Едуард Нерсесиан аҵыхәтәанти имҩахь днаскьаргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЕдуард Нерсесиан аҵыхәтәанти имҩахь днаскьаргеит
Едуард Нерсесиан аҵыхәтәанти имҩахь днаскьаргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩ Едуард Нерсесиан аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит.

АҞӘА, жьҭ 15 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҳҭнықалақь аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит зусуратә уалԥшьақәа рынагӡараан иҭахаз Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩ Едуард Нерсесиан.

"Уи хаҵаҵас дҭахеит, иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа шынаигӡоз. Едуард иеиԥш иҟоу ауаа ҳаманаҵ ҳҳәынҭкарра аҟазаара азин амазаауеит", — иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Зураб Марганиа.

Едуард Нерсесиан аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иалахәын Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, аԥыза-министр Беслан Быҭәба, Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семен Григориев.

"Ҳаӷа иҿагылараҿы иаҳзеиԥшу ацәыӡқәа ҳауит, уи азы аҭынч ԥсҭазаараҿгьы ҳәоуеиқәшәала ҳаҟазар ауп", — азгәеиҭеит Григориев.

Иааирԥшыз агәымшәара ҷыдазы Аԥсны Ахада ақәҵара инапы аҵаиҩит аподполковник Едуард Нерсесиан иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Леон иорден ианашьараз.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩ Едуард Нерсесиани  Урыстәыла ФСБ аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩ Андреи Удальцови ҭахеит ажьырныҳәа 12 рзы, рмаҵуратә уалԥшьақәа шынарыгӡоз, Гал араион аҟны ацәгьоуцәа раанкылара иазкыз аоперациа амҩаԥгараан.

Ажәабжьқәа зегьы
0