"Сахьаԥсыуаз азы срыпҟон": аибашьра раԥхьатәи амш иацу агәалашәарақәа

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтечественная война народа Абхазии 1993-1994 года. Разрушенные дома в центре города Сухум
Отечественная война народа Абхазии 1993-1994 года. Разрушенные дома в центре города Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа нанҳәа 14 рзы иҵуеит 29 шықәса Ақырҭуа ҳәынҭсовет ар бџьарла еиқәных Аԥсны атәыртәырц еибашьрала иақәлеижьҭеи. Аибашьра раԥхьатәи амш уи иақәшәаз, иахаанхаз, досу игәалашәараҿы шәахсҭак ааннажьит. Уи иазкуп Есма Ҭодуаԥҳа анаҩстәи ланҵамҭа.
Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Агәалашәарақәа ҭоурыхтә документуп уҳәар ауеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку агәалашәарақәа аибашьцәа рҟынтәи еиԥш, иара зхьысыз ауаа рҟынтәигьы анҵара актуалра злоу зҵаароуп. Аибашьра иазку ашәақәа, алафқәа, аҿаԥыцтә ажәабжьқәа инарываргыланы, агәалашәарақәагьы идырҿиоит хазы игоу ажанр. Агәалашәарақәа ауаҩы иҩны иаанижьыр ауеит мшынҵак аҳасабала, аудио-авидеоҭыхымҭаны, мамзаргьы ҿырҳәала, аӡәы даҽаӡәы изеиҭеиҳәо аимадарала.
Война в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2020
"Мышкы ииз мышкы дыԥсуеит…" – аибашьра жәлар рытрадициа ишаныԥшыз
Аибашьра иазшьуамызт ауаҩы ихәыцрақәа, иемоциақәа, ицәаныррақәа. Лымкаала, агәалашәарақәа рҿоуп иахьааԥшуа ауаҩы ицәҭахаз рызхьаара, аӷа ицәымӷра, аиааира аигәырӷьара, аԥсадгьыл абзиабара, ахәышҭаара ахьчара, аивагылара уҳәа реиԥш иҟоу аҟазшьақәа.
Афронттә фольклор анҵаҩцәа ҳәа иуԥхьаӡар ауеит иара аибашьра анцоз аамҭазы аибашьыҩцәа ирацәажәаны анҵамҭақәа ҟазҵоз. Урҭ рыбжьара иҟан ипрофессионалцәаз афольклористцәа, аетнографцәа реиԥш, ажурналистцәа, акорреспондентцәагьы. Убас иҟаз дреиуан Гәдоуҭа араион, агазеҭ "Бзыԥ" адҵала аибашьра ахроникат анҵаҩыс афронт ахь ицаз Кәасҭа Габниа. Уи ианҵамҭақәа ари агазеҭ ианылон аибашьра анцоз ашықәсқәа раангьы, аха аӷьырак мшынҵаны еиқәирхеит. Уи аҟны ирацәоуп иара дзыҿцәажәаз аибашьцәа рҟынтәи ианҵоу аибашьра раԥхьатәи амш иазку агәалашәарақәа, досу дахьақәшәаз, дшақәшәаз.
Есма Тодуаԥҳа лышәҟәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2017
Ашьа зхьыршоу амшынҵа
Урҭ инрылукаартә иҟоуп Шьалуа Кәакәасқьыр игәалашәарақәа. Уи аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы аӷацәа рнапы дыҵашәан дыҟан. Абар уи атәы шаарԥшу амшынҵа аҟны:
"Аҽны, сабхәа иашьа, ичмазаҩны аҩны ишьҭоу, сизцеит… Ачымазаҩ аҩбатәи аихагылаҿы дышьҭан, сара даҽа уаҭахк аҿы… Агәашә аартны, агәара иааҭалеит исзымдыруаз џьоукы, бџьарла еиқәных. Ашә аартыха смаӡакәа, руаӡәк иабџьар аасҿеикит, даҽаӡәы сҿы инадикылт, ахԥатәи – иаҳәызба иикыз сыхәда иҵаикит. "Абџьар абаҟоу?" - ҳәа иҵаауан. Ачымазаҩ ишьҭыбжь анраҳа, уахь инеит, ипҟара иаҿын. Имашәкузеи ачымазаҩ ҳәа аҿыҭра саналага, сара сахь иниасын, сыпҟара иалагеит. Руаӡәы магәла сымгәацәа дҭасуан, егьи ишилшоз ала сҷапан ахы иарбаны идәықәиҵаз иҭаҷкәым саахеит, сышьҭҟьаны адашьма сықәҳаит. Нас машьынак сақәыртәан, амилициахь сыргеит. Хәымш акарцер сҭакын…" – абас иҩуеит амшынҵақәа равтор.
Аӷа мчыла иҟаиҵоз анырра адагьы ауаҩы ипсихологиатә хәыцшьагьы ихәаҽырц даҿын.
Щазина Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2017
Арадио
Шьазина Џьапуаԥҳа: аибашьра алагеит анырҳәа- ииашахарым ҳәа сгәыӷуан
"Иудыруама, уара, узықәгылоу адгьыл зтәу? - иҳәан, схы сырҵысит "издыруеит" ҳәа. – Изтәыда? – ҳәа деиҭасҿаԥшит. – Аԥсуа идгьыл ауп!" – сҳәеит, сажәа салымгацкәа аӡәы сыхәдаџьал дасит", – абас иахьаԥсыуаз азын мацара, аԥсуа идгьыл иахьықәгылаз азы аԥсуаа ықәырхуеит ҳәа иаҿын ақырҭуа оккупантцәа.
Ари анҵамҭа амацарагьы иунарбоит аӷа раԥхьатәи амш инаркны игәымбылџьбарара зеиԥшраз, уи Аԥсны аҭарцәра дшашьҭаз. Ас еиԥш иҟоу анҵамҭақәа аибашьра аҿахәы зҳәо, зыԥсы ҭоу ажәаны иаанхоит. Урҭ агәалашәарақәа реизгара, ранҵара еиҵагыло абиԥаразы хәы змаӡам ҭынхахоит. Уи адагьы, иазгәаҭатәуп, аԥсуа-ақырҭуа еибашьра ҳхысижьҭеи абар ахԥатәи ажәашықәса ҳҭаларц егьшҳагымгьы, уи ганрацәала аҭҵаара, анализ азура аҭахны ишыҟоу иаанхоит. 
Ажәабжьқәа зегьы
0