Иаԥсыуа жәлахеит: Араԥиԥа ажәла шыҟалаз иазкны

© Sputnik Село Ачандара в Абхазии
Село Ачандара в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыбжьара иуԥылоит Аԥсны иаҳцәыӡхьоу ажәлақәа, аха иҟоуп атәым дгьыл ахь иахнагаз ҳџьынџьуаа рахьтә зыжәла хаҭа ззымдыркәа, рабдуцәа рыхьӡ аҵыхәан иԥа ацҵаны иныҟәызгогьы. Урҭ иреиуоуп иахьа зыӡбахә шәзеиҭаҳхәо Араԥиԥаа рҭаацәара рҭоурых.

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыбжьара иуԥылоит Аԥсны иаҳцәыӡхьо ажәлақәа, аха иҟоуп атәым дгьыл ахь иахнагаз ҳџьынџьуаа рахьтә зыжәла хаҭа ззымдыркәа, рабдуцәа рыхьӡ аҵыхәан иԥа ацҵаны иныҟәызгогьы, урҭ реиҳарак исабицәаны уахь иқәнагалаз роуп. Аха иахьа ишәзеиҭасҳәар сҭахуп Араԥиԥа (Араԥаа) ҳәа хыԥхьаӡарала имаҷым ажәла ахьынтәаауа, уи атәы сирдырит ҳџьынџьуаҩ Ерсын Араԥиԥа.

Ерсын Самеихәа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Атәым дгьыл ахь ҳақәнаԥсеит: Ерсын Самеихәа иабдуцәа рҭоурых

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ерсын Араԥиԥа иабду иаб Мысҭафа ихьӡын. Дара быжьҩык аишьцәа ыҟан. Амҳаџьырра аамҭақәа раан быжьҩеишьцәа Аԥснынтәи араб тәылахь (Мекка) иахнагоит. Уаҟа аҭыԥантәи анхацәеи Мысҭафеи аиӷара рыбжьалоит аҟнытә иԥшәмаԥҳәыс Сасым Ҭарԥҳа диманы Ҭырқәтәылаҟа дықәҵыр акәхоит. Уинахыс иашьцәеи иареи еицәыӡуеит.

"Сабду иаб Мысҭафа ҿыц аҭаацәара даналалаз аамҭан Ҭырқәтәылаҟа данаа. Иахьа Калдахәара ҳәа иахьашьҭоу ақыҭахь иқәнагалаз раԥхьатәи анхацәа дреиуан. Мысҭафа Араԥиԥеи, Камшьышь Гамсаниеи, Гыд Аҭрышбеи, Қоқ Гәымбеи роуп Калдахәара ашьаҭа азаркыз", - еиҭеиҳәоит Ерсын Араԥиԥа.

© Foto / Саида ЖибаЕрсын Араԥиԥа
Иаԥсыуа жәлахеит: Араԥиԥа ажәла шыҟалаз иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Ерсын Араԥиԥа

Мысҭафа, Ҭырқәтәыла аԥсуа қыҭа Калдахәара анхара-анҵыра даналага, хымԥада икәша-мыкәша иуаажәлар ракәын иҟаз. Аха иара ижәла хаҭа цәыригартә еиԥш изыҟамлеит, араб тәылантәи аӷацәа ишьҭашәарацон азы. Уинахыс араб тәылантәи иааз аԥсуа хаҵа Араԥиԥа ҳәа ажәла ихиҵеит.

Село Калдахуара, Турция - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
Ахәышҭаарамца ахьеиқәу: Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара абзазара иазкны

"Араԥиԥа уажәшьҭа иԥсыуа жәланы ишьақәгылеит Ҭырқәтәыла. Сара Мысҭафа иҟынтә иаауа аԥшьбатәи абиԥара саҵанакуеит, иҟоуп аиҵбацәагьы", - инаҵишьит ҳџьынџьуаҩ.

Ажәабжьҳәаҩ излазгәеиҭаз ала, анкьа, Мысҭафа иԥа Ҳаџьы Маҳмуд араб тәылахь (Мекка) хаџьра дцоит. Уаҟа ҩышықәса иаб иашьцәа рыԥшаара даҿын, аха иус анылҵшәадаха, иҩныҟа дгьежьуеит.

"Мысҭафа рыжәла хаҭа абас ауп ишыҟоу ҳәа маӡала дыррақәак ииҭазар акәхап иԥа. Ҳаџьы Маҳмуд 104 шықәса ниҵеит, аха иаргьы иаб иеиԥш ижәла аӡбахә уаҳа даламцәажәеит", - иажәабжь иациҵоит ҳџьынџьуаҩ.

Ерсын Араԥиԥа ианду, 105 шықәса нызҵаз Сание Гәынԥҳа илҳәалон Араԥиԥацәа Смыраа иреиуазар ҟалоит ҳәа. Аха аԥҳәыс бырг лгәаанагара ахьынӡаҵабыргу иахьазы еилкаам.

"Ҳара ҳажәла Араԥиԥа иҟәнаҳшьо иҟаӡам. Уи убриаҟара иаҳзааигәахеит, иԥсыуа жәла цқьаны иаҳбоит. Аха санду, Смыраа ҳрыцкарзар ҟалоит ҳәа илымаз агәаанагара ашьаҭа ахьынӡамоу ҳзымдыруазаргьы, ҳгәаҵаҿы иҟәандоу цәаныррақәак арҿыхоит", - иҳәоит Ерсын.

Ерсын Араԥиԥа 15 шықәса инеиԥынкыланы Измиҭ ақалақь иҟоу аԥсуа Дернеқь деиҳабын. Ҭырқәтәыла аԥсуареи ахатәы бызшәеи реиқәырхараҿы иааԥсара ӷәӷәоуп.

Ерсын Араԥиԥа дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп.

© Foto / Предоставлено Ерсыном АрапипаЕрсын Араԥиԥа иҭаацәа
Иаԥсыуа жәлахеит: Араԥиԥа ажәла шыҟалаз иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Ерсын Араԥиԥа иҭаацәа
Ажәабжьқәа зегьы
0