Аблоҭиа: Аԥсны акино арҿиаразы "Кунаки" алшара ҿыцқәа аԥнаҵоит

© flickr.comПленка. Архивное фото.
Пленка. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы иацҵоуп аконкурстә фильмқәа дырбара.

АҞӘА, абҵ 5 – Спутник Аԥсны.  Акинофестиваль "Кунаки" абарҭ аусумҭақәа рыла иацҵахеит: "Атеатр "Авулкан" аҿы" автор Вениамин Смехов, "Шықәсыла ашьаҭақәа рыԥшаара" Асиа Иусупова, "Кончезерсктәи ауахәама аҩызцәа" Светлана Пушкина, "Едуард Казариан: Ауаҩы-ссир" Аик Ордиан, "Ауахәамахь амҩа" Ирина Мингалеева, "Аԥҵәара" Марина Чуваилова.

"Аконкурстә программаҿы иҟоуп сахьаркыратә ҟазарала еиуеиԥшым аусумҭақәа, ажиури алахәылацәа аус руеит урҭ рҟынтә еиӷьу ралхраз. Есыҽны акы-ҩба фильм алҳкаауеит, урҭ аконкурс ахалархәра ацырҵоит", — иҳәеит Аблоҭиа.

Акинофестиваль атрадициақәа рыла, есышықәса уи амҩаԥгара азыркуеит Кавказ аҭоурых аҿы имаҷым аҵакы змоу иалкаау хҭыск. Сынтәа уи азкуп Актәи адунеитә еибашьреи, уи аҟны Кавказ ажәларқәа ралахәхареи. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган астол гьежь "Кавказаа Актәи адунеитә еибашьраҿы. "Дикаиа дивизиа" Иуникалтәу аҭоурыхтә ԥышәа".

"Ари еиԥш иҟоу аиԥыларақәа алшара ҟарҵоит афильмқәа рыхәаԥшраан иумоуа адыррақәа рырҳара. Сгәы иаанагоит, араҟа ишьҭырхыз атема зегь раԥхьа иргыланы аинтерес аҵалоит ҳәа Урыстәыла арегионқәеи, аҳәаанырцәынтәи иааз  афестиваль алахәылацәеи рзы", – иҳәеит акинофестиваль адиректор Илиас Богатырев.

Астол-гьежь алахәылацәа азааҭгыланы иалацәажәеит Актәи адунеитә еибашьраан Кавказ ажәларқәа иҟарҵаз алагала атәы. Аибашьра адәаҿы урҭ фырхаҵарыла рхы шаадырԥшуаз, урҭ рхыԥхьаӡараҿы аԥсуа еибашьцәа ргәыԥ "Абхазскаиа сотниа".

Ишәгәалаҳаршәоит, акинофестиваль «Кунаки» раԥхьаӡа акәны Аԥсны ишымҩаԥысуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0