Гьаргь Кәартаа: атравмашьҭахьтәи асиндром змоу ауаа ҳрыцхраароуп

© Sputnik Томас ТхайцукГьаргь Кәартаа
Гьаргь Кәартаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭкарратә апсихикатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Гьаргь Кәартаа ҳтәылаҿы апсихиатриа апроблемақәа дырзааҭгылеит Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.

Аҳәынҭқарратә психиатриатә хәышәтәырҭаҟны ахыбра ҿыц аадыртраны иҟоуп, аҳақьым хада Гьарг Кәартаа атәылаҿы апсихиатриатә прблемақәеи урҭ рыӡбареи атәы Sputnik акорресподент изеиҭеиҳәеит. Диҿцәажәон Бадраҟ Аҩӡба.

– Иарбан ҷыдарақәоу ҳауаажәлар рыԥсихика анырра азҭо?

– Адунеи аҟны иазхаҵоуп, ауаа рсоциалтә ҩаӡара рыԥсихикатә ҭагылазаашьа ишаныруа. Уи адәахьтәи афакторқәа рыла ицәырҵыз чымазарақәоуп, абиԥарала еимырдо ракәӡам, аԥсҭазаара аҭагылазаашьа цәгьа иалҵшәоуп. Уи аҩыза атенденциақәа еиҳарак иахьаҳпыло 40-60 шықәса зхыҵуа, аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ауаа рыҟноуп. Аамҭак азы, аԥсихикатә симптомда, иаҳҳәап, ашьапы ахьаа рхыргозҭгьы, аамҭа цацыԥхьаӡа ауаҩы ицәеижь ахьаа аԥыхразы ақәԥара ааннакылоит, ицәырҵуеит ачымазара алҵшәақәа.

Ауаҩ аԥхьа ихигаз абаҩлаша ааха, ахшыҩцара, ахәра ӷәӷәақәа реиԥш иҟоу аахақәа аамҭа цацыԥхьаӡа алҵшәақәа иаҳа-иаҳа ицәырҵуеит. Ари асиндром иахьатәи аамҭазы зымҽхак ҭбаау чымазароуп, Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаицхырааны уи аҵыхә ала аҭҵаарақәа мҩаԥаҳгоит, уи ачымазара алԥшаара амҩаԥгара қәҿиарала мҩаԥысуеит.   Урыстәылатәи ҳколлегацәа атравма ашьҭахьтәи синдром афактқәа 20, 30, 40 шықәса рышьҭахьгьы ицәырыргоит. Уи аганахьала аԥышәа аизырҳара ҳаҿуп.

Иахьазы атравма ашьҭахьтәи асиндром змоу 4037 ҭаацәара ҭаҩҩуп, амала  урҭ рҟынтә ахәышәтәырҭахь имаауа рацәаҩуп, сгәаанагарала уи ацифра ҩынтә еицаҳҵар ҳалшоит. Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз ауаа рыдагьы урҭ рҭынхацәагьы гәаҟуеит. 

– Гьаргь Игор-иԥа, иҳашәҳәа, апсихиатриатә хәышәтәырҭаҟны ахыбра ҿыц аартра иарбан проблемақәоу иаӡбо?

– Апсихиатриатә хәышәтәырҭақәа реиԥш иҟоу аобиект хадақәа раартра азы ацәажәарақәа 2010 шықәса инаркны иалагахьан. 2011 шықәсазы ҳзыҳәарала Аԥсны ахадараҟны иҟоу акомиссиа ахәышәтәырҭа аҭагылазаашьа абаразы иааит. Ахәышәтәырҭа аҭагылазаашьа цәгьа ишҭагылоу анырба ашьҭахь ахыбраҿыц аргылара рыӡбеит. Анаҩс ахыбра ахьыӡ ԥсахын, адиспансер аҟынтә Аҳәынҭқарратә психиатриатә хәышәтәырҭа ахь ииаган. Иахьатәи аамҭазы аргылара азы аусурақәа ахыркәшара азы маҷк ауп иагу. Уахь аиасреи, аҩаӡара ҳаракыла аусуреи гәҭакыс иҳамоуп.

– Аҿыц хыбрақәа иахьатәи аамҭа иакәшәо аиқәыршәарақәа рыла еибыҭоуама?

– Аҿыц хыбраҟны аҿыц медицинатә текника ҩнагылазаауеит. Адиагноз иашаны ақәыргылара иҳацхыраауа аибыҭарақәа роуразы иаҭахыз ақьаадтә усқәа еиҿаҳкаахьеит. Иҳауоит аенцефалографқәа, ареоенцефалографқәа адопплерогафиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы аибыҭарақәа. Арҭ аиқәыршәарақәа зегьы ауаҩ ибылшыҩи, ахәдатә сосудқәеи русушьа рыҭҵаара иазкуп. Урҭ амедицинатә еибыҭарақәа  ииашаны ахәышәтәразы ихымԥадатәиуп.

– Ачымазаҩцәа рыхәшәтәразы иаҭаху ахәшәқәа зегь шәымоума? 

– Ҳара ҳаҳәарақәа рыла аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистрра иаҳҭаху амедикаментқәа рыла ҳаибырҭоит, уи азы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Иахьатәи аамҭазы ҳахәшәтәырҭаҟны 87-ҩык ачымазаҩцәа ҳамоуп, иҳамоу алшарақәа рыла астационартә хәышәтәырҭахь 72-73-ҩык адкылара ҳалшоит. Аҿыц хыбра аартра иаҳа ирацәаҩны зыхәшәтәра аҭаху ачымазаҩцәа рыдкылара алшара ҳанаҭоит. Ҳара иҳалшаӡомызт иҳақәыз аидара аиааира, иҳазхаӡомызт ауадақәа, уи ишаҭахыз ахәышәтәрақәа рымҩаԥгара иаԥырхаган.

Ҭагалани ааԥынни апсихикатә еилагарақәа иаҳа ианырацәаз аамҭақәа рзы аусура ҳцәыцәгьан  ачымазаҩцәа амбулатортә хәышәтәырҭахь рыиагара аҭаххеит, аҳәынҭқарра апсихиатриа аполиклиникатә маҵзура ишаҭаху аус шамуогьы. Уи аҵыхә ала аҭагылазаашьа арҽеиразы ҳхатә адгаларақәак ҳамоуп.  

–  Амедицинатә маҵзура аиӷьтәразы иарбан усқәоу анаҩс имҩаԥыжәго?  

– Апсихиатриатә кабинетқәа аҳәынҭқарра араионқәа зегь рыҟны реиҿкаара ҳгәиҭоуп. Уи ачымазаҩцәеи, урҭ рҭынхацәеи рзы иманшәалахон, ҳара ҳусгьы армарион. Апсихиаторцәа ҳазхаӡом, аха ҳчымазаҩцәа ахәшәқәа шыржәо иахылаԥшлоз асоциалтә усзуҩцәа ҳус ахь адԥхьалара алшара ҳамоуп. Уи аус аиҿкаара ҳалшар, ҳара ҳусура иаҳа еиӷьхон, уи рбагахон апсихиатриатә маҵзура асистема аусура ииашоу ахырхарҭа шамоу.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0