Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи қәҿиарала Казань иқәгылеит

© Фото : А. ЛеонтьевЛука Гаделиа Кристина Ешбеи, архивтә фото.
Лука Гаделиа Кристина Ешбеи, архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа дует "Акультуратә сезон Урыстәыла-Аԥсны" аҳәаа иҭагӡаны Татарстан аҳҭнықалақь аҟны иқәгылеит амҽыша.

АҞӘА, ажь 19– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиеи асопрано Кристина Ешԥҳаи "Акультуратә сезон Урыстәыла-Аԥсны 2013-2014" иҭагӡаны, апроект хдыркәшеит, абри атәы Sputnik иазааицҳаит Лука Гаделиа.

Аконцерт Казань Салих Саидашев ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә концерттә зал Ду аҟны имҩаԥысит.

"Саршанхеит иблахкыгоу аконцерттә уарӷан ду, иахылҵуаз абыжьқәа ссирын", – игәаанагара ҳацеиҩишеит Гаделиа.

Аконцерт алахәылацәа изларҳәо ала, ахәылԥаз далахәын апианино арҳәаҩы, арҵаҩы Карлен Иавриан, иара убас Урыстәыла аорӷанрҳәаҩ, Казантәи аконсерваториа аректор Рубин Абдулин.

"Акультуратә сезон Урыстәыла-Аԥсны" ԥшьы-шықәса ҵуеит имҩаԥысуеижьҭи. Апроект 2013-2014 ашықәсқәа аҳәаа иҭагӡаны  Аԥснынтәи артистцәа иқәгылахьеит Набережные Челны, Иарославль. Казань имҩаԥгаз аконцерт ари асезон азы иҵыхәтәанытәиин.

Ажәабжьқәа зегьы
0