Ҳажәлар рыхшыҩ аҿы ахааназ иҟоу: Самсон Ҷанба изы ажәа

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааСамсон Чанба
Самсон Чанба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021
Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба диижьҭеи сынтәа 135 шықәса ҵит. Аԥсуа рккаҩы, апрозаик, адраматург, апоет, апублицист, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амилаҭтә литератураҿы адраматургиа ашьаҭаркҩы, апатриот ду изку анҵамҭа ҳадигалоит ашәҟәыҩҩы, апоет Анатоли Лагәлаа.

Самсон Ҷанба ҳажәлар рыхшыҩ аҿы, ргәалашәараҿ ахааназ даанхеит даара иҟәышыз, ахара иԥшуаз, зыжәлар бзиа избоз, урҭ рҭоурыхи изҭагылаз раамҭеи бзиаӡаны издыруаз, рыцхраара иазыхиаз, аҵара-лашарахь ихьазрыԥшуаз, Д. Гәлиа арӷьажәҩара изызуаз интеллигент дуны. Уи данҩыҵшәа инаркны, игәеиҭеит ижәлар еиҳа изынхьаауаз, ирыгыз ирыбзаз, измырҭынчуаз, измырӷьацоз… Иаразнак урҭ рхьаа ахәшәтәра напы аиркит, иара изааигәаӡаз, иара зыда дхәарҭамыз ак еиԥш…

Абар ишазгәеиҭо уи ҳаԥсуа жәлар рҿы инаигӡаз ироль аҵарауаҩ Хәыхәыт Бӷажәба:

"Аԥсуа литература аиреи аизҳаизыӷьареи ианрылацәажәо, Дырмит Гәлиа инаишьҭарххны иӡбахә ҳҳәоит Самсон Ҷанба. Аҩыџьагьы рыхьӡқәа хьтәы нбанла наунагӡа ҳлитература аҭоурых ианылеит. Аӡәы ауасхыр азышьҭеиҵеит, егьи нас дарӷьажәҩаны дааивагылеит, асахьаркыратә рҿиараҿы ихатәы мҩа ылхны. Аԥсны Асовет Мчра шьақәгылаанӡагьы Самсон Ҷанба дышәҟәыҩҩын, ижәлар дырхаҭарнак иашаны рҿахәы еиҭеиҳәо дҟалахьан. Иҳәынҭқарратә, иуаажәларратә усура, илитературатә рҿиара ҷыдала иҵоураны аҽарҭбааит 20-30-тәи ашықәсқәа раан. Уи аиҳабыратә маҵурақәа дызхагылаз иаамҭа шицәыргозгьы, имч-илша адиҵон аԥсуа литература.

Самсон Ҷанба иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи ртәы зҳәо астатиақәа маҷымкәа агазеҭқәеи ажурналқәеи ирнылахьеит, иҭрыжьхьеит иара изкны амонографиақәа (Н. Лакоба, А. Аншба, В. Дарсалиа), аха иара убасгьы араҟа акәаԥ ҳзыргылом, ирҿиамҭақәа аринахысгьы иҭуҵааша, узыхцәажәаша ҟалашт.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩ Вахтанг Аԥҳазоу. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2016
Вахтанг Аԥҳазоу: Иҭҵааӡам инҭқааны Самсон Ҷанба ихаҭареи ирҿиареи

Самсон Ҷанба аԥсуа жәлар ҷыдала ирызгәакьоу, акыр ирзааԥсахьоу рҵеицәа ирхыԥхьаӡалоу шәҟәыҩҩуп. Имхәанчо, исахьаркԥсараха, уамашәа имарианы, аха ирҵауланы иаҳныруа иажәа, иахьа уажәраанӡагьы ажәлар рыгәшәа ауеит, амч аманы, ишьаҭамырӡганы иаҳзынхеит. Абри азами нас ашәҟәыҩҩы ду иуаажәлар бзиа дзырбо, рхы-рыԥсы дырзалымхуа. С. Ҷанба ихьӡ ахырҵеит Аԥсуа Аҳәынҭқарратә драматә театр, дахьииз, дахьааӡаз Аҭара ақыҭа аколнхара, Аԥсны ақалақьқәа рҿы аулицақәа, убас егьырҭгьы, иҩымҭақәа есааира аԥсышәалеи урысшәалеи иҭыҵуеит, иҭырҵаауеит, аԥхьаҩцәа иргәарԥханы иаԥхьоит, ашколқәа рҿы иахысуеит, нас абри ами ашәҟәыҩҩы ихьӡ-иԥша кашәара ақәымкәа, аамҭа иазаҩымхуа, ҳдоуҳатә культура наунагӡа иалахәны иаанзырхо".

