апоет: Владимир Ахьиба диижьҭеи 83 шықәса ҵит

Нас, дызхатәаз истол аганахьшәа иақәгылаз акнопка еиқәаҵәа днақәыӷәӷәан, имаӡаныҟәгаҩ ԥҳәызба илеиҳәеит Мушьни Миқаиеи Витали Амаршьани иара иҿы илбаарц. Урҭ шәымҭақәак рыла ианылбаа, дрыҳәеит, даара смаршәа кны, сҩымҭа хәыҷқәа ирыԥхьарц, еилдыргарц, ирыцхраарц, гәаӷь хәыҷык шыҟаз агәра диргеит. Даргьы, саби сареи даара пату ҳақәҵаны, ҳаԥхьа игыланы, хыхь дара ахьтәаз аредакциа ауадахь ҳаргеит…

Убри нахыс, ашкол саналга, Аҟәатәи арҵаҩратә институт санҭала, иареи сареи еиҳагьы ирлас-ырласны ҳаиқәшәон, илаԥш ҵар схын, сҩымҭак акьыԥхь абар, иара иаразнак даԥхьон, шамахак игәаанагара самҳәакәа соуимышьҭыцызт…Иџьаушьаша, ҳара ҳабиԥара, иара ҳара акырӡа ҳашиеиҵбацәазгьы, ҳанибалак, иаразнак каҳуажәра ҳнеиԥхьон, дмыццакыкәа дҳалабжьон, даара акырынтә иҳаиҳәахьан игәы иаланы, ҳара ҳабиԥара аҵкыс, шәара бзиа шәеибабала, пату еиқәышәҵала, шәеихӡыӡаала ҳәа…

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа А.Аџьынџьал, А.Џьениа, А.Гогәуа, А.Зыхәба, Ш.Ҷкадуа, Ҷ.Џьонуа, Ц.Киут
Шьаҿацыԥхьаӡа иара ихаҿсахьа лаша ҳҿалашалоит: Алықьса Џьениа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2021
А.Аџьынџьал, А.Џьениа, А.Гогәуа, А.Зыхәба, Ш.Ҷкадуа, Ҷ.Џьонуа, Ц.Киут

Ахаан исхашҭӡом, ишкәакәаӡа "Волга" ҭбааҭыцәк дақәтәан, уи есымша ашьҭахьтәи абагаж ашә акӡомызт, алабыҵә авҵаҵан иман. Енвер Ажьибеи сареи иахьгылаз ҳишьҭуан, "уа аччаҳәа ишуа уаткак ҭагылоуп, иаажәгеишь, ҳазхарагьы ҳагьааинарцәажәап!" иҳәон… Ҳаргьы раԥхьаҵәҟьақәа ҳаԥхашьон, аха нас, ҳаб иҳаԥшьаҭра ҳаҵалозшәа, ҳгәырӷьаҵәа амашьын ахь ҳҿынаҳхон!

Алықьса Џьениа, ишыжәдыруа еиԥш, қәра дук нимҵӡеит, исакьаҳәымҭа дышҭагылаз машәырла дҭахеит аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ашьҭахь… Уи ибеит аԥсуаа ҳиааира, дахаанхеит иара иабиԥареи иареи акырӡа шықәса иззыԥшыз агәырӷьара дуӡӡа - Аԥсны Ахақәиҭра! Уи хьаҳәа-ԥаҳәада инапы аҵаиҩит 130-ҩык ҳаинтеллигенциа 1977 шықәса рзы ЦК КПСС Иреиҳаӡоу Амаӡаныҟәгаҩ Л.И. Брежнев иахь ирҩыз "Аԥсуа шәҟәы". Убри иахҟьаны, иара ажурнал "Алашара" редактор хадас дахьыҟаз дамырхит, аха хьаасгьы имкӡеит, избанзар уи ижәлар зегьы ирусын, ирхьаан, ажәлар рус еиҳаз акгьы ыҟаӡамызт иара изы!

