"Аԥсҭазаара уаҟара схыҵуеит": апоет-аибашьҩы Саида Делԥҳа лгәалашәара иазкны

© Foto / предоставлено Дмитрием ГабелияСаида Делба
Саида Делба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поет, ажурналист, апублицист, Аԥсны Аџьынџьтәалатә еибашьраан иҭахаз, Леон иорден занашьоу Саида Бадра-иԥҳа Делба лырҿиареи лнысымҩеи ирызкуп апоет Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа.
Жәҩанк аԥҽыхақәа
Мшынк ихыԥсалоуп…
Исхыҵҵәҟьо здыруада?
Сеидроу…
Ухала ухы ушацәажәо,
Акырӡа унаскьароуп,
Амҩа уахьнанаго сеидроу…
Саида Делԥҳа
Сынтәа, ԥхынгәымза 27 рзы, лыԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы Саида Делԥҳа илхыҵуазаарын 56 шықәса. Ҳаԥсуа поезиа ирацәаҩны иагәалашәаӡом абасеиԥш аҿҿаҳәа ибылуа ҳлитература иаалагылаз апоетцәа. Ииашаҵәҟьаны, уи знык лажәеинраалақәа ирзыӡыҩрыз агәра имгар ҟаломызт даара абаҩхатәра бзиа змаз апоет дышцәырҵыз. Уи есымша дыццакуан, есымша акы дзахьӡомызт, аԥсҭазаараҿгьы, апоезиаҿгьы… Имыццакыкәа, даара инарҵауланы лпоезиа иагәылаԥшхьоу, иаԥхьахьоу иазгәарымҭар рылшом, апоет лажәеинраалақәа анылыҩлак, ақьаад ахь ианиалгалак ашьҭахь, ԥыҭрак лгәы ишааҭыҵҵәҟьаз ишаанлыжьуаз, нас рыхьӡаха шԥасмоури ҳәа дрыламкьысӡакәа, ус, цқьа изаларц… Аха усеиԥш иҟоу ажәеинраалақәа рҿгьы убри аҩыза цәаҳәақәак рылԥхаауа ирылан, ажәеинраала зегьы аҿахәы дара ирҳәо, дара идырӷәӷәо.
***
Иҭацәит амҩа,
Шәышықәса раԥхьа имҩаз.
Аҵыхәтәан днеиуеит аибашьҩы идыркараз…
Иҭацәит ажәҩан,
Шәышықәса раԥхьа иихьаз,
Аҵыхәтәан ҵыс шьҭан ажәҩан хымҭа гәазҭоз…
Итацәит ашәа,
Шәышықәса раԥхьа иашәаз,
Ашәа зхараз ашәа ижит џьара.
Стацәит - сыблаанӡа,
Шәышықәса раԥхьа имцаз,
Аҵыхәтәан шәҭы иаҵәарак ццышәны изгаз.
Иҭацәит амҩа,
Шәышықәса раԥхьа иихьаз. Аӡә инаур -
Шәышықәса раԥхьа инаурхаз -
Уажәоуп ианцәырҵуа ашьҭыбжь мыргаӡо…
Апоет аибашьра ашыра далагылан, уи лҟазшьа шыҟаз ала, шьҭахьҟа еиҭаԥашьа лымаӡамызт, лашьцәа аибашьцәа дрывагылан медиаҳәшьасгьы, еибашьҩысгьы… Аха ахы дамԥшаар амуит, лгәаҵаҵәҟьа иҭашәеит… Аибашьра атәы бзиаӡан ианыԥшуеит Саида лпоезиа, уаҟа џьаразаҵәыкгьы иуԥыхьашәом ҭыԥк лгәы ахьыбжьажьо, иахьеиҭаԥо, уи аибашьраҿы аҷкәынцәа рҟазшьа аалхәахьан, деихымцан… Уи ауп ианыԥшуа абри лажәеинраалагьы:
***
Аибашьра ашьҭахь,
Акгьы зхарамыз амра,
Ахәы инавҵалан аҽаԥсахуан,
Адәы - ишьыз ирыцшьын,
Сара сшьызу сшьымзу сзымдыруа,
Ишьыз срыцын.
