Еиуеиԥшым аамҭақәа ицәырыргоит еиуеиԥшым атехнологиақәа, ма аҿыцра ашьҭкаара заҭаху

CC0 / / Парень с ноутбуком
Парень с ноутбуком - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы еиуеиԥшым атехнологиақәа рыда ҳхәарҭам, урҭ ауаҩы иусураҿы ма аҵараҵараҿы ихәоит, ииҭаху аинформациа ирҭоит, ихы рылаӡыригоит уҳәа. Аха иҟоуп ари аԥхьацара ахархәашьа ззымдыруагьы. Абри азы лгәаанагара ҳалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Еиуеиԥшым аамҭақәа ицәырыргоит еиуеиԥшым атехнологиақәа, ма аҿыцра ашьҭкаара заҭаху

Иахьа сызлацәажәарц исҭаху, сзанааҭ инадҳәаланы акыр исзымариамзаргьы, снапаҿы иаазгаз аинформациатә хархәагақәа зда ихәарҭам атехнологиақәа рышьҭкаара ауп. Асовет аамҭазы агазеҭқәеи ажурналқәеи рахь астатиа назгоз, напҩырала акәын ишынарыгӡоз. Уаҟа дыҟан акьыԥхьҩы, анаҩс уи аҭыжьра иаздырхион. Акьыԥхьга машьына атәы сҳәозар, уи ашәҟәыҩҩцәа рыда шамаха уаҩы имамызт.

Иахьа атекст ахьукьыԥхьуа акомпиутер ҳаԥсҭазаараҿ зда ԥысхәа амам техникан иҟалеит. Иқәыԥшу рзы атехника иадҳәалоу аусқәа рышьҭкаара еиҳа имариоуп, аха иаҳҳәап 60 ирҭысхьоу рзы имариам уи анапаҿы аагара.

Девушка читает книгу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
Ажанр маҷқәа раамҭа: асоциалтә ҳақәеи ашәҟәи реиндаҭлара иазкны

Сара аибашьра ҟалаанӡа зыҩны сынхоз апоет Таиф Аџьба иман акьыԥхьга машьына, икабинет хәыҷ дыҩнатәаны аус иуан, ҳара ҳҟынӡа иааиуан акьыԥхьга ашьҭыбжь. Избан сыздыруам, иҟалап ҩнуҵҟала анаҩстәи ашәышықәсазы ада ԥсыхәа шысмоуаз здыру, аха схы иҭашәеит акьыԥхьшьа сҵарц. Ишԥасыламшари абри ҳәа ахәыцра салагеит, усҟан санҵамҭақәа ахьназгоз агазеҭқәа рҿы уеизгьы-уеизгьы икьыԥхьны иаага ҳәа аӡәгьы ишсеимҳәозгьы.

Убри аамҭазы, агазеҭ "Аԥсны" аредакциаҿы кьыԥхьҩыс аус луан сҩыза. Слыҳәеит лара акьыԥхьшьа слырҵарц. Ахәылбыҽха аусура ашьҭахь уи лусуратә уадаҿы лкьыԥхьга саҿартәаны ислырҵо далагеит. Дук хара имгакәа схала идуцәам атекстқәа скьыԥхьуа салагеит. Ииашоуп, агхақәа сыцәцон, аха аус злаз снапы амашьына иацыз анбанқәа зынпыҟҟалаз ақәыӷәӷәара иашьцылеит. Уи ашьҭахь, искьыԥхьуа салагеит еиҭазгоз апиесақәа, иара убас сдипломтә усумҭа схала икьыԥхьны еидыскылеит. Исзымҵаз арбану шәҳәозар – ирццакны акьыԥхьшьа ауп.

Аамҭа цеит, иааит 21-тәи ашәышықәса, мҽхакы ҭбаала акомпиутерқәа рхархәара ҳашәхымс иаалагылеит. Акомпиутер аҩны исоуаанӡа сҽазысшәеит ари аус ашьҭкаара, аха исыцааиуамызт. Атехника ансоу апрограмма Word ахархәара иацыз амаӡақәагьы акыр сҵеит, зынӡа сыфраҭуп сзымҳәозаргьы. Усҟан аус зуан агазеҭ "Нужная", ажурнал "Ауаажәларра" рҿы.

Раԥхьа стекст ақьаад аҿы иҩны, нас акомпиутер ахь ииазгон, атехника садтәаланы ахшыҩҵак сзаарԥшуамызт. Иҟан искьыԥхьыз анысцәыӡуазгьы цқьа иахьсзымдыруаз иахҟьаны. Асовет аамҭазы исҵаз акьыԥхьшьа атәы сҳәозар, word аҵараҿы исыхәеит. Маҷ-маҷ акомпиутер аус шьҭыскаауа саналага, игәасҭеит ақьаад аҿы акьыԥхьра сҭахымхо, акомпиутери сареи ҳаилибакаауа ҳшалагаз. Сышнеи-шнеиуаз, стекст афлешка ианҵаны аредакциахь анагара салагеит. Аха, ари азхозма, еилыскааит уахь сымцакәан аҩнынтәи атекст сышьҭыр шауаз. Анаҩс, аинтернет сыҩны иназгеит.

