Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа рбизнес проектқәа ӡырыргоит

© Фото : предоставлено ГК РА по репатриацииҲџьынџьуаа.
Ҳџьынџьуаа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Самсун ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа акультуратә центр ахаҭарнакцәа Аԥсны аекономика, ақәыҭанхамҩа, атуризм аминистрцәа алархәны иӡырыргоит рбизнес проектқәа.

АҞӘА, 2 жәб — Sputnik, Анжелика Бениа. Самсун иаатыз аԥсуа культуратә цент ахаҭарнакцәа Аԥсны иаҭааит абизнес-проектқәа рӡыргаразы, абри атәы Аицтәылауаа реимадаразы Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аилак аҟәша аиҳабы Џьансыхә Лазба Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

Аԥсныҟа иааз ҳџьынџьуаа рделегациа дахагылоуп Самсун акультуратә центр ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ажьиба Џьеҭын, иара убас аделегациа далоуп Самсун адыга культуратә центр ахантәаҩы Чемишов Абдул Кадыр.

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә аилак аҟны еиҿкаан аибадырратә еиқәшәара. Аделегациа алахәылацәа иӡырыргеит ақыҭанхамҩеи атуризми ахырхарҭақәа змоу абизнес-проектқәа.

"Арҭ аиԥыларақәа зеиҿаҳкааз ҳџьынџьуаа ирымоу рбизнес проектқәа Аԥсны рынагӡаразы иҟоу аҭагылазаашьақәа зеиԥшроу дҳарбарц азоуп", иҳәеит Џьансыхә Лазба.

Аилак аҟны имҩаԥгаз аиԥылара ашьҭахь ҳџьынџьуаа Ахьӡ-аԥша абаҳча аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, анаҩс Ешыра Владислав Арӡынба иҳаҭгәын иаҭааит.

Џьансыхә Лазба иажәақәа рыла, иааиуа амшқәа рзы ҳџьынџьуааи аекономикеи ақыҭанхамҩаеи рминистрцәеи реиԥылара мҩаԥгахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0