Аибашьра ашьҭахь
Сан илеиԥшыз аӡәы,
Сыхьӡ ҳәаны дҵәыуон.
Аибашьра ашьҭахь,
Иагьаншамыз, иагьаныхәламыз,
Акгьы зхарамыз Амра аҽабылуан,
Ашәахәа аӡә дықәын, Амрахь,
Ашәахәа сықәын…
Аибашьра ашьҭахь иззеибашьыз рхашҭны,
Еицын - зеибашьра нҵәаны ихынҳәыз,
Аибашьра инымҵәацыз адәы иқәын,
Уижьҭеи агәхашҭра зауз,
Амра акгьы агәаламшәо аҽабылуан…
Саида дпоет-еибашьҩын, дпатриотын, аха ианаамҭазгьы дпоет-лирикын. Уи ллирикатә жәеинраалақәа хаауп, иҵаулоуп, угәаҿы ԥхаррак цаҳәцаҳәуа иаанрыжьуеит… Агәра удыргоит аԥстазаараҿ аԥшӡара аиааира шаго, уи акәша-мыкәша шакәу аразреи ақьиареи иахьрынхарҭоу, иахьыртәарҭоу, амшын дуӡӡаҵәҟьагьы дара ишрызхәыцуа, ирҭаххар, ишдырҭаслымуа:
***
Убзиабара сгәыҵакуп,
Исныруан убжьы иаха иаашаанӡа.
Ашәҭ шьыҵәрақәа срыҵакуп,
Уԥсыԥ ԥха сагәылоуп, субозар,
Аҽырхәмарра сҵоит,
Аҽы уаара суҭар, аҽыуаара,
Аҽгәырӷьара сҭоуп, убзиабара суҭар, убзиабара.
Ублақәа ирыҵоуп амшын,
Сеилазго уччаԥшь саумырблын,
Убзиабара сҭоуп!..
Саида Делԥҳа данҭаха ашьҭахь шықәсқәак анҵы, ҳлитератураҿ даара ҳаҭыр ду зқәу Дырмит Гәлиа ипремиа анланаршьа, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 2005 шықәсазы ажурнал "Алашара" ианиҵеит "Агени ицәаҩақәа зҭаауаз…" захьӡу астатиа. Уи даара акраҵанакуеит, насгьы икьаҿуп азы ишеибгоу абра иаазгоит:
Саида Делба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2020
Ԥааимбарҵас ҳара ҳтынчраз дҭахеит...
"Ҳлитература, хыла ҳпоезиа азы, ҳаибашьра иалагаанӡатәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟа зегьы ирылыԥшуеит Саида Делԥҳа лҭынха. Уи ҳаихьӡарақәа зегьы ирхуп. Дазусҭазаалакгьы аӡәгьы игәы иаанамгааит, ус дызрылкаау, лҭахашьа, лыфырԥҳәызбаразы ауп ҳәа. Апоезиа, иҿыцӡоу апоезиа цқьа издыруа ус игәы иаанагом, уи лырҿиамҭа убас иҟаҵәҟьоуп, даҽакы иузадклом. Лара лцәаҩала, лбаҩхатәрала, еснагь иаадыруа ашәҟәқәа рыдагьы даҽа шәыҟәқәак шыҟоу лцәа иалашәон. Уи иагьылыԥшааит ус иҟаз ашәҟәы, иагьаалыртит, иаабац, акыр ҳзырааԥсахьоу ракәымкәа, аҽа ритмақәак, аҽа фҩы-хаақәак, аҽа ԥшшәқәак ахьыҟаз, аҽа хьаақәак, аҽа гәҭыхақәак, аҽа раҳаҭрак, иҵкәам ахақәиҭра, аҽа шәага-загак ала зҽызшәо аԥсҭазаара ахьыҟоу апоезиа атәыла.