Самсон Ҷанба ипрозатә ҩымҭақәа инарываргыланы есымша ицын апоезиа, ибзианы иргәалашәоит зегьы нас ихрестоматиатә ҩымҭахаз ипоема "Ашьха ҭыԥҳа." Абраҟа иааҳгап уи ацыԥҵәаха:

Аԥсынтәыла ишьхаԥшӡаха,

Амшын еиқәа аҿыкәыршоуп.

Уи зтәылоу Аԥсны ԥшӡа,

Кавказ шла аԥҳа лоуп.

Узыршанхаша хәыԥшӡак аҿы,

Дықәгылоуп лара лхаҭа.

Дбырлашха, дымсырқьаадышха,

Дыссирха, деихышәшәо.

Еихатыруа лыбӷаӡара еиҿкаа,

Иԥшӡаӡа иакәыршоуп.

Маҟа мыцхәрас иԥаны:

Ашәҭ-бышҭқәа зеиӷьыҟам.

Лышәҵатәы зегь - гьыл лыхуп,

Илыхьныҳәҳәы, иԥшӡоуп цәгьаӡа.

Иацрышәшәоугьы афҩы-хаа,

Ицоит хара илаҳа-лаҳауа.

Уажәшьҭа ҳнаныԥшылап арҿиарауаҩ, аҳәынҭқарратә уаҩ инысымҩа, ишәҟәқәа анҭыҵыз, иарбан шықәсақәоу иусурақәа рҿы аҭыԥ дуқәа данырхагылаз, данымҩасыз ашықәс. Уи акраанагоит уаҵәы игыларан иҟоу ҳҿар ииашаны амҩа рықәҵаразы, рҭоурыхи иреиӷьӡаз ҳинтиллигенциеи зҿыз рус ԥшьа рхы зақәырҵаз дара аӷьараҳәа рыԥсадгьыл аҿы ршьапы иқәгыларц шакәу дырдырразы.

Ҷанба Самсон Иаков-иԥа (18.06.1886, Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Аҭара ақыҭа – 1937) – аԥсуа рккаҩы, апрозаик, адраматург, апоет, апублицист, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амилаҭтә литератураҿы адраматургиа ашьаҭаркҩы. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. Дыҩуан аԥсышәалеи урысшәалеи.

Аԥсны, Драндатәи ауахәаматә школ далгеит, иара убас Аҟәатәи ашьхарыуаа рышколи, Қәҭешьтәи ақыҭанхамҩатә школи (1907). Аԥсныҟа даныхынҳә, аԥсуа бызшәа дирҵон Кәтолтәи алагарҭатә школ аҟны, аха арҵаҩра азы аршаҳаҭга ахьимамыз азы иусура ааныркылеит. Ашьҭахь Хонтәи (Қырҭтәыла) арҵаҩратә семинариа дҭалеит. 1914 ш. иҵара даналга аԥсуа қыҭақәа рҟны алагарҭатә школқәа реиҳабыс дҟарҵеит, аԥхьа Кәтол ақыҭан, нас, 1915 ш. Аӡҩыбжьа ақыҭан. Усҟан Аӡҩыбжьатәи ашкол ахь днашьҭын аҭыԥантәи афельдшер иԥҳа Аҟәатәи аҳәса ргимназиа иалгахьаз Елена Никонор-иԥҳа Гоиден. Хара имгакәа С. Ҷанбеи лареи рыԥсҭазаара еиларҵоит.

Кәыдрытәи аучасткаҿы С. Ҷанба акультура-рккаратә усура ду мҩаԥигон.

