АҞӘА, ажь 13 – Sputnik, Наала Аҩӡҧҳа. Ажьырныҳәа – ижәытәӡатәиу ныҳәоуп. Аҵарауаа изларҳәо ала, уи ҩ-нызқь шықәса инеиҳаны иахыҵуеит.
Ажьырныҳәа аҭаацәаратә, абиҧаратә ныҳәоуп, иагьидҳәалоуп ажьира анҵәахәы. Ари аныҳәа азгәарҭоит ажьира змоугьы измамгьы.
"Аҭаацәа аиҳабы Анцәа диашьапкуеит, диҳәоит иҭаацәа дырхылаҧшырц, ацәгьа иаҟәигарц, арыцҳара иацәихьчарц. Иара убас аихалых аиха, аигәышә уҳәа, ҧырхага рнамҭарц", — лҳәеит аетнолог, Аҧсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Марина Барцыцҧҳа.
Ажьира змоу аҭаацәарақәа рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәа шьны, иара убас ашьтәа агәыи агәаҵәи, аҩыцқьеи, акәакәарқәеи рыманы ажьираҿы ицаны иныҳәоит, рыцԥхьаӡа ацәацқьа иалху ацәашьқәа рзадыркуеит. Ажьира змамагьы аныҳәа иаԥылоит, аха урҭ рритуалқәа акыр еиҳа имариоуп.
Аныҳәа адырҩаҽны аҧсуаа еиҭанеиааиуеит, агәылацәеи, ауацәеи еидныҳәалоит. Ари амш азы аҵак ҷыда рымоуп ауаҩы ииҳәои иҟаиҵои зегьы.
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аԥсны абиуџьет азы еиҳагьы ихәарҭахоит ашықәс зегьы иалагӡаны апутиовкақәа рҭилар ҳәа иҳәеит атуризм азы Урыстәыла Ауаажәларратә хеилак асанатор-курорттә ҿиаразы акомиссиа ахантәаҩы Дмитри Богданов ҳәа аанацҳауеит апортал Country Scanner.
Иара иазгәеиҭеит иааиуа ҩымз рзы шәачатәи апансионатқәеи асанаториқәеи реиҳарак рахь иҭиу аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара 80% инаӡоит ҳәа. Иҟоуп жьҭаарамзазтәи аҭирақәагьы аанызкылахьоу.
Богданов игәаанагарала, Аԥсны иалшон Шәача иҟоу апансионатқәа разымхара ахарҭәаара.
"Аԥхын мацара акәымкәа ашықәс зегьы иалагӡаны апутиовкақәа ҭилатәуп. Аԥсны абиуџьет уи азеиӷьымхозар иазеицәахом", - ҳәа иҳәеит Богданов.
Ареспублика аԥхьанатә 500 000-ҩык рҟынӡа аныҟәаҩцәа аднакылар, краснодартәи асанаториқәа акыр рхы иақәиҭхон.
Убри аан иара игәаанагарала ахәԥсақәа рыцҵара аҭахым, амаҵзура аиӷьтәреи аматериалтәии атехникатәии база рырҭбаареи роуп иаҭаху.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәылатәи аҵараиурҭа азыхиоуп атуризм аганахьала аԥснытәи абитуриентцәа рыдкылара
Делба Ростуризм аделегациеи иареи атуристтә усхкы арҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит
Урыстәылаа еиҳа иргәаԥханы иалырхуа аҳәаанырцәтәылақәа Аԥсны рыҵаркит
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Аԥсны ацхырааразы иааны иҟаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьым хада Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанови.
Аслан Бжьаниа Урыстәыла АА амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь амедусзуҩцәа гәык-ԥсык ала русураз, рыцхыраараз ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Агоспиталь аиҳаб иакәзар, уи аҭакс ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аҳақьымцәа русуразы ирзыҟаҵаз аиҿкаара. Ахада агоспиталь аиҳабы ианеишьеит аҳаҭыртә шәҟәыбӷьыц, агәаларшәагатә ҳамҭақәа.
Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Ари агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшо иҟан.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит жьҭаара 19 рзы, адырҩаҽны аусурагьы иалагеит.
Уи аахыс ара ахәышәтәра иахысхьеит 500-ҩык ареспублика ауааԥсыра. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 20-ҩык.
Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, имҩаԥган алабораториаҿ 5195 ПЦР тест.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Двинианин амобилтә госпиталь амедусзуҩцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа риҭеит