Аԥсныи Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАдепутатцәа Урыстәыла Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума апленартә еилатәара аҟны. Архивтә фото.
Адепутатцәа Урыстәыла Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума апленартә еилатәара аҟны. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путини Рауль Ҳаџьымбеи абҵара 24 аиҩызареи астратегиатә еилахәылареи рзы Аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аԥсны апарламент аиқәышаҳаҭра ԥхынҷкәын 22 2014 шықәса аратификациа азыруит.

АҞӘА, жьҭ 23 – Sputnik. Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә Дума Аԥсныи Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путини Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымбеи абҵара 24 аҩ-тәылак реиҩызареи рыстратегиатә еилахәылареи рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Ари адокумент изԥхьагәанаҭоит ахыхьчареи ашәарҭадареи рзеиԥштә еиужьра ашьақәыргылараҿы ҩ-ҳәынҭқаррак рымчқәа аизакра. Иара убас Аԥсны асоциалтә стандартқәа реизырҳара иацхыраауеит.

Аԥсны апарламент ԥхынҷкәын 2014 шықәсазы аиқәышаҳаҭра аратификациа азнауит.

"Аиқәышаҳаҭра ҩ-ҳәынҭқаррак русеицуреи  реилахәылареи рзы шьаҭас иҟазаауеит. Аԥсныи Урыстәылеи русеицуразы ҭоурыхтә хҭысуп", – иҳәеит Слуцки.

Иара убас Слуцки иациҵеит Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа 80 цыра иреиҳаны ишыбжьаҵоу, урҭ аиқәшаҳаҭрақәа асферақәа зегьы ирхьысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0