Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

© Foto / из архива семьи Нели ТарбаНели Тарба
Нели Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, Аԥсни Қырҭтәылеи акультура зҽаԥсазтәыз русзуҩ, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Нели Золотинска-иԥҳа Ҭарԥҳа илызкуп апоет Анатоли Лагәлаа анаҩстәи ианҵамҭа.

… Ушьаҿа иацҵа,
Адгьыл!
Аӷьараҳәа уныҟәа!
Диит Апоет!
Абрыскьыл уихымгәырҩан,
Уимыԥхьан Сасрыҟәа -
Д и и т  А п о е т!

Нели Ҭарԥҳа

Аԥсны жәлар рпоетесса Нели Ҭарԥҳа лроман "Амшын ҳәынҭқар Ҳаит" аԥхьажәаҿы илыҩуеит:

Борис Гургулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2020
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит

"Аибашьра анцоз, аԥсра-ӡра ҳанҭагылаз ашәҟәқәа зыҩуаз, иҭзыжьуазгьы дубарын. Уимоу, Урыстәылаҟа ицаны, рыҽхьакны итәаны, адоктортә диссертациагь зыхьчаз ыҟоуп! Сара знык сшьара санықәҟьа, уаҳа акгьы саԥсамхеит аҩра аганахьала. Ҵоуп, иара убри аибашьраан, 1992 шықәса декабр мзазы мчылаҵәҟьа исҭакԥхықәроуп ҳәа, схы иадҵаҵәҟьаны изҩит сгәы иҭагьежьуаз, иахьеи-уахеи иҭҩуаз смыткәма-ессе: "Зыҷкәын дмыԥсыц уҷкәын диумырҵәуан", ҳҩызцәа гәашақәа Нелии Бориси Гәыргәлиааи Венереи Виталии Маршьанааи рхәыҷқәа, ҳаҷкәынцәа, ҳҵеицәа фырхацәақәа Абзагәи Беслани рҭахара - ахьаа иснаҭаз, иснарҩыз.

Нас изҩит убри амзаз ажәеинраалақәак, ашьҭахь ацикл "Ихәу ацәаҳәақәа" еиднакылаз. Ус иааит Марттәи ажәылара мышьҭацәгьа, сашьа иҷкәын лаша Арзик дзыхәлаӡыз. Уи зынӡак сыбӷа ааԥнаҵәеит. Уаҳагь цәаҳәак сзымҩит, нас, аибашьра анеилгагь, 1997 шықәсанӡа.

Анцәа ида издыруада, аиааира анаҳзыҟала, арсҟатәи ҳацәҭаханы, иҳаԥханы, рылымкаа ҳаҩныҟақәа рахь Аҟәаҟа ҳаныгьежь, сыҩны ашҭа сышҭалаз, сыҩны ашә аартны сшыҩналаз… Ус рашҭақәа ирҭалалааит, рыҩны ашәқәа ирхыҵлааит ахамышҭыхә ҳҭазыргылаз…

Егьызхарам ажәлар рыгәрыԥса цәгьоуп!..

Виталий Амаршан - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2020
Аҩыза игәаларшәара: Витали Амаршьан изы ажәа

Ҳагәрыԥса цәгьоуп азы ауп иҳаланхоз, ҳадгьыл ҳамазкуаз, ҳа ҳаиҳагьы қьаф алызгоз, аха еиҳа зҭаххаз - зегь зҭаххаз, ҳанзырҵәарцгьы зҭаххаз, бааԥсыжәла, ԥеиԥшцәгьа зроуз! "Ацәҟьа зҳаз иара дакит" ҳәа, иааҳәны дара рхы ишԥаси!.."