1916 ш. инаркны С. Ҷанба Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҟны иҟаз алагарҭатә школ напхгаҩыс даман, араҟа аԥсуа бызшәеи агеографиеи рзы рҵаҩысгьы дыҟан. Аҵаҩцәа рзы хәарҭара алоуп, хымԥадагьы иахәҭоуп ҳәа дахәаԥшуан аҭоурыхи, агеографиеи, атәылаҿацә гәакьа акультуреи рганахьала адырра рыҭара, ихаҭагьы ари ахырхарҭала илиршоз рацәан.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Самсон Чанба
Ҳажәлар рыхшыҩ аҿы ахааназ иҟоу: Самсон Ҷанба изы ажәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021
Самсон Чанба

1918-1920 шш. раан ақырҭуа меншевикцәеи урҭ рыцнагаҩцәеи иаԥырҵаз Аԥсны Жәлар Рсовет далан.

Аԥсны Жәлар Рсовет аҟны иара, насгьы Д. И. Аланиа, М. К. Цагәриа, И. Маан иаԥырҵеит аоппозициатә гәыԥ "ихьыԥшым асоциалистцәа". Аԥсни аԥсуа жәлари ринтересқәагьы рыхьчон. 1921-1925, 1930-1932 шш. раан ССР Аԥсны аҵара азы Жәлар Ркомиссариат напхгара аиҭон. Жәлар ркомиссарк иаҳасабала С. Ҷанба зныкымкәа далахәын, дагьықәгылон Москва 1923-1924 шш. раан имҩаԥысуаз аидгылатәи автономтәи республикақәа аҵара азы жәлар ркомиссарцәа реилацәажәарақәа. 1923-1928 шш. рзы – агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредактор хадас дыҟан. 1923-1930 шш. раан – ССР Аԥсны Ацентртә Анагӡаратә Комитет дахантәаҩын. Иара убас Қырҭтәыла Ацентртә Анагӡаратә Комитети, Аахыҵ-Кавказтәи Ацентртә Анагӡаратә Комитети, СССР Ацентртә Анагӡаратә Комитети дрылан. 1932-1937 шш. рзы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс аус иуан. 1934 ш. Москва, асовет шәҟәыҩҩцәа актәи Зегьеидгылоутәи реизара ду аделегатс дыҟан.

С. Ҷанба дрылахәын Аԥсуа нбан ҿыц аус адулареи аԥсуа литературатә бызшәа аиӷьтәреи ажәарқәеи ашколқәа рзы (авторс дрымоуп Аԥсны агеографиа, "Аԥсабараҵара. Алагарҭатә классқәа рзы" (1925), арҵага шәҟәқәеи, афольклортә материалқәа реизгареи рыҭҵаареи. Ацхыраара риҭон ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа, ахшыҩзышьҭра бзиа риҭон алитературатә кружокқәа.

С. Ҷанба илагала шьардоуп аԥсуа литератураҿы. Ирҿиаратә усура ахацыркра амадоуп апублицистика. Раҧхьатәи истатиақәеи иазгәаҭақәеи ркьыԥхьуан аурысшәала иҭыҵуаз агазеҭқәа "Закавказская речь", "Сухумский листок", ашьҭахь – "Сухумский вестник". Урҭ рҟны уи иҩуан акырӡа шаҵанакуа жәлар рҵаралашара, акультура арҿиара, амилаҭтә хдырра ашьҭыхра, еиҭеиҳәон ақыҭа нхацәа рҭагылазаашьа, ауаа хархьқәа аҵара риураҿы иҟаз ауадаҩрақәа, ақыҭа уааҧсыра рыҩнуҵҟа ақыҭанхамҩатәи ааглыхратәи дыррақәа рыларҵәара хымҧадатәны ишыҟаз.

С. Ҷанба ирҿиаратә лшарақәа еиҳаракгьы иахьааҧшыз раҧхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" (1919-1921) адаҟьақәа рҟны ауп. Уи аҧҵараҿгьы далахәын, иааԥсарақәа ыҟан, аредакциа аколлегиагьы далан. Агазеҭ ианылеит иҵарыз ипублицистикатә статиақәа, урҭ ирныҧшуан иполитикатәи иуаажәларратәи дунеихәаԥшышьа ("Аҟәа, март 17") (Аԥсны. 1919, №2; "Жәлар Рсовет аартраан Ҷанба иқәгылара" (1919. №4; "Аидгылара" (1920. №18(56)) уҳәа егьырҭгьы.

