Зыламыс заԥхьа игылаз: апоет Кәасҭа Гьерхьелиа игәалашәара иазкны

© Foto / из архива Екатерины БебияКонстантин Герхелия
Константин Герхелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 89 шықәса ихыҵуазаарын апоет Кәасҭа Герхьелиа. "Алашара ҳзырбо ауаа" апроект иацҵо, шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Анатоли Лагәлаа уи игәалашәара иазкны иазирхиаз анҵамҭа.

"Уаридада, Уаридада,

Уаридада мақәа,

Уа дызҳәада, уа дызгада,

Ԥҳәыс дызгада, хаҵа ицада,

Уаридада мақәа!"

Кәасҭа Гьерхьелиа

Иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы, 89 шықәса ихыҵуазаарын апоет Кәасҭа Гьерхьелиа. Ҳаԥсуа литератураҿы хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы аӷьараҳәа иааиҵагылаз аҿар дрылыҷҷаауа дҩагылеит апоет, ажурналист Кәасҭа Гьерхьелиа. Уи даара агьама бзиа змаз, иҵаулан ихәыцуаз, алаф-хаа зҿаз, зыуаҩра ҳаракыз, зыламыс цқьа есымша заԥхьа игылаз поетын, уаҩын.

© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа Кәасҭа Гьерхьелиа
Зыламыс заԥхьа игылаз: апоет Кәасҭа Гьерхьелиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2021
Кәасҭа Гьерхьелиа

Иара поетк иаҳасабала хыԥхьаӡарала ирацәаӡаны аҩымҭақәа нимыжьӡеит, аха иҭынхаз иахьа иаашьҭыхны уанрыԥхьо агәра удыргоит, уи ииашаҵәҟьаны иҵегь игәабзиареи, иара убасгьы аамҭеи ирҭазҭгьы, иаԥиҵашаз шырацәаз… Уи иаразнак деицгәарҭеит аҟыбаҩ злаз аӡә шиакәыз, имҩа алхра дшашьҭаз, ахара ицоз Аԥсны аҵеицәа дышреиуаз…

Абра иааҳгоит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа игәалашәара ахәҭак Кәасҭа Гьерхьелиа изкны:

Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2020
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа

"Раԥхьаӡа исҳәо убри ауп, А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭкарратә институт санҭала, ҳаибадырит Кәасҭа Гьерхьелиеи сареи. Усҟан иара Аҟәатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт дҭан, сара сеиҳа ақалақь идыруан, ақалақь ԥсҭазаара дашьцылахьан. Иара ԥсабаратә цәаҩала длахҿыхын, ауаҩы инаалашьа дақәшәон, агәаԥхара иҵан. Жәаҳәарада, абаҩхатәра змаз аԥсыуа ҷкәынан, алаф, асамарҟәыл иҳәон аиумор аҵаҵаны, насгьы, ихы-игәы азышьҭны ажәеинраалақәа иҩуан, имилаҭ литература бзиа ибон. Уи ауп зегь раԥхьаӡагьы ҳаизааигәазтәыз, ҳаиҩызцәа бзиақәаны ҳҟазҵаз, ҳажәлар ргәырӷьа, рхьаа ҳныруа аҟынӡа. Кәасҭа Гьерхьелиа дышхәыҷыз иан диԥхеит, иангьы усҟан зынӡа дқәыԥшны аҭаацәара далалт. Абас аԥсҭазаара аҭышәнымтәалара Кәасҭа лоунытә ихьааигаратә аҟынӡа инырит, дарбалыбаҭеит, аха иуацәеи, иҭахцәеи, игәырҵҟәыл бзиеи ирылшеит иҵоуроу ҵеины ауаа рахь акылсра, ихьӡи ижәлеи аԥсуаа рдоуҳатә культураҿы ианхалартә еиԥш".

Кәасҭа заатәи иажәеинраалақәа ирныԥшуан аҭынчратә ԥсҭазаара иазгәыҳәуаз ажәлар ргәамч, алашарахь, аԥсҭазаара бзиахь ирымаз агәаҳәара:

Абрантә иҵҟьоит ашәа хиаала,

Жәҩан ихалоит иҵарӡа.

Аԥша архәмаруа аҳауа иала,

Иаанҿасуам, ицоит хараӡа.

Аҭынчра зҭаху ргәаҵа иҭалан,

Рцәа-ржьы иалсуеит ихааӡа.

Абриоуп аҭынчра зхылҵуа ӷәӷәала,

Аҭынчра иаша агәы разӡа.

Кәасҭа Гьерхьелиа иҽынеиужьны арҿиаратә ԥсҭазаара иҽеиҭартә алшара ахьимоуз азоуп хыԥхьаӡарала ԥшьы-шәҟәык иреиҳаны изизҭмыжьыз. Урҭ иреиуоуп: "Аԥсҭазаара абжьы", "Анарха", "Ацәлаа анышәҭуа", "Ахәыцрақәа ррыԥхра".

© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа Кәасҭа Гьерхьелиа иажәеинраалақәа реизга
Зыламыс заԥхьа игылаз: апоет Кәасҭа Гьерхьелиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2021
Кәасҭа Гьерхьелиа иажәеинраалақәа реизга

Арҭ ашәҟәқәа  рҿы автор илшеит ижәлар рхьааи, ргәырҩеи, ргәырӷьареи раарԥшра, урҭ зырхәыцша, амҩа иқәызҵаша ажәа аҳәара.

Ахәыцрақәа ртыша ҵлашәыра,

Ахра саҿҟьазшәа сҭакәкәа,

Сҭалан сахьлеиуа сгәашыра,

Слымҳаҿ иахылгоит агәгәа.

Ахҭысқәа, ахҭысқәа, ахҭысқәа,

Сырҟьоит, сыркуп сеимрыхха.

Ахҭысқәа, имӷьаз ахҭыԥқәа,

Сгәалашәара иануп ирыӷӷа.

Зегьы-зегь, зегьы-зегь ирҷыдан,

Сыбла ихгылоуп уажәы,

Сахьак ицәажәо шьҭыбжьыда,

Ахҭыс изшәылаз ашәы.

Кәасҭа Гьерхьелиа дырдыруан иара убас шәаҳәаҩык, кәашаҩык, чамгәырарҳәаҩык, гитарарҳәаҩык иаҳасабалагьы. Уи абаҩхатәра бзиа имаз ипоезиагьы ианымԥшыр амуит, џьарак дартәомызт, даргыломызт, зехьынџьара ицын.

Иван Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит

Сылацәа анаахыст, избеит ашьхақәа -

Ашьхақәа рҿы сгәырӷьо исызҳаит.

Раԥхьаӡа сыжәлар рашәақәа,

Ахрақәа ирныҩны исаҳаит.

Кәасҭа Гьерхьелиа диит, дааӡеит Очамчыра араион Ӷәада ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы 1932 шықәсазы, жәабран 22 рзы. Уи даԥсыуа поет бзиоуп, деиҭагаҩуп, публициступ. СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа  Реидгылақәа дырлахәылан.

Уи иқыҭаҿы аашықәсатәи ашкол даналга, 1949 шықәсазы дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа.  1951-1954 шш. рзы Асовет ар рыҟны аррамаҵура дахысуан. 1954-1956 шш. раан иҵара иациҵон. Уи ашьҭахь Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәшаҿы аҵара иҵон. 1966-1968 шш. рзы Бақәа ақалақь аҟны апартиа иреиҳау ашкол дҭан. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшьи" ажурналқәа "Амцабзи" "Алашареи" рҿы, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аклуб аиҳабыси, С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр алитературатә ҟәша аиҳабыси, апартиа Аԥснытәи аоблосттә комитет алектор-инструкторси. 

Уи ашьҭахь, 1968-1983 шш. раан Аԥсны арадиотеледырраҭара аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы дихаҭыԥуаҩын. Иҩымҭақәа акьыԥхь рбо иалагеит 1950 шықәса нахыс ажурнал "Алашара", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советскаиа Абхазиа", "Еҵәаџьаа" уҳәа рҟны.

Апоет иажәеинраалақәа рыхәҭак анылеит "Аԥсуа поезиа антологиа. 20-тәи ашәышықәса".

Аԥсшәахь еиҭеигеит аурыс, абаза, ақырҭуа поетцәеи апрозаикцәеи рҩымҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Вл. Солоухин, Е. Евтушенко, Б. Ҭиҵухов, П. Цеҟәа, К. Џьгәаҭан, И. Ҷавҷаваӡе, И. Абашиӡе, Н. Думбаӡе уҳәа русумҭақәа рацәаны.

Ҳаԥсуа поезиаҿы иреиӷьӡоу абзиабаратә лирикатә жәеинраалақәа рыхьӡ анаҳҳәо, хымԥада рыхьӡ ҳәатәуп Кәасҭа Гьерхьелиа иажәеинраалақәа ҩба. Акы - "Уаридада", аҩбатәи - "Бцеит бара". Актәи ажәеинраала хыхь ацәаҳәақәа аазгахьеит, аҩбатәи ахәҭак абраҟа искьыԥхьуеит:

Владимир Анкуаб - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Амца зыцраз апоет: Владимир Анқәаб изкны

Ҩаԥхьа - схала. Схала схәыцра санахан,

Сеидрыххала аҭӡамцқәа срыбжьахеит.

Ура-ҭагалан ацха афҩы лаҳа-лаҳан

Ианкәазо - са сгәаҵан ҭацәрахеит.

Бцеит бара, бҵарамзашәа ԥшьаалаӡа,

Бнаскьацыԥхьаӡа аҷыхь ааскьоит, иааскьоит.

