"Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә": Таиф Аџьба игәаларшәаразы

© Foto / из личного архива семьи АджбаПоэт Таиф Аджба на сухумском причале
Поэт Таиф Аджба на сухумском причале - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 11, 1939 шықәсазы диит аԥсуа поет, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз Таиф Аџьба. Уи иуаҩреи ирҿиареи ирызкуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.

Таиф иирамш ааигәахацыԥхьаӡа, иара идҳәалоу даҟьак аасыртларц агәаҳәара сымоуп. Инысымҩаҿы макьанагьы ицәыргам ыҟазар ҟалоит, убри аҟынтә, агәалашәарақәеи ахәыцрақәеи ранҵара еснагь хра амазар акәхап, иара дыздыруаз ҳаҟанаҵы.

Таиф Аџьба диит аҭаацәара ду аҿы. Иаб Аџьы Шьаадаҭи иан Елениа Бганԥҳаи 11-ҩык ахшара рхылҵит: хәҩык аҭыԥҳацәеи фҩык ахацәарԥари. Иахьа зыԥсы ҭаны инханы иҟоу Таиф иашьа Вова иоуп. Аамҭа уадаҩқәа рзы ирызҳауан Таиф иашьцәеи иаҳәшьцәеи, амамзаара инаркны зегь ирхыргоз даргьы ирхыргон, аха ран Абганԥҳа лыхшара амла иалыркуамызт, уи азы лхы аџьыка ықәылхуан рҳәоит дызгәалашәо агәакьацәа.

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаШьаадаҭ Аџьба иҭаацәара ду. Ҵаҟа ашәҭқәа кны игылоу Таиф хәыҷ иоуп.
Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә: Таиф Аџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Шьаадаҭ Аџьба иҭаацәара ду. Ҵаҟа ашәҭқәа кны игылоу Таиф хәыҷ иоуп.

Елениа илымаз ахшара рнаҩсан, дара ашкол иазааигәаны иахьынхоз аҟынтә, рыҩны иаангылон ашкол иацәыхараз рыуацәа рхәыҷқәа. Абарҭ зегь дымгәамҵкәа рымаҵ луан. Елениа дыԥҳәыс ҭынчын, ачҳара ду лылан, аха лыхшара лажәа иахымԥо иҟан.

Таиф дахлафаауа сара исаҳауа акырынтә еиҭеиҳәахьан, атетрадқәа ааихәарц азы иан ларбаӷь иманы Гәдоуҭа аџьармыкьахь дышцаз. Амҩа данықәлоз, Елениа лыҷқәын иалҳәазаап арбаӷь заҟаҳәа иҭишаз. Таиф хәыҷ аџьармыкьаҿы дахьнеиз, иан иалҳәаз ахә ала иарбаӷь ду изымҭит, "иагьа сҳәандазгьы, уи ахә ала иаарымхәеит" иҳәон, ихы-иҿы аччаԥшь ықәыххуа уи амш игәаларшәо. Иан лҳәатәы дахыԥозма? Иарбаӷь иманы ахәылбыха аҩныҟа дгьежьызаап. Иара абри ихашҭуамызт, маҷк иагырханы иҭир шауаз ихаҿы иахьымааиз дахыччо.

Аџьы Шьаадаҭ ихшара зегьы аматематика иазҟазан, хҩык афизикеи аматематикеи арҵаҩы изанааҭ алырхит, иҟоуп атехникатә занааҭ уҳәа, аматематика шьаҭас измаз азанааҭқәа знапы алакыз ихшара. Саҳәшьа Римма (Таиф иԥшәма) ишазгәалҭо ала, аҭаацәа шдузгьы, еиқәгәамҵуамызт, "рыбжьы ҭыганы ахаан ицәажәо смаҳацызт" лҳәоит лара. Рыԥсҭазаараҿы кыр рыҭра иҭзырҟьашаз ахҭысқәа аныҟазгьы, ҭынч, ҭаацәашәала ирыӡбуан "рхылԥа ыршәны ауаа ирыламыжькәа".