Ари иаҳәоит, уи аԥҳәызба қәрахьымӡа, ажәытә аепос дуқәа рҿы зашәа рҳәоз иреиԥшҵәҟьаз, абаҩхатәра ҷыда анцәа ишлылеиҵаз, иара убри ишациҵаз лпоезиатә бла алашара, агени ицәаҩақәа зҭаауаз аӡәы шлакәыз…
Уи иаалыртыз атәылаҿы апоезиеи аҳауеи реилаӡҩа убасҟак иџьбароуп, апоет ишиҳәаз еиԥш, ацәаҳәақәа ашьеиԥш ухәда иҭачны уԥсы ухырхыр алшоит. Ахы акәӡам лара дызгазгьы, убарҭ лцәаҳәақәа роуп, лыфырԥҳәысра ԥсыс иахазгьы дара роуп.
Уи илҭынхаз рахь сара зегьы сымбац, лҩызцәа ааигәақәа изларҳәо ала, такә ыҟоуп. Урҭ, ҳшашьцылахьоу еиԥш, ажәеинраалақәа ҳәа узрыхьӡҵом, уи иҭаӡом, лаԥшҿабатәи лакәқәоуп, мифқәоуп. Асеиԥш иҟоу апоезиа ацәаҩақәа ртәы унадыххылан иузҳәом, иагьаҭахым. Макьана рҿахәы дара ирҳәалааит.
Акызаҵәык, убарҭ рахьтә исҳәарц исҭаху, Саида лпоезиа ҿыханҵазар, асахьаҭыхраҿ аперспектива ҳәа изҿу арбаӡам, аамҭа атәгьы, аҳәаақәагьы аныхуп. Лара лынахыс иҟоу аԥсҭазаара аҵкыс лцәанырратә дунеи иахылҵит.
Элеонора Когония и Марина Барциц во время войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2018
Аибашьреи аҭынчреи
Саида Делԥҳа лпоезиа абас ишыҟаз, данҭаха ашьҭахьынӡа иахьгәаҳамҭацыз иаҳәоит, ҳлитература уи ҿыц иаҵагылаз ишрыхәҭоу ҳашрызҿлымҳам, уи алашара ссир ҳамбаӡакәа иҳавысны ианцақәо шыҟоу…"
Абраҟа иазгәасҭар сҭахуп Алықьса Гогәуа иинициативала иареи сареи ишеиқәҳаршәаз, иагьшыҭҳажьыз Саида лажәеинраалақәа иреиӷьӡақәоу еидызкыло ашәҟәы. Абри зегьы иуанаҳәауа уи ауп, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩы ду апоет лпозиаҿы дахьыԥшит абырлаш еиԥш имҩашьо, иуҿаԥхо ҟазарак.
Саргьы 2007 шықәса рзы изҩит Саида илызкны ажәеинраала. Уи гәырҩоуп, хьааны ауп ишииз…
Аҿҿаҳәа дбылуан…
(Саида Делԥҳа илыхьӡынҩылоуп)
Аҿҿаҳәа дбылуан са саҳәшьа,
Ҳаԥсадгьыл ду амца анацраз.
Уи дырны аӡӷьеиԥш ауаа ршьа,
Иԥсы еиқәлырхон ишьабауаз…
Шаҟантә уи ахы дацәцахьааз,
Амцаԥшьгьы далҵхьааз дбылны.
Шаҟантә лашьа иҟны днаӡахьааз,
Дхынҳәуан уи аԥсра дацәганы.
Уи лашәақәа лыцын, дрыхьчон,
Инарышьҭуамызт лааигәа аԥсра.
Уи лыжәлар шаиааиуаз лбон,
Лара лакәын иаԥшәымаз ара.
Агәы кыдшәазшәа амрагь лаҟәуан,
Еимаҳауазшәа адгьыл ҵысуан.
Аха Саида дышзахәоз дцауан,
Аха Саида лҳәахьа налыгӡауан.
Илыдымхалт лыжәлар ршьа,
Дхырқәақәо илҳәомызт ауаз…
Аҿҿаҳәа дбылуан са саҳәшьа,
Ҳаԥсадгьыл ду амца анацраз…
Саида Делԥҳа раԥхьаӡатәи лышәҟәы аԥхьажәаҿы уи лҩыза гәакьа, апоет Гунда Сақаниаԥҳа илыҩуеит:
"Аԥхьаҩ, ухаҵкы! Уажәы уназхьысран иҟоу ашәҟәы абӷьыцқәа ҿаҭахьак иаҩызоуп, лахьынҵак ауасиаҭ, ԥсҭазаарак алашара, агәырӷьара, ԥсҭазаарак амца, уи аԥхара еиднакылап ҳәа ҳгәыӷуеит згәаҿы ацқьара мыӡыц ауаа. Аизга "Сыдгьыл санықәны" Саида Делба раԥхьаӡатәи лышәҟәоуп.
