Ахӡыргара иашьҭам: апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны

© SputnikВалерий Касландзия
Валерий Касландзия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Анапаҵаҩра
"Алашара ҳзырбо ауаа" апроект иацҵо, шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Анатоли Лагәлаа апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны иазирхиаз анҵамҭа.

Валери Касланӡиа ҳаԥсуа литератураҿы иахьынӡахәҭоу ицәыргам, аха абаҩхатәра бзиа змоу поетуп, прозаикуп, драматургуп, иара убасгьы ахәыҷқәа рзы аҩымҭа шьахәқәа даара ирацәаны иаԥиҵахьеит. Иаразнак иазгәасҭоит, апоет иреиӷьу ихәыҷтәы рҿиамҭақәа рзы Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа шианашьоу. Уи даҽазныкгьы агәра ҳнаргоит апоет иаԥиҵахьоу ирҿиамҭақәа ҳажәлар ишырзааигәоу, ишрыцу, дара раԥхьаҩцәа шрымоу.

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаАрӷьарахьынтә армарахь: Таиф Аџьба, Валери Касланӡиа, Валикәа Шамба, Арсен Киут, (1965).
Ахӡыргара иашьҭам: апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Арӷьарахьынтә армарахь: Таиф Аџьба, Валери Касланӡиа, Валикәа Шамба, Арсен Киут, (1965).

Иара дравторуп ирацәаӡаны ажәеинраалақәа, апоемақәа, ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи, алакәқәеи. Даара иқәҿиоит абзиабаратә, алирикатә жәеинраалақәа. Абар урҭ руак:

Знымзар зны

Сыԥхыӡ далҵхьан, ҳа ҳаицәыӡхьан,
Исыздыруамызт лхабар.
Сқәыԥшра хыхны сыԥсы иалаз,
Ҳаиниеит лакәҵас ҩаԥхьа абар.

Ҳа ҳаилаҵәеит жәада, хаала,
Ас ҳаизааигәаны ҳҟамлац.
Лара дқәыԥшуп, сара сқәыԥшуп,
Қәыԥшроуп, уаҳа ҽак ҳамбац!

Ацәа салҵит сқәыԥшра шсымаз,
Иауам, сзалҵуам са сыԥхыӡ…
Сара усҟан убас сраҳаҭын,
Гәҩарак соуаанӡоуп дшысцәыӡ…

Зегь акоуп са сиарҭа сҽылак,
Сгәалаҟара анарх згоит.
Насыԥ бымаз, ԥхыӡ исҭааз,
Знымзар зны саргьы сыббоит!..

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Валери Касланӡиа
Ахӡыргара иашьҭам: апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Валери Касланӡиа

Аԥсуа поет Валери Платон-иԥа Касланӡиа инысымҩа ааркьаҿны абас иҟоуп: диит иара абҵара 23 1943 шықәсазы, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы хәа ахьӡ ихҵан 2018 шықәсазы. Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ианаршьеит 2016 шықәсазы. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла далоуп 2003 шықәса раахыс. Дыҩуеит аԥсышәала.

Иаб Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан дҭахеит, иаб иашьа, еицырдыруа актиор Леуарса Касланӡиа диааӡеит. Уи иҟнытә иоуз аныррала алитература дазҿлымҳахеит.

"Саб иашьа Леуарсан Касланӡиа атеатр садиԥхьалон. Аспектакльқәа анцоз сигон, апиеса ҿыцқәа анеилдыргоз саргьы снеигон. "Отелло" даныхәмаруаз, аспектакль алагара 2-3 сааҭ шагыз атеатр ахь днеиуан. Ихала агрим ҟаиҵон, сара сидтәаланы сихәаԥшуан. Нас Отелло ишәҵатәқәа рыла иҽеилаҳәаны асценахь ацәырҵырҭаҿы днеиуан, нас длеиҩеиуа ироль иҽалаирхалон. Избон саб иашьа уажәраанӡа исацәажәоз шиакәмыз, уантәи ахԥатәи аиарус ахь сишьҭуан: "Ԥшьаала утәаны аспектакль уахәаԥшла" ҳәа насаҳәаны. Саб иашьа хәба-фба пиеса еиҭеигахьан. Ҽнак даасыԥхьан, сааиваиртәан: "Уааи, абри иусырбо уаргьы еиҭага, саргьы еиҭазгоит, еиҳа еиӷьны еиҭазго даабап!" - иҳәеит", - игәалаиршәалоит Валери Касланӡиа.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Валери Касланӡиа ишәҟәы "Алакә ԥхыӡ"
Ахӡыргара иашьҭам: апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Валери Касланӡиа ишәҟәы "Алакә ԥхыӡ"

Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол далгеит 1962 шықәсазы, иара убас А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет 1970 шықәсазы. Асовет аррамаҵура дахысуан. Аусура далагеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ("Аԥсны" аредакциаҿы, аԥхьа еиҭагаҩыс, нас алитературатә усзуҩыс. 20 шықәса инареиҳаны аус иуит Аԥсны акультуреи аҭоурыхи рбаҟақәа рыхьчаразы аусбарҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус иуеит "Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы" редакторс.

Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1961 шықәса инаркны. Авторс дрымоуп ажәеинраалақәа, апоемақәа, апиесақәа еидызкыло ашәҟәқәа жәпакы. Аханатә еиԥш, иҩымҭақәа рнылоит ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", "Аҟәа – Сухум", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Аамҭа" уҳәа егьырҭгьы.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Валери Касланӡиа ишәҟәы "Аҵлақәа шәҭуеит"
Ахӡыргара иашьҭам: апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Валери Касланӡиа ишәҟәы "Аҵлақәа шәҭуеит"

1989 шықәсазы Валери Касланӡиа ипиеса "Апҟа шкәакәа" иалхны Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны аспектакль ықәдыргылахьеит. Ипиеса "Ахеилага" акәзар, иқәыргылан Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр аҟны 2012 шықәсазы.

Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Аҵәаҵлақәа шәҭуеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983; Амш хазына. Ажәеинраалақәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1986; Алакәԥхыӡ. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1989; Анҷа-кәынҷа. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Ацуфарақәа. Аҟәа – Маиҟәаԥ, 2004; Иҿыцбараху адунеи ҩаӡаҿ. Ажәеинраалақәа. Апоема. Алакәқәа. Апиесақәа. Аҟәа, 2010; Жьакәыр гәымшәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011; Иалкаау. Ажәеинраалақәа, апоемақәа, ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи алакәқәеи, апиесақәа. Аҟәа, 2014.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Валери Касланӡиа ишәҟәқәа
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
1/4
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа
© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Валери Касланӡиа ишәҟәқәа
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
2/4
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа
© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Валери Касланӡиа ишәҟәқәа
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
3/4
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа
© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Валери Касланӡиа ишәҟәқәа
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
4/4
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа
1/4
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа
2/4
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа
3/4
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа
4/4
Валери Касланӡиа ишәҟәқәа

Иара убасгьы, араҟа иазгәаҭатәуп Валери Касланӡиа иповест "Аџьныш лымҩа" азы ҵыԥх ажурнал "Алашара" апремиа дшалауреатхаз.

Валери Касланӡиа, хыхь ишазгәаҳҭаз еиԥш, ахәыҷқәа ирызкны даара аҩымҭа ссирқәа аԥиҵахьеит. Уи ибызшәа цқьоуп, ихаауп, ахәыҷқәа џьабаа дмырбаӡакәа ахьхьаҳәа аҵара рзымариоуп. Иаагап, усеиԥш иҟоу жәеинраалак:

Акәырҷыжь-агәаргәалеи

Акәыр-акәыр, акәырҷыжь,
Исыргәаргәарып зны уааныжь.
Сыҩуа снықәлап амӡырха,
Уԥшы угыланы насҭха.

Снеиуеит акәыр кәараҵо,
Ашьҭа ашьац аҿы ианҵо.
Амҩа ылгоуп, шьҭа уара,
Амаа усҭоит ауаара.

Улаха-ҩаха, нас абас,
Унагәыҵас, унагәҭас.
Зныкыр уақәтәахьоу Дамеи,
Акәырҷыжь-агәаргәалеи?!