"Аԥсны" адаҟьақәа рҟны икьыҧхьын раҧхьатәи исахьаркыратә ҩымҭақәагьы: апоема "Ашьха ҭыԥҳа. (Аҧсны)" (1919. №14), аҭоурыхтә драма "Амҳаџьыр" 4-хәҭакны (1919. №35, 36, 37, 38; 1920. №1, 3(41), 4(42), 5(43), 6(44), 7(45). Ари амилаҭтә сахьаркыратә литератураҿы раҧхьатәи драматә ҩымҭоуп.

Адрама "Амҳаџьыр" зныкымкәа иқәдыргылахьан Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы. Уи ықәдыргылахьан аресиссоирцәа В. Кривцов (1928), В. Гаррик-Вачнаӡе (1929), В. Русин-Русиновски (1933), К. Карал-оглы (1937), М. Мархолиа (1966). С. Ҷанба идрама "Амҳаџьыр" ашьаҭала иҩит акиносценари, егьрыдыркылеит акиноматографиатә акционертә еилазаара " Межрабком фильм – Русь". Афильм аҭыхра иалагарц азгәаҭан 1928-1929 шықәсқәа рзы. Аха ус егьаанхеит, усҟан економикала ишьҭаханы иҟаз ССР Аԥсны афильм аԥҵаразы иаҭахыз ахарџь азоужьра алымшеит.

Миха Лакрба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2021
Аламыс азышәаҳәаҩ: Миха Лакрба диижьҭеи 120 шықәса ҵит

С. Ҷанба авторс дрымоуп иара убас апиеса "Аԥсны-Ҳаным", ажәабжьқәа маҷымкәа, аповест "Сеидыҟ" уҳәа иҵегьы.

Ианҵаз жәлар рлакәқәеи рҳәамҭақәеи С. Ҷанба иеиҭагамҭаны еиуеиԥшым ашәҟәқәа иргәылалеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы "Абхазские сказки" (Аҟәа, 1935).

1937 ш. С. Ҷанба харада ахара идҵаны дырӡын, ҩажәа шықәса инареиҳаны иҩымҭақәа ркьыԥхьра азин ыҟамызт, ашәҟәыҩҩы инапылаҩырақәа жәпакгьы бжьаӡит. Дыриашан 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы (1958 ш. иахымгакәа).

Аҭыжьымҭақәа

Аԥсышәала: Амҳаџьыр. Адрама. IV-қәгыларак аманы. Аҟәа, 1920; Аҩы иашьыз, иҧсцәа иҵәыуон. Актк змоу акомедиа. Аҟәа, 1922; Ашьха ҭыԥҳа. Аԥсны. Апоема. Дева гор. (Аԥсышәалеи урысшәалеи). Аҟәа, 1925; Аиааира. Апиеса 8 сахьак аманы. Киршон ипиеса "Ача" иаҿырҧшны. Аҟәа, 1932; Иаалкау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1934; Сабду ихәышҭаара ахаҳә. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1936; Апиесақәа. Аҟәа, 1937; Иалкаақәоу. Апоезиа. Апроза. Адрама. Аҟәа, 1958; Иалкаау иҩымҭақәа. Апроза. Адраматургиа. Аҟәа, 1976; Сабду ихәшҭаара ахаҳә. Ажәабжь. Аҟәа, 1982; (Асериа "Ашколтә библиотека" ала); Иҩымҭақәа. Апроза. Апоезиа. Адрама. Ажәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа рҟнытә. Астатиақәа, анҵамҭақәа. Аҟәа, 1986.

Аурысшәахь аиҭагақәа: Апсны-ханым. Пьеса в 4-х действиях. Сухум, 1923; Сеидык. Повесть. Тифлис, 1935; Избранное. Сухуми. 1960; На пути к сознательности. (Статьи и заметки, 1911-1916 шш.). Сухуми, 1982; Сочинения. Сухуми, 1987.