Ари ашәҟәы аҭоурых, апоет лҭоурых уаҵәтәи усуп, аха ус акәзаргьы, иааркьаҿны зыда ԥсыхәа ыҟам ажәақәак…
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2018
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Саида Делԥҳа лфырԥҳәысра иазкны
Аизга "Сыдгьыл санықәны" еиднакыло Саида Делба лырҿиара абжа аиҭабжоуп. Иџьоушьаша, Иуа Коӷониа иаамышьҭахь аԥсуа поезиаҿы 26 шықәса инарылагӡаны асҟак ҟазҵахьоу дмаҷӡоуп, иахьазы дыҟаӡам уҳәартә иҟоуп. Шаҟа имаҷӡаны инылҵыз аҟара еиҳаны шәышықәса ирҭысхьаз ииҩран иҟаз лҩит уҳәартә иҟоуп лырҿиара. Иџьоушьаша, машәыршәагьы иуԥылаӡом иҭацәу, баша иҩу, иҳәоу цәаҳәак, ак аҵкыс ак еиӷьны…
Зныҭрысгьы ауаҩы илшаӡом уи аҵанӡа анеира, уи аамҭа ду аҭахуп. Рыцҳарас иҟалаз, абри аҩыза апоезиа иахьанӡа ҳахьалыхәдаз ауп…
"Сара схьаа аҟноуп сынасыԥгьы ахьыҟоу!" Ахьааи анасыԥи иузеидымкыло ҩ-ԥсҭазаарак - ус лыԥсы ҭан. Саида насыԥ змоу ахьаа лаша лыцын.
"Ақәра рацәа анҵра сацәшәоит, иҟоу зегьы ззыхгода. Сшәоит ҳәа акәым, аха сықәра иахьынӡахәҭоу снамӡар ҟалоит. Сара сызусҭада, аӡәгьы, акгьы, аха ус акәзаргьы, исылшо ҟасҵар сҭахуп, саргьы суаҩуп".
Ааи, Саида лымшынҵа ишҳанаҳәо еиԥш, асҟак агәыҵаӷа зызҭаз, убасеиԥш доуҳамчык лыман, арык дырҿагылан драбашьыртә еиԥш. Лгәы ҵаӷан, иԥшқан, иагьыӷәӷәан, иагьыџьбаран. Уи ауп Саида излылымшоз ҿымҭ агәырҩара, ҳаԥсадгьыл ахьчараз ҳаҷкәынцәа дызрывагылаз. Апоет илшаӡом усҟан аҩра, илшо акоуп - ақәԥара!.. Аԥсра – ахақәиҭраз, избанзар уи идыруеит иреиҳау ахақәиҭра агьама закәу. Уи ақәԥара дацәшәаӡом, уи ҿыцаартраӡам, ус илшеит Баирон, ус илшеит С. Бардодым, ус илылшеит Саида. Ишырҳәо еиԥш, апоет дыԥсӡом ихы нықәҵан зегь реиԥш, уи дҭахоит. Насыԥ имоуп апоет уи аҩыза алахьынҵа алызхыз, уаҵәтәи алашараз, уаҵәтәи амш ахақәиҭраз зыԥсы ҭызхыз. Насыԥ лыман Саида, хьаала иҭәыз анасыԥ…"
Саида Делԥҳа лыстудентә шықәсқәа раан Зеррин Шамԥҳа илзылыҩхьаз асалам шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2017
Саида Делԥҳа лысалам шәҟәы аҟынтә: сара шәара шәызхәыцра сыцизшәа ауп схы шызбо
Уажәы абра апоет илызку сцәаҳәақәа рхыркәшамҭаҿы иаазгар сҭахуп Саида Делԥҳа лнысымҩа. Уи уаҵәы игыло ҳҿар рзы даара акраанагоит, ирдыруазароуп:
Делба Саида Бадра-иԥҳа, аԥсуа поет, ажурналист, апублицист, диит ԥхынгәы 27 1965 шықәсазы Аԥсны Тҟәарчал ақалақь аҿы. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ланашьоуп (данҭаха ашьҭахь). 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Иланашьоуп (данҭаха ашьҭахь) аҳәынҭқарратә ҳамҭа Леон иорден. Дыҩуан аԥсышәала.
