"Аиха иалху аибашьҩы": Шамил Аҟәысба игәалашәаразы

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааШамил Акусба
Шамил Акусба - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 20 рзы, 109 шықәса ҵит ашәҟәыҩҩы-аибашьҩы Шамил Раџь-иԥа Аҟәысба диижьҭеи. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит иара изкны апоет Анатоли Лагәлаа иазирхиаз аматериал.
Сара ибзиан дысгәалашәоит Шамил Аҟәысба. Уи раԥхьаӡа аусура ҳәа сшьапы ахьеихызгаз ашәҟәҭыжьырҭа "Алашараҿы" аус иуан редакторс. Даара иқәрахь днеихьан усҟан, аха аколлектив аҩнуҵҟа пату дуӡӡа иқәын, ииҳәоз иқәныҟәон, иазҵаауан, иаԥхьа ииасуамызт…
Саргьы уи шәҟәыҩҩык иаҳасабала анаҩсангьы издыруан Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҿ даара акыр шихигаз, аҳауахь уи иҳаирыплан анхалоз анемец фашистцәа рцәа ишҭаӡыӡоз иҩызцәа ашәҟәыҩҩцәа даара гәадурыла ианеиҭарҳәоз саҳахьан.
Ашьҭахь сара ажурнал "Алашарахь"” саниас, апоет Мушьни Миқаиа иагьлафны, иагьҵабыргны акырынтә исзеиҭеиҳәахьан: "Ҽнак зны, усҟан ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аҟны аус зуан, ҳаланагалан аҳаирыпланқәа рыӡбахә ҳалацәажәон. Сара уа итәаз ашәҟәыҩҩцәа зегьы сзыӡҩрӡозшәа анызба, мыц хәыҷыкгьы аласҵеит, арра сахьыҟаз парашутла хынтә сыԥахьазшәа, уимоу, зны имаатызшәа, аха сеилҟьара мыцхә схы иархәаны, аҳауа сшалаз иаасыртызшәа! Исзыӡҩруазгьы уара ари акыр илшахьазаап ҳәа сџьашьаны исыхәаԥшуан. Уимоу, аибашьра Дуӡӡа аан абриаҟара зхыгахьаз Шамил Аҟәысбагьы ҿымҭӡакәа дӡҩруан, иччаԥшь мчыла иаанкылауа. Усҟан сара иабаздыруаз уи 83-нтә аҳауа аҟынтәи анемец фашист ир қәҿиарала еилаԥыххаа ишықәиҵахьаз! Ашьҭахь, иара ила акәымкәа, егьырҭ ҳҩызцәа шьоук рыла иансаҳа иара иҟаиҵахьаз ахаҵарақәа, уара уахьтәаз абри аҩыза амц ахьсамхаҳәаз азы саҭамзааит ҳәа иасҳәеит!.."
© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааШамил Аҟәысба
Шамил Акусба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Шамил Аҟәысба
Шамил Аҟәысба раԥхьаӡа дцәырҵит 1955 шықәсазы ажурнал раԥхьаӡатәи аномер аҿы "Ари машәырӡам, дад!" захьӡу иажәабжь ала. Уи аԥхьагьы ажәеинраалақәа иҩхьан, аха еиҳараӡак иара иԥсҭазаара зегьы здиҵаз апрозеи аиҭагареи рус ауп. Насгьы, абраҟа иазгәаҭатәуп, ашәҟәыҩҩы аԥсҭазаара даара акыр далаԥшны ишибахьаз, аԥышәа ду шимаз, еиҳараӡакгьы уи аибашьраҿ дызлеиқәхаз аҳәара аҭәы даара иуадауп… Уи иҳаирплан дақәтәан аҳауа даналалоз аӷа ицәа дҭыбзаауан, дадырсызшәа дшьаҳиҭханы даанхон, уи аамҭа иалагӡаны аԥсуа ҷкәын афашист ир амцаԥшь рыцреиҵон.
Ирҿиара атәы ҳалацәажәозар, уи даара ҟазарыла еиҭеигахьан аурысшәахьтә -А. Гаидари, В. Катаеви, Н. Думбаӡеи, Ф. Искандери, Х. Андерсени уҳәа ирацәаҩны ашәҟәыҩҩцәа дуқәа. Еиҳараӡакгьы Фазиль Искандер, уи иажәабжьқәа еидызкыло шәҟәык шеибгоу аурысшәа аҟынтә аԥсшәахь еиҭеигахьан, шәҟәны иҭижьхьан, ажурналқәа "Алашареи" "Амцабзи" ирниҵахьан, аԥсуа ԥхьаҩцәа аԥсышәала ибзиан дыдирдырхьан. Ф. Исканер ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа Алықьса Гогәуеи, Џьума Аҳәбеи, Витали Амаршьани деиҭаргахьан, аха асеиԥш еидкылан шәҟәыкны иҩымҭақәа аӡәгьы иҭимыжьцызт иара иҟынӡа.