Апоет бзиа есымша заа ицәа иалашәоит иԥсадгьыл ашәарҭа аназыԥшу. Нели Ҭарԥҳа илдыруан лыжәлар акы шырзыԥшыз, убри азы акәын дзыӷьаҵәыӷьаҵәуаз уи заатәи лажәеинраалақәа рҿы. Уи бзианы ианыԥшуеит аибашьра иалагаанӡа, 1983 шықәса рзы илҩыз "Сшьам дгьыл" захьӡу, абра иаазго ажәеинраала ацыԥҵәаха.

Сшьам дгьыл,
Сыԥс адгьыл,
Сыхаара с-Аԥсны!
Ухьӡала адә иқәу,
Ухьӡала сыԥсып!

Иацтәи умш хьанҭа,
Иамҭан сышлоуп.
Уаҵәтәи умш нарҳаз,
Схы-сгәы лашоуп.

Еҵәак уцәкыдшәар,
Шәы-ԥсык, о, исцәагоит.
Мрак узкыдыԥхар,
Шәы-мракны исзыԥхоит.

Шәҭы ԥшӡа узҿалар,
Аӡын ааԥынхоит.
Бӷьы ԥшӡак кашәаргьы,
Сгәы еибарххоит.

Махәык уцәыхжәаргьы,
Дак сцәа иҭаԥсуеит.
Шәырк уцәдыршәшәаргьы,
Шьацмоушәа исҿаԥсоит.

Сашәа уоуп,
Смыткәма уоуп,
Сажәа хьанҭа уоуп,
Сажәа ласгьы уоуп!..

© Foto / из архива семьи Нели ТарбаНели Ҭарԥҳа
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Нели Ҭарԥҳа

Нели Ҭарԥҳа акырынтә аудиториа дуқәа рҿы дықәгыланы избахьан ажәеинраалақәа данрыԥхьоз шаҟа гәыкала илзыӡырҩуаз, рнапқәа еинырҟьоз… Уи илдыруан ҳажәлар рхьаа ахәшә ахьақәҵатәыз, иахьырӷыӷктәыз, згәаҵәа жәпаз игәаҵәа шырҿыхатәыз, аԥхныгеиԥш иеидгылартә, иеилаҵәартә ишыҟаҵатәыз.

© Foto / из архива семьи Нели ТарбаНели Ҭарԥҳа
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Нели Ҭарԥҳа

Уи даара хьаа дус илыман ҳажәлар абжеиҳараҩык амҳаџьырра ианага, уа Ҭырқәтәыла иахьаанхаз, арахь иахьзымаауа, рыԥсадгьыл ахь иааԥшны лаӷырӡышала иахьҵәыуоз… Убри азоуп 1977 шықәсазы Ҭырқәтәылаҟа ицоз ашәҟәыҩҩцәа ргәыԥ дзалалаз, уатәи лықәгыларақәа, лажәеинраалақәа иахьа уажәраанӡагьы аӡәгьы игәы иҭыҵәаӡом уа инхо…

© Foto / из архива семьи Нели ТарбаТаиф Аџьбеи Нели Ҭарԥҳаи
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Таиф Аџьбеи Нели Ҭарԥҳаи

Абра иаазгоит, убри ашықәс азы илҩыз "Асалам хьаа" захьӡу ажәеинраала ацыԥҵәаха. Уи рзынархоуп Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуаа - Орҳан Ашамбеи, Ҭенгиз Абганбеи, Ирфан Атәанбеи.

Сашьцәа, сашьцәа,
Шәахьыҟазаалак,
Шәызмазаалак,
Сара издыруеит,
Ҭынч мҩа шәымаӡам,
Сара издыруеит,
Анцәа ишиҳәара шәыҟаӡам.