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаТаиф Аџьба иԥшәма Римма Коӷониаԥҳаи, иԥеи, иԥҳаи, Елеонора Коӷониаԥҳаи.
Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә: Таиф Аџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Таиф Аџьба иԥшәма Римма Коӷониаԥҳаи, иԥеи, иԥҳаи, Елеонора Коӷониаԥҳаи.

1968 шықәсазы иҭыҵыз раԥхьатәи ишәҟәы "Ажәеирнраалақәа" рҿы иануп апоет иҭаацәара рҟазшьа бзианы иаазырԥшуа "Уааи сыҩныҟа" захьӡу ажәеинраала:

Лнапы ыргьежьуа сан дуԥылап,

Аԥсшәа уеиҳәап саб дыччо,

Наҟ-ааҟ сашьцәа ааувагылап,

Саҳәшьа дцәырҵып дыԥхашьо…

Сара дсымбацызт Таиф иаб, иара ҳаиҭанеиааиаанӡа идунеи иԥсахит, аха иан Бганԥҳа знык сасра Аҟәа дара рҿы даныҟаз слыхьӡеит. Аиашазы, лҭынчра раҳаҭрак узаанагон. Иан лхаҿсахьа иазкуп иҟаимаҭу иажәеинраала "Сан":

Сынҭалеит уа ҳашҭа икеикеиуа,

Аарла схыԥшылоит блакҭа.

Блакҭа хаа – зегь реиҳа ишеишеиуа,

Зегь реиҳа изырҟәандо слакҭа…

Таиф ианизҳауаз ақыҭаҿы аколхоз амаҵ аназутәыз аамҭан, аха Шьаадаҭ ихшара аҵара иазлазгагаз ала, "аҭаҭынҿыхра ианцозгьы, рышәҟәқәа рывакны аус руан" - еиҭалҳәоит саҳәшьа ланхәа лажәақәа. Иахьа ахәыҷқәа ашәҟәыԥхьара уамак ишырҭахым анубо, ари лакәҵас иудукылоит.

Апоет Таиф Аџьба ашкол даналга, афизика–математикатә факультет дҭаларц иҽазишәеит, аха даанамхәеит, нас арра дцаны данаа, афилологиахь ихы ирхеит, иԥсабараҿ апоезиа еиҳа аԥыжәара шагоз гәаҭаны. Апоезиоуп, аиашазы, иара иԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ аанызкылоз.

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаТ. Аџьба Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа ицалгаз иҩызцәеи иареи С. Есенин иԥсадгьыл ианаҭааз (1984 ш.)
Т. Аџьба Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа ицалгаз иҩызцәеи иареи С. Есенин иԥсадгьыл ианаҭааз (1984 ш.) - Sputnik Аҧсны
1/3
Т. Аџьба Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа ицалгаз иҩызцәеи иареи С. Есенин иԥсадгьыл ианаҭааз (1984 ш.)
© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаАстудентра ашықәсқәа раан (1963 ш.). Арӷьарахьала итәоу Т. Аџьба иоуп
Астудентра ашықәсқәа раан (1963 ш.). Арӷьарахьала итәоу Т. Аџьба иоуп - Sputnik Аҧсны
2/3
Астудентра ашықәсқәа раан (1963 ш.). Арӷьарахьала итәоу Т. Аџьба иоуп
© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаТаиф Аџьба данстудентыз ашықәсқәа раан
Таиф Аџьба данстудентыз ашықәсқәа раан  - Sputnik Аҧсны
3/3
Таиф Аџьба данстудентыз ашықәсқәа раан
1/3
Т. Аџьба Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа ицалгаз иҩызцәеи иареи С. Есенин иԥсадгьыл ианаҭааз (1984 ш.)
2/3
Астудентра ашықәсқәа раан (1963 ш.). Арӷьарахьала итәоу Т. Аџьба иоуп
3/3
Таиф Аџьба данстудентыз ашықәсқәа раан

1989 шықәсазы иҭыҵыз "Аныҳәаԥхьыӡ" захьӡу ишәҟәы аԥхьажәаҿы Таиф иҩуеит: "Акы заҵәык сацәымҩашьо агәра згоит: шарамшак иакәымзар, ауаҩы еибга апоезиа бзиа имбо дзыҟалом", - ҳәа. Таиф Аџьба ипоезиа хәарҭара шалаз хымԥада ихаҭа агәра игон, "Пушкин ишьҭахь ажәеинраала аҩра гәаӷьыуацәоуп" ҳәа ихы дахлафаауазаргьы.