Алықьса Камыгә-иԥа дравторуп жәаҩа шәҟәы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ажәабжьқәеи, аповестқәеи, ароманқәеи: "Сышьха қыҭа", "Ақалақь иаҵәа", "Ацәаҟәа аабатәи аԥштәы", "Аӡы аԥсра", "Иалкаау", "Агәнаҳа уаҵамлан, сашьа", "Анымираҳ - ҩыџьа рынцәахәы", "Адокументтә повестқәеи ажәабжьқәеи", "Ажәабжьқәеи аповестқәеи". Урҭ зегьы, иара акырынтә иҳәо саҳахьан, хәынтә-хәынтә ишхиҩылаахьаз, иџьабаа ӷәӷәа шрыдыз, аха зегь акоуп, зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы, еиҭах акык-ҩбак инапы рыҵгара дшазыхиаз, игәы иҭыхоз иҵегь дирҳәар шиҭахыз…

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа Алықьса Џьениа дназлоу ашәҟәыҩҩцәа Л.Н. Толстои Иаснаиа Полианаҿы иҟоу иаҳҭынрахьы амҩа иқәуп. 1974 ш.
Шьаҿацыԥхьаӡа иара ихаҿсахьа лаша ҳҿалашалоит: Алықьса Џьениа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2021
Алықьса Џьениа дназлоу ашәҟәыҩҩцәа Л.Н. Толстои Иаснаиа Полианаҿы иҟоу иаҳҭынрахьы амҩа иқәуп. 1974 ш.

Алықьса Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа дрылахәын, уи аҵара инарҭбаан иман, далгахьан Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, иара убасгьы ҩышықәсатәи аҵара дахысит Москва М.Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҿы еиҿкаау Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа. Аус иухьан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҿы корреспондентс, акультура аҟәша аиҳабыс, иара убасгьы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аҿы алитература аҟәша аиҳабыс, ажурнал "Алашара" аредактор хадас, ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аиҳабыс, Аԥсны Ашәҟәы абзиабаҩцәа рхеидкыла аиҳабыс.

Ашәҟәыҩҩы иара иҩымҭақәа рнаҩсгьы есымша дрызҿлымҳан ҳаԥсуа доуҳатә культура иазааигәоу аҩымҭа дуқәа ҳбызшәала рырцәажәара, ҳаԥхьаҩцәа дырдырра, алитературатә еимадара бзиақәа реиҿкаара. Уи аԥсшәахь еиҭеигахьан аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩцәа ражәабжьқәеи рповестқәеи рацәаны. Уи еиҳарак аиҭагараз дрызҿлымҳан аурысшәахьтә, абаза бызшәахьтә, аҟабарда бызшәахьтә, ачерқьесс бызшәахьтә, ауаԥс бызшәахьтә, ақырҭ бызшәахьтә: А.Моравиа, К.Г. Паустовски, В.П. Астафев, А.Несин, Б.Х. Ҭхаицухов, А.Н. Охтов, П.Т. Мисакова, А.А. Шогенцуков, О.Ш. Иосилиани, В.М. Гоглоев уҳәа убас ирацәаҩны.

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аилазаара
Шьаҿацыԥхьаӡа иара ихаҿсахьа лаша ҳҿалашалоит: Алықьса Џьениа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2021
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аилазаара

Ҳаԥсуа литературатә критикаҿы ашәҟәыҩҩцәа зегьыҵәҟьа ирқәашьӡам инарҭбаан рҩымҭақәа рӡыргара, рыхцәажәара, рыларҵәара. Уи аус аҿы Алықьса Џьениа анцәа илаԥш хаа ихын, избанзар уи ирҿиамҭақәа рыхцәажәара инарҵаулан имҩаԥыргахьеит иналукааша ҳакритикцәеи ҳашәҟәыҩҩцәеи: А.Аншба, С.Зыхәба, В.Бигәаа, У.Аҩӡба, М.Лашәриа, Б.Гәыргәлиа, Ш.Салаҟаиа, Р.Қапба.

Академик Ш.Салаҟаиа Алықьса Џьениа 2010 шықәса рзы "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы" хә-томкны зҭыҵра иалагаз ишәҟәқәа раԥхьажәаҿы иазгәеиҭоит: "Алықьса Џьениа иҩымҭақәа ихадоу зеиԥш цәаҩас ирымоу - урҭ зегьы, шамахамзар, ҳазну аамҭа иахьазку ауп. Иаҳҳәап ироманқәа "Ацәаҟәа аабатәи аԥштәы", "Анымираҳ - ҩыџьа рынцәахәы" аԥсуа қыҭа, 1930 ашықәсқәеи, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи, уи иацааиуаз раԥхьатәи ашықәсқәеи ирыхьӡынҩылоуп.