Анык илыхшаз,
Ар гәарҭак рҵеира,
Уаҩ дыззынамӡоз,
Здау-зԥашә ахь анеира,
Нарҭаа реиԥш агәгәаҳәа,
Зтәыла шҭа иҭибаҳәаз,
Нахыс-аахыс уаҳагьы,
Зыбжагьы хнымҳәӡаз…

Уаҩ дызмыхәаӡо,
Аӡиасқәа ирырхәашаз,
Лаԥш зхьымӡаӡо,
Амшын еиқәа ихыӡлаӡаз.
Атәым дгьылқәа,
Ранԥсара зызнымҵәаӡаз,
Зан гәакьа лыгәыкра,
Зыбӷа амыриашаӡаз…

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаАԥсуа шәҟәыҩҩцәа (армарахьтә арӷьарахь): Сергеи Кәыҵниа, Владимир Басариа, Нели Ҭарԥҳа, алитератураҭҵааҩ Владимир Қапба, Таиф Аџьба
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа (армарахьтә арӷьарахь): Сергеи Кәыҵниа, Владимир Басариа, Нели Ҭарԥҳа, алитератураҭҵааҩ Владимир Қапба, Таиф Аџьба

Уажәы иаҳгәалаҳаршәап апоетесса лнысымҩа, уи лнапы иҵылхыз лышәҟәқәа рыхьӡқәа, ианҭыҵыз, иахьҭыҵыз, уи ҳлитература аҭоурых аҿы еицамкӡо уаҵәтәи аҿар ирзынхароуп.

Ҭарԥҳа Нели Золотинск-иԥҳа диит абҵара 11 1934 шықәсазы Аԥсны, Гәдоуҭа араион Дәырԥшь ақыҭан, лыԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 19 2014 шықәсазы, Аҟәа ақалақь. Аԥсуа поет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы. Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы. Аԥсни Қырҭтәылеи рҟны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (2004; ароман "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ" азы). СССР-и (1957) Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1999). Дыҩуан аԥсышәала.

© Foto / Саида Жиба Нели Ҭарԥҳа лышәҟәы "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ"
Нели Ҭарԥҳа лышәҟәы Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ - Sputnik Аҧсны
1/2
Нели Ҭарԥҳа лышәҟәы "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ"
© Foto / Книга Нели ТарбаНели Ҭарԥҳа Анатоли Лагәлаа ҳамҭас илҭаз лышәҟәы "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ" аҟны лгәаларшәагатә напынҵамҭа.
Нели Ҭарԥҳа Анатоли Лагәлаа ҳамҭас илҭаз лышәҟәы Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ аҟны лгәаларшәагатә напынҵамҭа. - Sputnik Аҧсны
2/2
Нели Ҭарԥҳа Анатоли Лагәлаа ҳамҭас илҭаз лышәҟәы "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ" аҟны лгәаларшәагатә напынҵамҭа.
1/2
Нели Ҭарԥҳа лышәҟәы "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ"
2/2
Нели Ҭарԥҳа Анатоли Лагәлаа ҳамҭас илҭаз лышәҟәы "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ" аҟны лгәаларшәагатә напынҵамҭа.

Аҵара лҵон Дәырԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа сектор далгеит (1959). Аус луан ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аредакторс (1961), аредактор еиҳабыс (1968), адиректор ихаҭыԥуаҩс (1988). Ашьҭахь – Асоветтә хәыҷтәы фонд (Аԥсны ахәыҷтәы фонд ҳәа ишьақәгылаз) Аԥснытәи аҟәша деиҳабын.

© Foto / из архива семьи Нели ТарбаНели Ҭарԥҳа
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Нели Ҭарԥҳа

Раԥхьатәи лажәеинраалақәа хԥа кьыԥхьын "Альманах" (№4) аҟны 1952 шықәсазы. Лырҿиамҭақәа (Аочеркқәа убрахь иналаҵаны) рнылон ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", "Абаза", "Черкесский мир", агазеҭқәа: "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Советская Абхазия", "Еҵәаџьаа", "Литературная газета" (Москва); "Антология абхазской поэзии" (М., 1958); "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009); аизга "Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи" (Аҟәа-Сухум, 1995); аочеркқәа реизга "Аамҭеи ауааи" еиуеиԥшым аҭыжьымҭақәа; ашәҟәы "Сухумские мотивы. (2500-летию Сухума посвящается) (М., 2005) уҳәа егьырҭгьы.

