Амилаҭеилыхра абзиабара анахәаҽуа: зԥа дызмырхыз аԥҳәыс ллахьынҵа

CC0 / / Одуванчик
Одуванчик  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2021
Анапаҵаҩра
Амилаҭеилыхра ҳәа ауаҩытәыҩса имоу агра бааԥс иахҟьаны арыцҳарақәа акыр ҟалахьеит. Убри аҩыза хҭыск ҳзеиҭалҳәоит Саида Жьиԥҳа.

Ҳарҭ аԥсуаа ианакәызаалак амилаҭқәа зегьы ҳаҭырла ҳарзыҟоуп, уимоу ргәы акы абар ҳәа ҳшәаны рҿаԥхьа ҳхатәы бызшәалагьы ҳцәажәаӡом. Аха иахьатәи сажәабжь иунарбоит гәаартыла ҳаззыҟоу џьоукы-џьоукы ҳмилаҭтә цәаҩақәа шрыдрымкыло, ирыцәтәымны ишырбо. Уажәы зыӡбахә шәзеиҭасҳәо, аха зыхьӡ хаҭа зӡо аԥҳәыс ҳмилаҭ тәамбашақә иазыҟаз аҭаацәа данрыднагала, џьаҳаным закәыз лдырбеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Нинеи Валери (ус рыхьӡыз) рынасыԥ еиларҵарц анырыӡба, рҩыџьегьы 17 шықәса ракәын ирхыҵуаз. Аԥҳәызба дшыхәыҷыз лан лыдунеи лыԥсаххьан, лаҳәшьцәа еиҵбацәан, лыгәҭакы атәы лаб дицәыԥхашьаны иамҳәакәа, бзиа дызбоз атәым милаҭ еиуаз Валера диццеит. Нина лыԥшәма итәылахь нхара дигеит.

Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2020
Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс

"Илылухзеи аԥсуа ҭыԥҳа? Урҭ рҵас, рқьабз узаҵгәару? Насгьы иааурҳауа зегьы рыцәгьа-ыбзиа иахҭнуҵалап", - ҳәа есыҽны Валера иҭаацәа Нина ишлаҳауаз иаҽԥнырҳәон. Аха аҿар аԥсҭазааратә ԥышәа рымамызт, уажәоуп ианеиднагала, адуцәа ражәа хьанҭақәа рхахьы иааргозма, абзиабара иамҽханакны иаман. Ус амшқәа цон, Нина ланхәа "лжьы афара" даҟәыҵуамызт, аҩны акы далакьысыр луамызт, арахь лыҷкәын данааилак "уԥҳәыс акгьы ҟалҵаӡом" лҳәон. Шықәсык ашьҭахь, Валера 18 шықәса анихыҵ, аррамаҵурахьы иԥхьоит. Иԥҳәыс бзиа дшибо, еснагь игәы дышҭазаауа агәра лыргауа иуалԥшьақәа рынагӡарахь дцоит.

Нина лыхьӡ анхәа аламала илҳәаӡомызт, "аԥсуа" ҳәа акәын дышлышьҭаз. Уажәы лхала данлықәиҭха, афатәгьы дахылбаауа далагеит. Нина лԥара хәыҷқәа еиҟәырҷҷо адәқьан аҿы дцаны чак аалгон, ԥсымшьҭыгаҵас днацҳауан, аӡы днахәо. Ус ишыҟаз, аҭаца қәыԥш лымчқәа кәадахо иалагеит. Лыԥсы лылшәшәаны данкаҳа, аҳақьым иԥхьар акәхеит. Анхәа дархагеит Нина лцәалтәымкәа дшыҟаз анеилкааха. Убасҟан Валера иани иандуи ргәы иҭаркит Нина илоуа ахәыҷы ахшара дызмам ргәылацәа дрыҭаны, лара Аԥсныҟа лышьҭра.