Джума Ахуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2020
Зыжәлар рыгәҭа игылаз ашәҟәыҩҩы: Џьума Аҳәба изкны

"Абна амаӡа" акәзар, Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку раԥхьаӡатәи документалтә романуп, фырхаҵа хадасгьы иагәылагылоу Белоруссиатәи абнаршәырақәа рҿы апартизантә қәԥара напхгара азызуаз аԥсуа еибашьҩы-гәымшәа Давид Зыхәба иоуп. Ари ароман аԥҵаразы автор акыр аус рыдиулеит архивтә материалқәа, иара убасгьы, уи зныкымкәа-ҩынтәымкәа днеит, инарҭбаан диҿцәажәеит ароман афырхаҵа хада. Убри иабзоуроуп ароман ахҭыс хадақәеи ахаҿсахьа хадақәеи лакҩакрада рыгәра уго иахьыҟалаз.

Лымкаала иазгәаҭатәуп ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, 1999 шықәса рзы иҭыҵыз уи идокументалтә повестқәеи иажәабжьқәеи реизга "Рақәшәашьа рхаҵашьахеит". Ари аизга еиднакылоит ашәҟәыҩҩы аԥсҭазаараҿы иҟалаз ахҭыс иашақәаҵәҟьа шьаҭас ирыҭаны иааирыԥшыз аԥсуа-қырҭуатә еибашьраҿы имҩаԥысуаз ахҭыс гәыҭшьаагақәа".

Ашәҟәыҩҩы ишәҟәы "Иақәшәашьа ихаҵашьахеит" аԥхьажәаҿы иҩуеит: "Абраҟа зыхьӡ сымоу Џьон Ӡиӡариа ихала ибаҟа ичаԥеит. Уи иадгалатәым маҭәахә ҷыдак, ихәыцу, ихыҭҳәаау ажәак, иаҭахым арԥшӡара, арашы ахҭәалара, иазхоит иара иҟаиҵаз агәымшәара, афырхаҵара, ахьӡ-аԥша".

Шьамтәыа инхо Амаршьанқәа рԥылараан Акәын Ҵәыџь игәараҭаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2020
"Амца аҿҿаҳәа изкыз": зыламыс заԥхьа изыргылоз Радион Ҵәыџьба игәаларшәаразы

Алықьса Џьениа заамҭа аҿахәы зҳәаз шәҟәыҩҩуп… Уи илшеит ҳлитератураҿы уаанӡа иҟаз атрадициа дуқәа рықәныҟәара, рыцҵара, аԥхьаҩ ахара ирԥшра, ирхәыцра, иргәырҩара, иргәырӷьара. Иҟалап, иаџьал ас ианакәымыз ихьымӡазҭгьы, иԥышәеи, идырреи, ибаҩхатәреи иҵегь ихатәраз ҩымҭа дук ҳажәлар ирхыргаз аибашьра иазкны аԥҵара дахьӡазҭгьы… Аха, уара иуҳәо анцәа иануцимҳәо, иара анцәа ихаҭа абаҩхатәра ҟаимаҭ злаҵаны иишаз ауаагьы иаалырҟьан рымҩа ацгәеиқәаҵәа ихнаҵәоит, ирҳәаз, ирҩыз рызирхоит, уинахыс рус иацызҵогьы, абаҩхатәра рылаҵаны рцәыргара иараӡәк иоуп изылшо… Уи уаҩ дзаԥырхагахаӡом, избанзар, уи иара Анцәа ихаҭа иусуп, досу иара иҳәаақәа идыруеит, дызхымԥо, дызҵымԥо…

Ҳара дҳаман ашәҟәыҩҩы ду, уи лахьынҵас анцәа дҳаиҭеит, ҳара дҳацуп, ҳара егьа хара ҳцаргьы, ҳхынҳәны, ҳамҩа иара ила ҳаиҭалагароуп, ҳахьынӡааихьоу ҳхамышҭырц азы, шьаҿацыԥхьаӡа иара ихаҿсахьа лаша ҳҿалашалоит…

Ажәабжьқәа зегьы
0