Н. Ҭарба 30 инареиҳаны апоезиатәи, апрозатәи, апублицистикатәи ҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа дравторуп.

© Foto / из архива семьи Нели ТарбаНели Ҭарԥҳа
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Нели Ҭарԥҳа

Лпиеса "Амра аԥҳа" акәзар, К. Шь. Ломиа ипоема "Амра аԥҳа" амотивқәа рыла иҩуп. 1978 ш. иқәыргылан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Араҟа иқәыргылан аҩбатәи лпиеса "Ашәа аԥҵара мариам".

Н. Ҭарба лырҿиамҭақәа жәпакы еиҭагоуп аурыс, аукраин, аҟабарда, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь. Аԥсшәахь еиҭалгеит А. де Сент-Екзиупери иҩымҭа "Апринц хәыҷы", Лесиа Украинка – "Абна лакә", И. Фучик - адокументтә-сахьаркыратә шәҟәы "Ашьацҳәа зыхәда иахаршәу ирепортаж" уҳәа егьырҭгьы.

© Foto / из архива семьи Нели ТарбаНели Ҭарԥҳа ашәҟәыҩҩцәа Фазиль Искандери Алықьса Гогәуеи рыбжьара
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Нели Ҭарԥҳа ашәҟәыҩҩцәа Фазиль Искандери Алықьса Гогәуеи рыбжьара

Аҭыжьымҭақәа

Аԥсышәала: Бзиа избоит амҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1955; Ааԥынра агәы. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1958; Бзыԥтәи аповест. Аповест. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1961; Ақәыԥшреи агәҭыхеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1964; Маҵиса. Аԥсымра ашәа аԥҵара мариам. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Апиеса. Аҟәа, 1967; Ҭаҭрашь-Гьаргьалашь. Ахәыҷтәы поема. Аҟәа, 1968; Аԥа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1969; Аразҟы шкәакәа. Алирикатә етиудқәа, аповест, апиеса. Аҟәа, 1971; Аимак џьашьахәы. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1973; Аҽыхәа иаҵәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974; Хаҭажәыҟәеи Саҭажәыҟәеи рлакә. Апоема. Аҟәа, 1976; Сабацәа рашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1978; Мышәи-Шьапажәи анбанқәа рыхҭыси, арԥыс хәыҷы Хәажәарԥыси. Апоема ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1979; Ашьыжь шана. Ажәеинраалақәеи апиесеи. Аҟәа, 1980; Ажәеинраала ҿыцқәа. Ани аԥеи. Амԥсреи. Апоема. Аҟәа, 1983; Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алирикатә поемақәа. Аҟәа, 1983; Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алирикатә поемақәа. Аҟәа, 1984; Уҷкәыннаҵ. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Адрама. Аҟәа, 1985; Ақәра: Апартиазы ашәа (Акантата), Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1987; Ихәу ашәҟәы. Ажәеинраалақәа. Аибашьраанӡатәиқәа – аибашьрашьҭахьтәиқәа. Уи ашьҭахьтәиқәа иахьатәиқәа. Апоемақәа. Аессеқәа. Аҟәа, 2000; Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ. Ароман-дилогиа. Абацәа рыдгьыл. Актәи ашәҟәы. Аҟәа, 2002; Аҩымҭақәа. 4-томкны. Аҟәа, 2006-2010; Алакәтәыла. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2011.

© Foto / из архива семьи Нели ТарбаШьалуа Ҵәыџьба, Нелли Ҭарԥҳа, Баграт Шьынқәба, Иван Ҭарба, Гьаргь Гәыблиа, Шьалодиа Аџьынџьал
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Шьалуа Ҵәыџьба, Нелли Ҭарԥҳа, Баграт Шьынқәба, Иван Ҭарба, Гьаргь Гәыблиа, Шьалодиа Аџьынџьал

Аурысшәахь аиҭагақәа: Сердце весны. М., 1961; Капля в море. Книга стихов. М., 1968; Солнце мертвых. Повести. М., 1983. (Переиздание – Сухуми, 1989); Белый конь. Стихи. М., 1984; Волшебное утро. Стихи. М., 1988.