Саида Делԥҳа Тҟәарчалтәи ахәбатәи абжьаратәи ашкол далгеит. 1982 ш. дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет. 1985 ш. диасит М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь, аха 1987 ш. ҩаԥхьа Аԥсныҟа дхынҳәит, лҵара иацылҵеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Иреиҳау аҵараиурҭа далгеит 1989 шықәсазы. 1990 ш. инаркны рҵаҩыс аус луан Гәдоуҭа араион Дәырԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. Адырҩашықәса нахыс Гәдоуҭа иҭыҵуаз агазеҭ "Аублаа" редактор хадас даман. Ари агазеҭ ианылҵон лхатә статиақәагьы.
© Фото : предоставлено Дмитрием ГабелияГугуца Джикирба, Алина Ачба, Батал Гунба, Инна Хаджимба, Екатерина Бабиа, Мариа Даутиа и Саида Делба
Гугуца Джикирба, Алина Ачба, Батал Гунба, Инна Хаджимба, Екатерина Бабиа, Мариа Даутиа и Саида Делба - Sputnik Аҧсны
1/4
Гугуца Джикирба, Алина Ачба, Батал Гунба, Инна Хаджимба, Екатерина Бабиа, Мариа Даутиа и Саида Делба
© Фото : предоставлено Дмитрием ГабелияСаида Делба
Саида Делба - Sputnik Аҧсны
2/4
Саида Делба
© Фото : предоставлено Дмитрием ГабелияСаида Делба
Саида Делба - Sputnik Аҧсны
3/4
Саида Делба
© Фото : предоставлено Дмитрием ГабелияСаида Делба
Саида Делба - Sputnik Аҧсны
4/4
Саида Делба
1/4
Гугуца Джикирба, Алина Ачба, Батал Гунба, Инна Хаджимба, Екатерина Бабиа, Мариа Даутиа и Саида Делба
2/4
Саида Делба
3/4
Саида Делба
4/4
Саида Делба
С. Делба раԥхьатәи лажәеинраалақәа ажурнал "Алашара" аҟны икьыԥхьын (1984, №1). 1986 ш. аҭыжьымҭа ҩаԥхьа ианылеит лажәеинраалақәа (№3), лҩымҭақәа анылон иара убас агазеҭ  "Аԥснытәи ауниверситет ". Данҭаха ашьҭахь лажәеинраалақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа "Алашара", "Абаза", агазеҭқәа "Аԥсны", "Бзыԥ", "Еҵәаџьаа", аизгақәа "Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи". (Аҟәа-Сухум, 1995). Апоет лажәеинраалақәа маҷымкәа ианылеит "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009). Лажәеинраалақәа жәпакы аурысшәахь еиҭаганы икьыԥхьын еиуеиҧшым аҭыжьымҭақәа рҟны, урҭ еиҭаргеит Л. Лиубченко, Е. Чуприна, В. Занҭариа уҳәа егьырҭгьы.
Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра (1992-1993 шш.) ианалага иаразнак Аԥсадгьыл ахьчара дцеит. Мрагыларатәи афронт аибашьцәа дрыцны медиаҳәшьак лаҳасабала дрылахәын еиуеиԥшым ажәыларақәа. Урҭ руак аан Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан ахәра ӷәӷәа лоуеит. 1992 ш. декабр 30 ауха Тҟәарчалтәи арратә хәышәтәырҭахь днаган, илоуз ахәра иахҟьаны ианар 1 азы лыԥсҭазаара  ҿахҵәеит.
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Сыдгьыл гәакьа санықәны. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1996; Амацәыс ашьҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2005; Сагеит сара сыдгьыл ахьаа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009.
Ажәабжьқәа зегьы
0