Ажәакала, аамҭа исыҵанаҳәон иҿыцыз аусқәа снапаҿы иаазымгар, сзанааҭ аҿы саҵахар шауаз. Ателехәаԥшрахьы саныгьежь ашьҭахь, иахьа уажәраанӡагьы иҿыцу акы ҵатәыс исоуа салагеит. Аҩнуҵҟатәи аимадарақәа, ууада удәылымҵыкәа еиуеиԥшым авидеоқәа ԥшааны рыхәаԥшра уҳәа, аамҭа цацыԥхьаӡа ицәырҵуан адҵа ҿыцқәа. Иҵатәын иара убас асоциалтә ҳақәа рыбзоурала иуҭаху аинформациа ԥшааны аԥхьара, акомпиутер аҭыгара, уи апринтер абзоурала акьыԥхьра.

Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2021
Имҩасыз ашықәс азхәыцра: Елеонора Коӷониаԥҳа 2020 ашықәс еихылшьалеит

Абарҭқәа рышьҭахь Sputnik Аԥсны аусура салагеит. Араҟагьы акомпиутертә дыррақәа исҵахьаз рыда ԥсыхәа сымамызт, избанзар исыҩуаз аҩнытә аредакциахь исышьҭыр акәын, аредакторцәеи сареи аимадара еснагь иҳамазароуп, агха збар аскрин ҟаҵаны ирзысышьҭыроуп, мамзаргьы даргьы Whatsapp ма Messenger ала исыгу исыбзоу, ирҽеитәу азы аимадара ҳабжьоуп.

Ажәакала, сара стәала аамҭа иаанагоз аус ҿыцқәа шьҭыскаар акәхеит ишысзымариамызгьы. Изӡарым, ԥсабарала атехника ҩызас измам шсакәу. Авидео монтаж аҵара сҽазысымкӡеит, избанзар автортә дырраҭарақәа рредакциаҿы уи иазку амонтажҟаҵаҩцәа ҳаман азы, аха издыруазар цәгьамызт.

Апандемиа аамҭазы, адистанциатә усура захьӡу сышәхымс иаахгылт. Sputnik Аԥсны аредакциа исыднаҵеит сыбжьы ҭелла иҭаҩны аудионҵамҭа Telegram ала ирзынасышьҭларц. Азнык азы сааиҵанарӷәӷәеит, аха уи аамҭазы исыман аҭел бзиа, уи иалшон ус еиԥш иҟоу адҵақәа рынагӡара. Схала снадтәаланы ианысҵа, заҟа сеиӷәырӷьаз ҳәашьа сзаҭом. Акарантин аамҭа рӷәӷәаны ианыҟаз акыраамҭа аҩнынтә астудиахь исышьҭуан аматериалқәа.

Мужчина за ноутбуком  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2020
Акарантин аамҭа

Абри зегь зысҳәо, аамҭа иҳаднагало атехнологиақәа ҳҵалароуп ҳусура ҳцәымӡырц азы. COVID-19 аҿиара иаанарԥшит абри атехнологиақәа ззырҳәо зынӡангьы ҳшырзыҟаҵамыз. Уи иаҳнарабеит онлаин урокқәа рымҩаԥгара злымшо арҵаҩцәа, аҵаҩцәа, аҭаацәа шыҟоу.

Ииашоуп, атехника, аинтернет амамзаара иахҟьозгьы ыҟан, аха ииашаны, атехника ахархәара азымдыррагьы шыҟаз гәаҳҭеит. Ус анакәха, иахьтәи аамҭазы ашколқәа зегь рҿы акомпиутертә ҵара еиԥмырҟьаӡакәа иалагалазароуп, уи адагьы, арҵаҩцәа рзы иаҭахуп арҵаратә курсқәа реиҿкаара.

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа иҳәеит "Аҟәа аҳәынҭқарратә коллеџь аҿы акурсқәа хацҳаркит" ҳәа. Хымԥада, ари иаанахәароуп амҽхак ҭбаа, иара ачымазараҿкы макьана ахы шымҩаԥнаго злаҳзымдыруа ала. Аҳәынҭқарра ҭеллеи компиутерлеи атәыла иқәынхо зегьы азеиқәыршәом, убри аҟынтә ауаҩы иахьа атехника зда дхәарҭам акәхеит, убри аҟынтә ихатә харџьала идигалароуп.