Аҟабарда бызшәахь аиҭага: Адгьыл агәы. Ажәеинраалақәа. Нальчик, 1991.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Кәымф Ломиеи Нели Ҭарԥҳаи
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Кәымф Ломиеи Нели Ҭарԥҳаи

Нели Ҭарԥҳа лыԥшәма Кәымф Ломиеи лареи поетцәа дуқәан, урҭ аҩыџьагьы ҳлитератураҿы рышьҭа ахааназы иԥшӡаза иаанрыжьит.

Кумф Ломия, Нелли Тарба, Алексей Ласурия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны

Урҭ ахьышәҟәыҩҩцәа бзиақәаз анаҩсгьы, ҳлитература ахьӡ Аԥсны иалганы адунеи ахырҵәараҿы даара аџьабаа ду рбеит, ирыман аҩызцәа рацәаҩӡаны, урҭ ҳаԥсадгьыли ҳлитературеи иазҿлымҳахартә, бзиа ирбартә иҟарҵеит, дара рыбзоурала Урыстәылеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи зегьы рахь еиҭаргартә иныҟәеит ҳлитература иаланагалахьаз иреиӷьӡаз аҩымҭақәа. Уи иааира дуун, избанзар, адунеи иабар акәын ҳаԥсабареи ҳамшыни рыԥшӡара анаҩсгьы, ишыҟоу ҳдоуҳатә культура ду, ҳлитература.

Нели лхы-лыԥсы ақәҵаны алитературатә ус ԥшьа даҿын лҭаацәа ду илцәыргоз аамҭа шырацәазгьы… Уи дызлалагаз апоезиа есымша илыцын, иаҳҳәап, инеиҵыху лроман ду "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ" данаҿызгьы, лпоезиатә ҩымҭақәа лыцрыҵӡомызт, есымша илыцын… Уи ус шакәу агәра узырго, абра иаазгоит лажәеинраала "Споезиа" ахы инаркны аҵыхәанӡа.

Схәыҷрагьы,
Сқәыԥшрагьы,
Сажәрагьы,
Сҟәышрагьы,
Споезиа, уара!

Сыгәҭыхагьы,
Схьаагьы,
Сыгәҿыхагьы,
Сҳәаагьы,
Споезиа, уара!

Сгәырӷьагьы,
Сыччагьы,
Сәыӷрагьы,
Сышәҭрагьы,
Споезиа, уара!

Сыгәаӷьрагь,
Сқәыԥшрагьы,
Сыӷәӷәарагь,
Сымчрагьы,
Споезиа, уара!

Сҳәоу наӡа
Сашәагьы,
Наунагӡа
Сашәагьы,
Споезиа, уара!

Исԥылоугьы,
Исԥырҵуагьы,
Зықәрагьы
Нысҵрагьы,
Сыԥсрагьы, сымԥсрагьы,
Споезиа, уара!

Иныҳәаз Ажәҩан,
Ухьӡ зху!
Иныҳәаз адгьыл,
Уа узну!..

Нели Ҭарԥҳа, раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса, зыпрозатәи зпоезиатәи рҿиамҭақәа рыла ҳлитература зырбеиаз, уаҵәы игыло аҽар гәахәара дула зҩымҭақәа ирыԥхьо, злитературатә нарха ӷәӷәоу, зыжәлар бзиа ирбоз, иахьагьы ирбо, аԥсшәа Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа иқәҩуанаҵы зырҿиамҭақәа ҳацу, ахааназы ҳгәы дыԥхаӡа дҭоуп!

© Foto / из архива семьи Нели ТарбаНели Ҭарԥҳа
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Нели Ҭарԥҳа
Ажәабжьқәа зегьы
0