Самсон Ҷанба игәеиҭеит ажәлар ҵаралагьы, хшҩлагьы дырралагьы рнаҩсгьы аџьа аусгьы ишадыԥхьалатәыз, убрахь еиҵахарак рыхьыр ажәлар амла иамкырц ҩ-напыкла досу рус ркыр акәын. Убри ауп изызку уи иҩымҭа "Аҽагашәа". Абра иаагоит ацыԥҵәаха.

- Ҳаит, амарџьа, афырхацәа,

Аҳахаи, аӡәы аашьа умыхьын!

Ишәҟьа ӷәӷәала шәнырхага-ҽага,

Ишәҳәа аӷьеиҳәа аҽагашәа!

Ҷах-сах, уах-сах,

Ҷах-сах, уах-сах!

Азаҵә нхара уаҩ дааӡом,

Аҵыхәа ԥаҳҵәеит иахьарнахыс!

Иахьа иҟоу еицынхароуп -

Нхамҩа ҿыцла ҳааӡароуп…

Ҳаит, амарџьа, афырхацәа,

Ҳаҳаи, аӡәы аашьа умыхьын!

Ишәҟьа ӷәӷәала шәнырхага ҽага,

Ишәҳәа аӷьеиҳәа аҽагашәа!

Ҷах-сах, уах-сах,

Ҷах-сах, уах-сах!

Самсон Ҷанба дпатриот иашан, асовет шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы ибзианы дырдыруан, аурыс шәҟәыҩҩцәа дуқәа А. Фадееви, В. Шишкови, иареи акырынтә еиқәшәахьан, аитагара аус иалацәажәахьан. Насгьы абра иазгәаҭатәуп С. Ҷанба егьырҭ аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рылымкаа ҩ-бызшәак рыла дҩуан, аԥсышәала ииҩуаз зегьы шамахамзар иара ихала аурысшәахь еиҭеигон, уимоу, ишиашоу урыс бызшәала ииҩқәазгьы ыҟоуп. Усҟан убри иабзоураны уи ихьӡ асовет литератураҿы ирдыруа иҟалахьан.

20-тәи ашықәсқәа раан афранцыз шәҟәыҩҩы А. Барбиус Аԥсны даныҟаз, С. Ҷанбеи иареи еицын, уи иӡбахә иара Барбиус иажәабжьқәа руакаҿгьы далацәажәоит. Самсон Максим Горкигьы диԥылахьан 1929 шықәсазы уи Аԥсны даныҟаз.

Иуа Когониа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2021
Зашәақәлацәа ирылагылоу апоет: Иуа Қоӷониа изы ажәа

Ҳара иахьа даара ҳгәы зладуу ашәҟәыҩҩы Самсон Ҷанба илшаз шьардоуп адраматургиаҿы, апрозаҿы, аха рыцҳарас иҟалаз адраматургиаҿ акәзар уи ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр иҩымҭақәа ирылхны пиесак ықәдмыргылеижьҭеи даара акрааҵуеит. Иҟоуп зҩымҭақәа аҭоурых мацара иауҭаша, зыхьӡ рацәак акгьы аанамго ашәҟәыҩҩцәа, аха С. Ҷанба еиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩы абаҩхатәра ду змаз, насгьы иара ҳтеатргьы ихьӡ ахьаху аҳаҭыраз мацаразгьы, ашықәстәи ҳтеатр арепертуар хымԥада ипиесақәа акы алазароуп, уи ҳазхымԥаша рҿиаратә закәануп. Сгәы иаанагоит, наҟ-наҟ ҳәа хара имгакәа ари аус хымԥада иахьарнахысгьы ахы ктәуп ҳәа.

Зыхьӡ ырӡтәым, иахӡыӡаауа ихьчатәу ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа рхыԥхьаӡараҿы ахаангьы дгылазаауеит, ԥшӡала ҳбызшәа Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа иқәыҩуанаҵы иҳацу, ҳинтиллигент ду, ҳҳәынҭқарратә усзуҩы, ҳашәҟәыҩҩы ду Самсон Ҷанба.

Ажәабжьқәа зегьы
0