"Маҷк иадамхаргьы, аԥхьаҩ идоуҳатә ԥсҭазаара џьара акала сышәҟәы иханарҭәаауа изыҟалар – усҟан ауп сара сааԥсара анылҵшәадамхо. Аԥхьаҩ шаҟа инаҭо – абри ауп авторгьы иауа, ишәҟәаҟынтә лҵшәас дыззыԥшу", - иҩуан Таиф, баша аџьа шимбо азы агәыӷра иманы.

Ииашоуп, аибашьра ашьҭахь хабарда даныбжьаӡ акәзар ҟалап инеиԥынкыланы апоет Таиф Аџьба ипоезиа ажәлар ианрылаҵәа. Аҭоурых аҿы ус аныҟало ыҟоуп. Ус акәзаргьы, апоет асовет аамҭазгьы иҩымҭақәа гәцаразкхьаз маҷҩымызт. Ажурналист Ҭина Қорсаиаԥҳа аибашьра аԥхьа дызлагаз алитературатә дырраҭарақәа рӷьырак рахь иара ааԥхьара илҭон, апартиа иадҳәаламыз апоетцәа рӡыргара уамак ишыманшәаламызгьы. Сара исгәалашәоит ҭелла дизасны астудиахь днеирц азы ааԥхьара анилҭоз. Иара дыԥхашьаҩын, аҽцәыргара дазҟазамызт, аха Ҭина уи дақәшаҳаҭхаанӡа аҭел шьҭалҵомызт.

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаТаиф Аџьба иколлегацәеи иареи
Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә: Таиф Аџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Таиф Аџьба иколлегацәеи иареи

Аибашьра иаццышәит Аԥсуа телехәаԥшра архив, уахь иаҵанакуеит Таиф дызлахәыз адырраҭарақәагьы, аха насыԥны инхеит, хазы акассетаҿы Ҭина иҵәахны илымаз еиҿцәажәарак, уи аефир ахь ашьҭрагьы иахьымӡацызт, ишысгәалашәо ала. Уаҟа апоет диҿцәажәоит ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа. Абри акзаҵәык ауп, хрыжь-хрыжь ицәажәоз, алитература аҿиара иазхәыцуаз апоет иҭынханы инхаз. Иҟам даҽакы, иара исахьа лаша ҳзырбо, Аԥсуа радио иажәеинраалақәа дахьрыԥхьо азынхазаргьы.

Иџьоушьаша, Таиф уи аинтервиу аҿы дызлацәажәо абызшәа апроблемақәа иахьагьы иқәгылоуп. Иара акыр ихьааигон алитературеи акониунктуреи еилаланы иахьыҟоу:

"Асовет литература зегь аҟны иҟаз аидеологизациа ҳлитература аԥырхага анаҭеит. Аԥырхага анаҭеит, избан акәзар ус иҟан аҭагылазаашьа: аидеологизациа ҟалеит мыцхәы, акониунктура ҟалеит, ишԥаҳҳәара, апартиа иаҳәо, аиҳабыра ирҳәо аҽамадара, уимоу, ус ада ашәҟәыҩҩцәа алитературахь изцәырымҵуа", - Таиф абри акониунктура "даара аԥырхага ӷәӷәа ҟанаҵеит" ҳәа иалкааны дахцәажәеит аинтервиу аҿы.

Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2019
Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет

Асовет аамҭазы уи изацәымцаз ашәҟәыҩҩцәагьы ыҟагәышьоуп, аха Таиф  итәы ҳҳәозар, уи иҽшацәигаз илитературатә ҭынха ишьақәнарӷәӷәоит. Апартиа иазку ашәақәа ахьуԥымло хшыҩзышьҭра ауҭозар, убри азын акәхап апартиа иапоетмыз поетны дзыҟазгьы. Таиф аҳра зуаз амчра абла дахьамбоз хьаас имкыкәа, амаҷ ихы алагӡаны дынхон, ипоезиа амаҵ азуа:

Иԥсны ибзамхац илшаӡом

Ажәеинраала аҩра…

Апоет арҭ ацәахәақәа изырҩыз, арҿиара ус шымариам, апоет қьафла адунеи иқәу шиакәым ааирԥшырц акәзар сгәахәуеит, уи иԥсҭазаара аџьахаџьафарақәа шацыз срызхәыцуа. Дсыздыруам ԥсыуа шәҟәыҩҩык, қьафла адунеи иқәыз. Урҭ рӷьыраҩык нхон амаҷ рхы алагӡаны, амал иацәыхараны. Таиф Аџьбагьы убасҵәҟьа акәын. Иара дазыԥшымызт материалтә цхыраарак иҭаацәа рҟынтә. Зегь нхаҩцәан, шылак, ҟәыдк зҳәаз еиԥш ак ирымҭозар, амашьына лас аахәаны дақәзыртәоз абаҟаз усҟан. "Гонорарк соур цәгьам", - иҳәон агазеҭқәа рахь акьыԥхьтә анишьҭуаз.

© Foto / из личного архива семьи АджбаАпоет Таиф Аџьба
Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә: Таиф Аџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Апоет Таиф Аџьба

Асовет аамҭа амалырқәа амазаргьы, ашәҟәыҩҩцәа рзы иахәыцуан аусурҭа ҭыԥқәа. Таиф данҿаз аредакциақәа рҿы аџьа ибозҭгьы, Москва 1985 шықәсазы алитературатә курсқәа данрылга ашьҭахь, уажәшьҭа акыр дхатәраны даныҟала, Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алитературатә консультантс аусура далагоит. Убри аамҭа иалагӡаны арҿиаҩ иаҳасабала илшазгьы маҷым, избанзар уи аусура имнахуаз аамҭа рацәамызт, иара уахь диаргеит аҩразы алшара иоурц.

Акырынтә сазхәыцхьеит, избан асовет аамҭазы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа бзиақәа абырсҟаҩык зеиҵагылаз, иахьа ҳлитература зхьысҳахаз ҳәа?! Иҟалап, усҟан ашәҟәыҩҩцәа профессионалла убри рнапы злакыз ашәҟәыҩҩра мал хаданы ирымазҭгьы? Ԥсҭазаарас ирымаз алитература мацара акәзар?..

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2018
Аибашьра иахәхаз аромантик

Аибашьра анцоз, акыр ишшәарҭазгьы, Таиф дцоит инапҩырақәа еиқәирхарц Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахыбрахь, избанзар уа ишьҭан дзыхӡыӡаауаз илитературатә ҭынха ахәҭак. Таиф Араион ҿыц аҿы дзыҩназ иуадақәа инарҷыданы, даҽа материалтә бзазарак далаҟамызт. Амаҷ ихы алаигӡон.

Цәыббрамза 25, аҩаша ианҵамҭа абас аҳәоит: "Аусура сцаны снапҩымҭақәа сыманы сааит. Атроллеибус ала санцозгьы санаауазгьы апаспортқәа гәарҭон". Таиф дахьнеиз ибла иабаз асахьа абас иҟоуп: "Ҳкабинетқәа, ҳастолқәа, ҳҟәардәқәа зегь ҟәаҟәаса еилажьуп…". Усҟан аҩныҟа иааигаз иусумҭақәа, иахьа илитературатә ҭынха иаӷьыракуп. Абри ахҭыс мацарагьы иаанарԥшуеит апоет хаҭаҵәҟьа ирҿиамҭақәа раҳаҭыразы ашәарҭара дшазцоз. Иҟалап, абас еиԥш иҟаз алитература абзиабара, уи даҽакы иавакны акәымкәа, иара мацара иахьаҿыз акәзар аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ҟаимаҭқәа ииасхьоу ашәышықәса изаҳнаҭаз?

© Foto / из личного архива семьи АджбаАпоет Таиф Аџьба
Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә: Таиф Аџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Апоет Таиф Аџьба

Таиф Аџьба аполитика ду дшаламызгьы, зегь акоуп, имшынҵа, иуаажәларратә поезиа рҿы аԥсуа зҵаатәқәеи аиашареи аԥхьагылара рыман, иажәеинраала "Апоет уахь" аҿы абас ааԥхьара ҟаиҵоит:

Иҳәа зегь шыҟоу, ишуныруа

Уара ухаантәи зегьы…

Аполитикатә публицистика шамаха иҽшалаимгалозгьы, 1989 шықәсазы агазеҭ "Республика Абхазия" азы Аџьба иҩит астатиа "Яблоко - не груша". Сара дысзаԥхьеит аредакциахь игаанӡа.

