Аҟәа аҳақьымцәа рзы арҵаратә семинар аатит

© РИА НовостиАԥҳәысеилыргаҩы асаби дылкуп.
Аԥҳәысеилыргаҩы асаби дылкуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аҟны аусура иалагеит Аԥсны аҳақьымцәа рзы асеминар.

АҞӘА, ажь 19– Sputnik, Саид Барганџьиа. Аҟәа аҳақьымцәа рзы имҩаԥысуеит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рчымазара заа аилкаареи, аԥырхагахареи ирызку азҵаарақәа рыла арҵаратә семинар, абри атәы Sputnik иазааицҳаит ООН UNICEF иатәу Ахәыҷтәы фонд агәыбзиарахьчареи, афатәи рзы аспециалист Андреи Тулисов. 

"Ҳара ахәыҷқәа аус рыдызуло зегь рзы ҳаартуп, избан акәзар дара роуп згәы рахәым ахыҷқәа ралԥшааразы алшара ҳазҭо", – иҳәеит Тулисов.

Аҳақьым Светлана Писуцкаиа лажәақәа рыла, арҭ асеминарқәа рҵакы рацәоуп, избан акәзар аҳақьым идырра иациҵартә еиԥш алшара аԥырҵоит.

"Аҳақьым есқьынагь аҵара иҵалароуп,  иԥышәа еизирҳалароуп, ихьынӡаилшо ахәыҷқәа ацхыраара риҭаларц азы", – лҳәеит Писуцкаиа.

Асеминар еиҿыркааит ООН UNICEF Ахәыҷтәы фонд, жәларбжьаратәи иҳәынҭқарратәым ахеилак World Vision, иара убас Аԥсны агәыбзиарахьчара аминистрреи еицхырхрааны. Арҵаратә семинар мҩаԥысуеит ҩ-гәыԥкны ажьырныҳәа 22-нӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0