Первый звонок в Сухумских школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2020
Онлаин акәу лабҿабоу: акарантин аан аҵаратә процесс аҭагылазаашьазы агәаанагара

Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа абри азҵааразы "ада ԥсыхәа ыҟаӡам" ҳәа дазнеиуеит. Иаргьы асовет аамҭа иалиааз уаҩуп, аха иубоит акомпиутер аус адулашьа, аинформациа ахархәашьа уҳәа шидыруа. Аредакциахь иахьа аматериалқәа електронтә почта ала ирзынаушьҭыр ауеит, уи адагьы Facebook аҿы дара ирымоуп адаҟьа еиуеиԥшым анҵамҭақәа ахьықәдыргыло. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла акәзар, иаԥырҵахьеит асаит, уи абзоурала ҳара ҳлитература иадҳәалоу ажәабжьқәа ҳаҳауеит, иара убас уи асаит аҿы иқәдыргылоит "Алашара" аномер ҿыцқәа.

Ажәакала, имариамзаргьы, зегь акоуп имаҷҩым иахьа абарҭқәа шьҭызкаахьоу. Иахьа еиҳарак ҳара ахархәара заҳҭо Facebook ауп. Араҟа иубоит аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа маҷҩымкәа ишцәырырго еиуеиԥшым агәаанагарақәа, иаԥырҵоит рхатәы даҟьақәа, агәыԥқәа. Асоциалтә ҳақәа рыбзоурала адунеи зегь аҿы еиуеиԥшым аинформациатә хархәагақәа ажәабжьқәеи атемақәеи рыԥшаауеит.

Асоциалтә ҳақәа рҿы иубар алшоит аофициалтә информациа инаҷыдангьы, еиуеиԥшым ахҳәаақәа. Ажурналистцәа Facebook абзоурала иҟоуп азҵаатәқәа рҭак анроуа, насгьы, араҟа иуԥшаар ауеит дырраҭарақәа рзы узыҿцәажәо ауаа. Абарҭқәа зегьы уажәшьҭа ҳаԥсҭазаара иахәҭакуп, уи ада ԥсыхәа ыҟаӡам. Иахьа Аԥсны иҭыҵуа еиуеиԥшым агазеҭқәеи, ажурналқәеи, егьырҭ аԥсуа информацатә хархәагақәеи рсоциалтә даҟьақәа хдыртхьеит. Акьыԥхь, авидео аларҵәаразы иаԥырҵоит Telegram-каналқәа, асаитқәа. Ҳәарада, иубоит сызлацәажәо атемаҿы иаҵахогьы шыҟоу.

Иаҳҳәап, агазеҭ "Аԥсны" иамаӡам асаит, иара убас ажәабжьқәа зегь ахьҳарҵәиуа Facebook аҿы аредактор хада дҭаҩӡам, агазеҭгьы адаҟьа, ма агәыԥ амам. Telegram-каналқәа ҳәа ҳазҿу ракәзар, уи зынӡа ифантастикоуп агазеҭ "Аԥсны" азы. Агазеҭ аредактор хада Енвер Ажьиба ҳанеицәажәоз дсықәшаҳаҭхеит ирыгу шыҟоу азы. Амамзаара иахҟьаны асаит шырзаԥшьымгаз сирдырит. Иара убас, актуалра змоу астатиақәа агазеҭ иузадгалом "агонорартә фонд мызкы 18 нызқь еиҳамзар" иҳәоит аредактор. Сара исҳәеит Facebook аҿы адҟьа аԥҵаразы аԥара шаҭахым, аха, ишеилыскааз ала, агазеҭ "Аԥсны" иахьазы аинформациатә хархәагақәа ирҳәаша ажәабжьқәа зегь ҳәаны ианалгалак ашьҭахь шакәу ианҭыҵуа. Ари иаанагоит аԥхьаҩцәа уцәыӡуеит. Аԥсышәала икьыԥхьу иаԥхьо маҷҩуп ҳҳәозаргьы, асоциалтә даҟьа Facebook абзоурала, сара игәасҭоит аԥсуа текстқәа аазыртуа еиҵазаргьы, зегь акоуп иаԥхьогьы шыҟоу, насгьы, аԥсуа гәыԥқәа рҿы ишахцәажәо аԥсышәала.

