Шьоуа иԥшәмаԥҳәыс амҩатә ԥҟара ахьеилалгаз азы ахараԥса лдыршәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмашьына, Архивтә фото.
Амашьына, Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгара аиҳабы Ныгәзар Шьоуа иԥшәмаԥҳәыс амҩатә ԥҟарақәа ахьеилалгаз иахҟьаны ақалақьтә, аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа ахараԥса лдыршәеит.

АҞӘА, жәб 2 –Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны автоинспектор хада Ныгәзар Шьоуа иԥшәмаԥҳәыс машьынала иахьаҭыԥмыз дгылан азы ахараԥса лдыршәеит, ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә автоинспекциа апресс-маҵзура.

Ныгәзар Шьоуа имашьына иахьаҭыԥым ишгылоу зну афотосахьа аинтернет ахь иҭаргалеит, уи асахьа аинтернет ахархәаҩцәа рыбжьара агәынамӡарақәа цәырнагеит.

"Аҳәынҭқарратә амашьынатә инспекциа аиҳабы иԥшәмаԥҳәыс лмашьына иахьаҭыԥмыз иаанлыжьит азы ахараԥса лыдҵан. Административтә зинеилагара акодекс ишаҳәо ала 600-1800 мааҭ ахараԥса лзылыҩаан", – абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарратә инспекциа апресс-маҵзура.

Аинтернет аҟны ицәырҵыз аинспекциа аиҳабы имашьына ихьаҭыԥым иаанижьит ҳәа аинформациа мцын, ишеилкаахаз ала амашьына аԥсҟы зкыз уи иԥшәмаԥҳәыс лакәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0