Жәымз рышьҭахь аҭаца асаби длыхшеит, уи апроцесс аҩны акәын иахьымҩаԥысуаз. Нина лԥа хәыҷы лнапаҟны днамгакәа, иаразнак ргәылацәа дыргеит. Игәырҩоз ан "баргьы баҳҭахым, ибхылҵызгьы даҳҭахым, бшьапы бшықәгылалак бықәҵ арантәи" ҳәа ларҳәеит. Нина ахьҭақәа шыҟазгьы, хыхьтәи амаҭәа лшәымкәа, лкапеихәыҷқәа амҩақьыра иақәырӡны лҭаацәа рахь дааит. Нина дзықәшәаз атәы игәаӷьны илзымҳәеит, зны дшәеит, нас иԥхалшьеит. Аҩныҟа лаара лхаҵеи лареи реилыҵра иаҵылгеит. Уи заҳаз лаб "дгьыл наӡарак усс ибымази, аԥсуаа нҵәазма" ҳәа даӷьуан.

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2020
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Жәабаҟа шықәса рышьҭахь, "деилыҵны дыҟоуп" ҳәа аԥсуа ҷкәынцәа лгара анырзымгәаӷь, Нина даҽа тәым милаҭк еиуаз диццеит, аха уи Аԥсны датәын азы, лҵасқәеи лқьабзқәеи дырцәымшәеит.

Нина лықәра цацыԥхьаӡа, лассы-лассы лгәалашәараҿы иааиуан "џьаҳаным" илхылгаз ахҭысқәа. Ари амаӡа хьанҭа лаҳәшьцәа аҩынтә раан хаҵа данца ауп ианырзеиҭалҳәа. Урҭ иарҵәыуеит, зны илызгәааит, нас ргәабзиара иаԥырхагахеит, аха иҟарҵагәышьозеи. Ус 50 шықәса нҭыкәкәа ицеит. Нина лмаҭацәа рхатә ҭаацәарақәа аԥырҵеит. Лхаҵеи лареи абыргцәа ишраҭәоу еиԥш ԥшьала аҩны итәеит. Нина лымаӡа лаҳәшьцәеи лареи уаҳа иаламцәажәеит, ус рыбжьара иԥсит.

Уажәааигәа хәылбыҽхак, Нина лҭел аҟны афотосахьақәа дышрыхәаԥшуаз идырым аномер ала аӡәы дылзасит. Атрубка анышьҭылх, лыхьӡи лыжәлеи ҳәаны "бара боума" ҳәа хаҵак длазҵааит. "Ааи" ҳәа аҭак аныҟалҵа, "изҳәо инбыжьыз бԥа соуп, саб аррантә данаа, иҟалаз ахҭыс атәы џьоукы рыла иаҳан, сызгаз агәылацәа срымхны сиааӡеит. Шықәсык аԥхьа иԥсҭазаара далҵит. "Сан хаҭа дарбану" ҳәа еснагьтәи сызҵаара иԥсымҭазы ауп аҭак аныҟаиҵа. Иара даара игәы инархьуан аррахь данца агәылацәа срыҭаны бахьҽыбӡаз, саргьы ибанасыжьуам" ҳәа иҽԥныҳәақәа рҿаархеит. Нина илаҳаз лыԥсы лылнаршәшәан, ахәышәтәырҭахь дыргеит. Лара илыхьыз игәаӷьны илызцәыргомызт, аха уахи ҽни илыдтәалаз лыԥҳа лҿы илыргамар акәхеит. Аҳәсацәа еибарҵәыуо иҟарҵара рзымдыруа ишыҟаз, еиҭа аҭел абжьы геит. Уажәазы аԥҳа ллымҳа ианнадылкыла, "абриаҟара мааҭ аԥара сзаабмышьҭыр, быхьымӡӷ атәы быуа-бҭынха зегьы ираҳартә иҟасҵоит" ҳәа ҿааиҭит. Аиаҳәшьа рыцҳа ахаан илымбацыз лашьа иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаҵаны, аибабара даҳәарц акәын, аха илаҳаз лгәы ҭнашьааит. Нина лԥа ииҭахыз аԥара изылшьҭит, уи ашьҭахь еиҭа, ҽазны, ус жәантәҟа… Аҵыхәтәаны "ашьа ӡӡам, сажәамҭыҽха уеилыскаазааит" лҳәан, иҟаҵәҟьаз аиаша цәырымгакәа, аҭел лырцәеит. Лномер лыԥсахит...

Аԥсҭазаара мцла ианеибарку абзиабара мчыдахозаап, амилаҭеилыхра ауаҩра ашьуазаап.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0