Траур - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Аԥштәы апсихологиа, мамзаргьы ашәы - ашәы абоит

Аабыкьа Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы искьыԥхьит "Аԥштәы апсихологиа, мамзаргьы ашәы - ашәы абоит" захьӡу аколонка. Макьангьы ицоит уи ахцәажәара "Аԥсышәала" захьӡу агәыԥ аҿы. Ишьҭыхыз азҵаатәы гәаӷьыуацәазаргьы, зегь акоуп, автор илықәшаҳаҭхеит "ахырҟьара" шиашам азы. Аха, сара сзы зегь реиҳа ихадаз, абри аколонка данаԥхьа ашьҭахь "маҷ-маҷ аиқәаҵәа сшәыхра салагоит" ҳәа сазҳәаз дахьыҟоу ауп. Исҳәарц исҭаху, аинтерент ахархәара иабзоураны иахьа аинформациа ауаа рыларҵәара акыр имариахеит, агазеҭ ҭыжьны иаԥхьаанаӡа аасҭа.

Ажәакала, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рышьҭкаарада ԥсыхәа ыҟамкәа иҟалеит. Иахьа иаҳбарҭоуп агазеҭқәа "Республика Абхазия", "Чегемская правда", "Нужная газета" уҳәа рымҩа асоциалтә даҟьақәа рахь ишиасыз, уимоу авидео аус адуларагьы иалагеит. Ари иҳаҵанаҳәоит зыӡбахә сысмоу аҭыжьымҭақәа аамҭа аҭахрақәа нарыгӡалоит ҳәа.

Ҳмилаҭтә газеҭ "Аԥсны" иаиур алшон аԥхьаҩцәа асоциалтә даҟьақәа рҿы ицәырҵлозҭгьы. Иахьа акомпиутертә ҵара змам, еиҳаракгьы ажурналистцәа, арҵаҩцәа, аҳақьымцәа уҳәа, иҿаҳадагәоу иҩызахоит.

Асовет аамҭазы, ашәҟәыҩҩцәа рӷьырак зегьы акьыԥхьга машьына рыман, рхала иркьыԥхьуан рҩымҭақәа. Ус ҟарҵон, избанзар уи дара зҭагылаз аамҭа ирыднагалоз акәын, мамзаргьы ахә ахшәааны ражәабжьқәеи, ражәеинраалақәеи, репикатә рҿиамҭақәеи ркьыԥхьлар акәхон.

Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2020
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа

Зынӡа аиҳабыратәи абиԥара иаҵанкуаз ашәҟәыҩцәа ирцәыуадаҩхеит ҳәарада акомпиутер акапризқәа рыцныҟәара, дахлафаашәа, уажәшьҭа 90 шықәса ирықәу апрозаик Алықьса Гогәуа Анатоли Лагәлаа Sputnik Аԥсны адаҟьазы ииҭаз аинтервиу аҿы убас иҳәеит: "Уажә сгәы иалаҵәҟьоу уҳәозар, абри акомпиутер атәы ахьысзымҵаз ауп! Иареи сареи зны-зынла ҳаблақәа ҭырхаха ҳаиҿаԥшуеит, сара исҭаху иара иаздырам, иара иаҭаху сара исыздырам!" - ҳәа.

Хымԥада, аамҭак иҳацану аклассикцәа рзын хаҭала аредакциа "Алашара" аҿы анапҩымҭақәа рыдыркылоит, аха еиҳаракгьы, егьырҭ ахархәагақәа реиԥш, електронтә почтала, ма амессенџьерқәа рылоуп иахьа зегь аус шыруа, акьыԥхьыҩцәа рышҭа аус ахьауа аредакциақәа уарла-шәарла ада иуԥылом.

Аамҭак аԥхьа, ажурналист изанааҭ змоу ҭыԥҳак дсыдгылеит аусура аԥшааразы слыцхраарц. Сара илыдызгалеит Sputnik Аԥсны аредактор диҭаарц, идеиас илымоу иалҳәарц. "Мап, мап, сара акьыԥхьшьа сыздырӡом, уа аус сзуӡом" ,- лҳәеит уажәшьҭа 28 шықәса рҟынӡа инеихьоу ажурналист. Акьыԥхьшьа ззымдыруа ажурналист иахьа џьаргьы дшаднамкыло лаҳәаны, абжьгара лысҭеит илҵарц азы, аха макьана џьаргьы дцәырҵны дсымбац.

Иҟоуп, ҳәарада, жәытә шьцыларала ақьаад аҿы иҩуа, акомпиутер аклавиатура знапаҿы иззаамгаз, урҭ асаитқәа, аинтернет ҭыжьымҭақәа рҿы аус рзуӡом, мамзаргьы ахә ахшәааны ртекстқәа акьыԥхьҩы илдырҟаҵалар акәхоит. Уи зынӡангьы ифеидам. Иахьа иҟоу, уаҵәы иҟам, убри аҟынтә, ауаҩы аус иуларц азы дазыхиазароуп аамҭа иҵанаҳәо аҿыцрақәа рышьҭкаара, мамзар шьҭахьҟа дааннажьуеит аԥсҭазаара…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0