Сышьхныԥсылан сгылоуп, сӡамҩа шьа алаӡам,

Сгәыӷра сныжьны, схала сныжьны ицоит.

Бцеит бара. Лаӷырӡушәа еишьҭаланы,

Ҿымҭ ԥшьаала еишьҭалон абыӷьқәа.

Ҳзеиԥырҵуамызт, ҳалаԥшқәа еидхаланы,

Иматанеиуа "Мап!" ҳәа иҳәҳәон ҳагәқәа.

Ари ажәеинраала сара ибзиаӡан исгәалашәоит. Ажурнал "Алашараҿы" раԥхьаӡа аусура саналага, аредакциахь сышнеиуаз Кәасҭа даасԥылеит. Иареи сареи саншьцәа Шьоууаа рыла аиуарагьы ҳаман, уи иаргьы идыруан азы, сшицәыԥхашьозгьы, имукәа аҩныҟа снеигеит. Иара ҳредакциа ааигәара дынхон, фырџьанқәакгьы еицаажәыроуп ҳәа дагьаасыхлафит. Саргьы исзамамкит, сицнеит, иахьауажәраанӡагьы сгәы ихааӡа иҭоуп уи апианино аҿы абри ажәеинраала шаҟа иԥшӡаны иациҳәаз!..

© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа Кәасҭа Гьерхьелиа иҩымҭақәа ирызкны алитератураҭҵааҩ Руслан Қапба иҭижьыз ашәҟәы
Зыламыс заԥхьа игылаз: апоет Кәасҭа Гьерхьелиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2021
Кәасҭа Гьерхьелиа иҩымҭақәа ирызкны алитератураҭҵааҩ Руслан Қапба иҭижьыз ашәҟәы

Убри аахыс абри ажәеинраала сыцуп, иреиӷьӡоу алирикатә жәеинраалақәа рахь исшьоит, 2014 шықәса рзы сҩызцәеи сареи иҭҳажьыз алирикатә жәеинраалақәа еидызкыло ашәҟәы "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит" ианаҳҵеит!

Кәасҭа Гьерхьелиа иқәрахь днеихьан ҳажәлар аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ианаалагыла. Уи Гәдоуҭа имҩаԥысуаз амитингқәа шамахак дызлахәымыз егьыҟаӡамызт, уимоу, акырынтәгьы ашәҟәыҩҩцәа дрыцны аҭабиақәа рахь дцахьан, ҳаибашьцәа ргәы шьҭызхуаз ацәажәарақәа мҩаԥигон, иажәеинраалақәа дрыԥхьон…

Сыдунеихаан исхашҭуам, Лаҭа ақыҭаҽ, Тҟәарчалынтәи ахҵәацәа зманы иаауаз авертолиот еихсны ианкарыжь, Гәдоуҭа еиҿыркааз амитинг ду аҿы Кәасҭа дзыԥхьаз ажәеинраала "Гәнаҳала иҭахаз ауаа".

Иџьашьатәын уи иаԥхьашьа, аинтонациа, иӡырҩуаз зегьы ргәы ҭнашьааит, акьыжыҳәа аҵәыуара иалагеит, ахацәа рыгәқәа еибанаркит, ашьоурахьы ирыԥхьеит. Абраҟа ишәгәаласыршәоит уи ажәеинраала ахәҭак:

Амаалықь иҿаԥхьа иқьиоуп ақәыџьмагь,

Ақәыџьмаҵәҟьагь дажьжьоит, аԥшқа дабар,

Борис Гургулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2020
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит

О, ҳхьышьаргәыҵа, ҳкаужьма,

Уабаҟоу, крааҵуеит иаабом ухабар…

Ахәыҷқәа рыҵәаабжь ахрақәа арӡыӡоит,

Ашәи-ҳәаҩ ииҳәо ҭагьежьит Дал.

Аџьнышқәа хыҵны уаҟа ишәарыцоит,

Ашҳам аҿыҵуеит ршәақь асамԥал…

Анацәа, ахшара, амаҭацәа мшаҭа,

Ҳаӡӷабцәа ауԥшәылқәа рыхцәы шьқьыруа.

Анкьа иахьныҳәарҭаз удгьылаҿ, Лаҭа,

Изыҟалазеи урҭ рбылра…

Ҳаԥсуа поезиа иазҿлымҳау зегьы ахааназ ргәаҿы иаанхаша арҿиамҭақәа аԥызҵаз Кәасҭа Гьерхьелиа  1996 шықәса рзы дыԥсит, ибеит иҷкәыни иӡӷаби рыбзиара, дрылагәырӷьеит имаҭацәа, зегь раҵкысгьы иара дзеигәырӷьаз, дызхаанхаз Аԥсны ахақәиҭтәра, Аиааира ауп! Апоет иахьа дҳалагылаӡам, аха иҳацуп ҩашьара рықәымкәа иҩымҭақәа, урҭ ҩызара, иашьара ҳзыруеит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0