Поэт Таиф Аджба на сухумском причале - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2020
Иара аԥсҭазаара агәра игон, ма ииҳәарыз Таиф Аџьба иахьа дҳалагылазар

"Иркьыԥхьру, бгәы ишԥаанго?" - дҵааит Таиф, ихаҭа изҵаара аҭак шидыруазгьы.

"Зҵаара хьанҭоуп", - иаҭаскит сахлафаашәа.

Усҟан уи агазеҭ ақырҭуа цензура ахаԥаны иҟан ирыдрымкылеит.

"Грузинская периодическая печать пестрит утверждениями такого рода: "Абхазия – неотъемлемая часть Грузии", "Абхазия – это Грузия" -  абарҭ аҳәамҭақәа рҭак абас иҟаиҵоит астатиаҿы Таиф:

"Если даже не станет абхазов в Абхазии и заселить ее полностью грузинами, все равно Абхазия не может быть Грузией. Яблоко – не груша".

Таиф Аџьба еиҳарак ихы-иԥсы ззишьҭуаз ажәеинраалақәа шаны адунеи рықәҵара акәын, аиҭагара, апублицистика инапы шрылакызгьы. Убри акәын б́џьар хадас имазгьы.

"Сара дсыздыруам ашәҟәыҩҩы аполитикаҿгьы ддуӡӡаны, алитератураҿгьы ддуӡӡаны, руак хьысҳахошәа сгәы иабоит", - абас дхәыцуан иара, аполитикеи арҿиаҩи шеимаҭәам аарԥшуа иинтервиу аҿы. Ирҿиамҭақәа зегь ртематика иагәылсны ицоит апоезиа азхәыцра атема:

Сашәа иалаз

Сара сыччаԥшь ашәахәа,

Иҽырбалааит, нас, шәахәала

Са сцәаҳәа…

Иаҳзынхаз апоет ивидеоинтервиу аҿы, апоет дпоетны иҟалара амаӡақәа ирызку азҵаараҿы аҭакс иҳәоит:

"Апоезиаҵәҟьа, алитератураҵәҟьа х-елементк рыла ишьақәгылазароуп: Анцәа иҟынтә маҷк аауазароуп, маҷк, хымԥада, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтәи", - ҳәа.

Таиф Аџьба аибашьра цонаҵы ажәеинраалақәа иҩӡомызт. Сентиабр 3 1992 шықәса рзы имшынҵаҿы абас иҩуеит:

"Апоезиа зынӡа сацәҟьалеит – ииашаҵәҟьоуп ирҳәо: Когда пушки гремят – музы молчат".

© Sputnik / Илона ХварцкияТаиф Аџьба
Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә: Таиф Аџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Таиф Аџьба

Аԥсадгьыл зҭагылаз ауадаҩрақәа поезиатә бызшәала раарԥшра илшомызт, убри азоуп амшынҵа ҩызас изышьҭихыз:

"Иахьа Аԥсны зҭагылоу адрама сахьаркырала аарԥшра мышкызны иаиуп уеизгьы. Аҭоурых – ҭоурыхуп, ицәгьа-ибзиа, иааҟало зегьы гәынкылатәуп, ианҵалатәуп".

Аибашьра алагамҭа нанҳәамзазы иара иҩит аҵыхәтәантәи ԥшь-жәеинраалак: "Агәҽанҵара", "Абыргцәа", "Аҵоура", "Рыӡбахә сымоуп шәҭы быбышқәак".

Нанҳәа мза 5 1992 шықәсазы ихыркәшахеит апоет-алирик ипоезиатә рҿиамҭақәа рҭоурых.

"Сара аԥсҭазаара агәра згон", - абарҭ ахәыцрақәа роуп аҵыхәтәантәи ицәаҳәақәа рфилософиатә хырхарҭа...

Анаҩс еибашьран…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0