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Валери Касланӡиа ишәҟәы "Амш хазына"
Ахӡыргара иашьҭам: апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Валери Касланӡиа ишәҟәы "Амш хазына"

Валери згьама ҭбаау, акыр адунеитә литература иаԥхьахьоу, изнырхьоу, уи иреиӷьу атрадициақәа ҳаԥсуа литературахь ииазго, иалазааӡо поетуп, прозаикуп. Уи ипсихологиатә, ифилософиатә жәеинраалақәа рҿы иубоит автор шаҟа инарҵаулан дхәыцуа. Ишьҭихуа атема ҟары-ҵәарыла акәымкәа, даара изааигәоу, дзызхәыцхьоу, иԥсҭазаара иагәылсхьоу, дкыдызҟьахьоу, мамзаргьы дзырԥеиԥеиуа акакәзароуп. Иаагап ус иҟоу автор иажәеинраалақәа руак:

Ажәеи аамҭеи

Лагамҭеи нҵәамҭеи
Аамҭа иамаӡам.
Аҵхи амши
Башаӡа ҳаржьоит.
Сахьак усгьы
Иаман иҟаӡам.
- Инҵәазар аамҭа? -
Зныхгьы сгәы иснарҳәоит.
Зегь зымчу,
Улеишәа шԥаџьбароу!
Иурхәашоит, иурӡуеит
Зегь неибеиԥш!
Аха иуасҳәоит,
Упара шгәасҭахьоу,
Узаҿагылом Ажәаҟәыш
Аԥеиԥш.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Валери Касланӡиа иҩымҭақәа реизга
Ахӡыргара иашьҭам: апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Валери Касланӡиа иҩымҭақәа реизга

Валери даара иқәҿиан иааирыԥшуеит ажәа аԥсы ахьҭоу, агәаӷь ахьыҟоу, насгьы аԥсуа цәа ахаҵаны, ҳара иаҳтәны, агәы ҭыӷьӷьа аԥсышәа цқьала ицәажәоит иажәа. Убри азоуп уи иҩымҭақәа иаашьҭухлакгьы, даара ибзиан иудыруа, зыгәра уго, иԥушәахьоу уҩыза гәакьак иеиԥш гәаартыла изуацәажәо, уаргьы уи аҳалалра, аразра угәы-уԥсы зегьы аҭаны узазыӡҩруа. Ҳаԥхьап, убас иҟәандаӡа, игәырԥшаагаха, ԥсҭазаара дуӡӡак зхызгаз абырг бзиа илызку ажәеинраала:

Апсҭазаара ахықәаҿ

Аҭакәажә
Ашҭа дықәтәоуп
Лымала.
Амырхәага лгәыҵаԥхоит,
Ԥхаррада.
Аԥсабара шәҭышны игылоуп,
Иԥштәыдаха.
Адунеи ҭәуп
Шәаҳәабжьыла
Идагәаӡа.
- Сишь! Игазеи?
Арахь ӡәыр ҿиҭу
Здыруада?..
Еиҭах ҭынчроуп,
Иҭацәыроуп,
Акгьыҟаӡам.
Нас иарбану,
Иԥсыршьаган
Маӡа-аргама,
Даашьҭызхло?..

Сара хықәкыс исымамызт ашәҟәыҩҩы инарҭбаан ипоезиеи ипрозеи рыхцәажәара, урҭ рыҵаулара аҟынӡа албаара, раартра, насгьы уи ипрозеи идраматургиеи хазы рзааҭгылара аҭахуп, уи ҳаԥсуа критика иазынҳажьып, хымԥада, инарҭбаау ацәажәара иаԥсоуп.
© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Валери Касланӡиа. "Иалкаау"
Ахӡыргара иашьҭам: апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Валери Касланӡиа. "Иалкаау"

Сара агәра згоит, иагьысҭахуп Валери Касланӡиа иеиԥш иҟоу зажәа хатәроу ашәҟәыҩҩцәа ҳаԥхьаҩцәа ибзиан ирылаҵәарц, ирдыруазарц, избанзар, апоет узвымсша аҩымҭа бзиақәа ааган уаԥхьа ианықәиҵа, уара уавсзар, иузгәамҭазар, уи уара иугхоуп, доуҳатә культура дук уцәыӡит, уаԥсыуаны ушьақәгылараҿы уи ахьузымдыруа даара иуԥырхагахо иалагоит, иуныԥшуа иалагоит, уара иутәу, иузааигәаӡоу, зшьа улоу, ма ушьа злоу аӡәы думбар ушыҟало еиԥш… Ус анакәха, даарттәуп, иԥхьатәуп апоет Валери Касланӡиа, уи ихьтәы шәындыҟәра иҭоуп зқьы маӡа, ҳара ҳаԥсҭазаараҿы цҳаны иҳазхыло, маакыраны иҳаураны иҟоу, ашәарҭара ҳалызго, шыцтә лабашьаны иаҳзыҟало, ашьха цаӷьцаӷьқәа ҳарҿызго.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0