Еиҳараӡакгьы Искандер раԥхьаӡатәи иҩымҭақәа иреиуоу, иара шәҟәыҩҩык иаҳасабала адунеи ихьӡ азырдырыз иповест "Анапыхьарџь". Насгьы абра иазгәаҭатәуп, Шамили Фазили аиуара дугьы шрыбжьаз, урҭ аҩыџьагьы уи даара пату шақәырҵоз… Автор шәҟәыҩҩык иаҳасабала аԥхьаҩцәа бзиа дырбартә дышьҭызхыз иҩымҭақәа иреиуоуп: "Ашьҭыԥраара", "Нарҭаа рымца", "Аҵх лахҿых", "Ажәылара аламҭалаз", "Иҭабуп санду", "Арбаӷь ссир" уҳәа ирацәаны.
© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааШамил Аҟәысба
Шамил Акусба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Шамил Аҟәысба
Уи раԥхьаӡа ашәҟәҭыжьырҭаҿ редакторс дыҟан, нас редактор хадас, ҳапсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа зегьы иара инапы иҵыҵны акәын аԥхьаҩ ишиоуаз. Иара шәҟәыҩҩык иаҳасабала илаԥшҳәаа дырҭбаауан дзыԥхьоз, насгьы аибашьраҿы иибаз, дызлаԥшыз еиҳагьы ицхраауан, ибаҩхатәра амҵәыжәҩа анаҭон.
415-нтә аӷа иқәхразы ҳаирыпланла ишьҭыԥрааз аԥсуа ҷкәын, убри ада уаҳа иԥсҭазаараҽы акагьы ҟаимҵаӡаргьы ахааназ ҳаԥсуа ҭоурых мацараҿ акәым, усҟантәи Асовет Еидгыла зегьы аҭоурых аҿы ихьӡ камшәо ахааназ иаанхон!
Уажәы ҳагәылаԥшып аибашьҩы-ашәҟәыҩҩы иԥсҭазааратә мҩа, иҭоурых, уи акырӡа аҵанакуеит уаҵәы игылоу аҽар рзы:
Аҟәсба Шамиль Раџь-иҧа диит нанҳәа 20 1914 шықәсазы Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка – иахьатәи Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. Шамиль Аҟәысба дышәҟәыҩҩын, деиҭагаҩын, СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа 1041-1945 шш далахәын. Ианашьан «Аџьар Ҟаҧшь» аорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден актәи аҩбатәи аҩаӡарақәа, амедалқәа. Дыҩуан аҧсышәала.
© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааШамил Аҟәысба
Шамил Акусба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Шамил Аҟәысба
Ашкол даналга, аҵара иҵон Зегьеидгылоутәи ақыҭанхамҩатә институт аҿы, аха дук мырҵыкәа усҟантәи Асовет Еидгыла акоммунисттә ҿар иҟарҵаз ааҧхьарала, Одесса дцаны арратә ҧрыҩцәа рҵараиурҭа дҭалоит. Иҵара анхиркәша ашьҭахь, днаҧхьан Азиабжьаратәи арратә округ ахь. Аха араҟагь даанымгылаӡеит – Зегьеидгылатәи арратә-авиациатә академиаҿы акурсқәа дырхыжьны, дрышьҭуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ахь, Аҧсадгьыл ахьчаразы. Аибашьраҿ ихы имырҧхашьеит – иҟәыӷара, игәымшәара, ифырхаҵара ҿырҧшыган напхгара зиҭоз аҧырҩ-еибашьцәа ргәыҧ еиднакылоз зегьы рзы. Хаҭала 415-нтә дышьҭыҧрааит, арҭҟәацгақәа рықәижьуан асовет дгьылҵакыра аанкылан измаз ҳаӷацәа, урҭ ирымаз аиҿкаарақәа. Аибашьраан иааирҧшыз агәымшәаразы, ахымшаҭаразы, иҩызцәа дук мырҵыкәа "Аиха иалху аҧсуа" ҳәа ахьӡ ҷыда ирҭеит.
© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааШамил Аҟәысба иҩызцәа аԥырыҩцәа рыгәҭа
Шамил Акусба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Шамил Аҟәысба иҩызцәа аԥырыҩцәа рыгәҭа
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анеилга, Аҧсныҟа даныхынҳә ашьҭахь, аусура далагеит Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы. Уи имаз аҧырратә ҧышәа, аиҿкааратә баҩхатәра абаӷәаза аусзуҩцәа зегьы рзы иҿырҧшыган, пату иқәырҵон, рҵаҩык иаҳасабала ихәаҧшуан. Аха дышқәыҧшыз аҧсуа сахьаркыратә литературахь изцәырҵыз абзиабара, ицәа иалаз абаҩхатәра – ҭынч дартәомызт, иҭахын исахьарку ажәала ихигаз аҧхьаҩ изеиҭеиҳәар, даҽазныкгьы уи агәра ииргарц ҳажәлар ирхыргаз аибашьра арыцҳара дуӡӡақәа шацыз. Арҭ зегь рызхәыцра, ажәабжьқәеи ановеллақәеи рҳәаақәа рҭагӡара, бызшәа беиала раарҧшра ашәҟәыҩҩы днарҧхьеит ажурналқәеи агазеҭқәеи рахь.
Аусура далагеит ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аредакторс, нас ихьӡ рҳәеит аредактор хадас. Абарҭ аамҭақәа инадыркны иара ирҿиаратә усура еиҳа амҽхак ҭбаахеит, - иажәабжьқәа рнылеит ажурнал "Алашара", Москва иҭыҵуаз ар ргазеҭ "Советский войн", ажурнал "Наука и религия" уҳәа егьырҭгьы. Аҧсны хаз шәҟәны иҭыҵит "Арбаӷь ссир", "Иҭабуп, санду" зыхьӡу ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа реизгақәа. Ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа иаарылҳәҳәоит иара дызнысыз амҩа хьанҭа атәы исахьарку ажәала аҧхьаҩ изеиҭазҳәо, аибашьраҿ, аҧсреи абзареи рхықәаҿ дангылаз иара иҭагылазаашьа, аҧсадгьыл ахь имаз абзиабара ҳәаа шамамыз ҳзырбо иажәабжьқәа рышәҟәы "Ашьҭыҧраара".
© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааШамил Аҟәысба ишәҟәы "Ацҳа"
Шамил Акусба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Шамил Аҟәысба ишәҟәы "Ацҳа"

Арҿиаҩы ибызшәа цқьан, имарианы инеиуан аҧхьаҩ игәаҿы. Убри азын ауп аҧсуа ҧхьаҩцәа бзиа ибаны изрыдыркылаз аҧсшәахь еиҭеигаз аурыс хәыҷтәы шәҟәыҩҩы А.Гаидар иповестқәа "Ҭемыри уи икомандеи", "Адаул асҩы илахьынҵа", Ҳ. Андерсен, В. Катаев, Н. Думбаӡе уҳәа рҩымҭақәагьы. Иаҵаз ахшыҩҵаки аиумори ирыгымхаӡеит аҧсшәахь еиҭеигаз Ф. Искандер иповест "Анапыхьараџь".
Аҭыжьымҭақәа: Аҧсышәала: "Ашьҭыҧраара", "Нарҭаа рымца", "Аҵх лахҿых", "Ацҳа". "Ажәылара аламҭалаз"; аурысшәахь аиҭага: "Аҵх лахҿых".
© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааШамил Аҟәысба
Шамил Акусба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Шамил Аҟәысба
Аԥсҭазаараҿы акырӡа зхызгаз ауаҩы, аԥсра алакҭа зқьынтә иҭаԥшхьаз, аха зыԥсадгьыл ду ахьчараз аӷьеиҳәа игылаз, хьыӡла-ԥшала зеибашьра хзыркәшаз, илаз абаҩхатәра еиқәырханы ихынҳәыз, аибашьра атәы зныԥшуа аҩымҭа бзиақәа аԥызҵаз, ақәра бзиа нызҵыз ашәҟәыҩҩы ихьӡ ԥшӡа ахааназ ҳдоуҳатә культураҿы иаанхоит… Уи иҩызцәа аибашьраҿы "Аиха иалху аибашьҩы" ҳәа ахьӡ ирҭеит, ахааназгьы, аибашьра аҭоурых аҿы хьтәы нбанла ихьӡ анхалоит!
Ажәабжьқәа зегьы
0