Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин Жәлар ракзаара амш идиныҳәалеит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПразднование Дня народного единства в России
Празднование Дня народного единства в России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла Жәлар ракзаара амш.

АҞӘА, абҵ 4 – Спутник Аԥсны. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Урыстәыла Жәлар ракзаара амш инамаданы. 
«Ари аныҳәа Урыстәыла амчи афырхаҵареи, еиуеиԥшым аҭоурыхтә хҭысқәеи раан,  ажәлар иаадырԥшуаз аидгылара иасимволуп.
Иахьа ажәларқәа маҷымкәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш ҭынч Урыстәыла имҩаԥнаго аполитикатә курс иадырҳәалоит. Аԥсны аинтересқәа ирықәшәоит Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара.
Агәра ганы сыҟоуп, ҳҳәынҭқаррақәа ганрацәала русеицура есааира ишыӷәӷәахо, иагьшыҭбаахо.
Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, ишәзеиӷьысшьарц сҭахуп имариам шәусқәа рынагӡараҿы агәабзиареи аманшәалареи, Урыстәыла ажәлар аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи», – абас аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0