Аӡбара-медекспертизатә биуро аҟынтә ацәгьоуцәа рыԥсыбаҩқәа ӷьычын

© Sputnik Томас ТхайцукАҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩы Едуард Нерсесиани Урыстәыла аҳәаахьчаратә хеилак аррамаҵзуҩы Андреи Удальцови рышьра иадҳәалоу ацәгьауцәа рыԥсыбаҩқәа аӡбарамедекспертизатә биуро аҟынтә иӷьычын.

АҞӘА, жьҭ 19 – Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара Аминистрра аӡбарҭа-медикатә експертиза абиуро аҟнынтә Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура усзҩы Едуард Нерсесиани, Урыстәыла аҳәаахьчаратә хеилак аррамаҵзуҩы  Андреи Удальцови рышьра иадҳәалоу хҩык ацәгьоуцәа рыԥсыбаҩқәа рӷьычит, абри атәы ааицҳаит абиуро ахантәаҩы Геннади Бобуа.

"Иаҳаҩсыз аҵых азы Акубардиа, Харгелиа, Хурилаа рыԥсыбаҩқәа ӷьычын. Зхаҭара шьақәыргылым аусбарҭа аусзуҩы дыршәаны, ацаԥхақәа лымхны аморг иҩналеит", – иҳәеит Бобуа.

Иаҭахыз аусмҩаԥгатәқәеи, аӡбара-медицинатә експертизеи рышьҭахь аԥсыбаҩқәа аексперттә биуро аҟны иҟан.

Аԥсны апрокуратура хада излаҳәо ала, ҩыџьа, зхаҭара шьақәыргылам рхы-рҿы ҵәахны ахыбра аусзуҩы дыршәаны, ажьырныҳәа 12 рзы Гал араион имҩаԥгаз аусурақәа раан иаанкылаз Джато Акубардиа, Леван Харгелиа, Нукри Хурцилаа рыԥсыбаҩқәа рӷьычит.

Аҳәынҭқарра Азинхьчаратә усбарҭа аԥсыбаҩқәа зӷьычыз рхаҭарақәа ашьақыргыларазы иаҭаху аусҭҵаара мҩаԥнагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0