Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Омаришара ақыҭаҿы абаҟақәа дрыцқьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРасчистка памятника погибшим в ВОВ
Расчистка памятника погибшим в ВОВ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ашәарҭадаразы афедералтә маҵзура аҳәаахьчаҩцәа ақыҭа Омаришара аҟны игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы иҭахаз рбаҟақәа асы леицыԥхьаӡа идрыцқьоит.

АҞӘА, жәб 14 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Урыстәыла Ашәарҭадаразы афедералтә маҵзура аҳәаахьчаҩцәа Гәылрыԥшь араион ахь иаҵанакуа ақыҭа Омаришара аҟны игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы иҭахаз рбаҟақәа асы леицыԥхьаӡа идрыцқьоит, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура аиҳабы Сергеи Огнев.

"Аӡынразы ара асы маҷымкәа илеиуеит, убри аҟнытә абаҟақәа лассы-лассы ирыцқьалатәуп. Ари гәалашәароуп ҳара ҳзы. Ҳабдуцәа ара еибашьуан еизакыз ҳаԥсадгьыл рыхьчон", — иҳәеит Огнев.

Кәыдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭаҿы ишьҭоу Омаришара ақыҭаҿы амемориалтә хаҳәқәа шьҭоуп. Урҭ ирнуп арҭ аҭыԥқәа рҿы Германиа афашистцәа ирабашьуаз архәҭақәа рыхьӡқәа. 1942 шықәсазы араҟа афашистцәа Кавказ амҽхакразы арратә операциа "Едельвеис" мҩаԥыргон.

Кәыдрытәи аиҩхааҿы урыстәылатәи аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа ́Аԥсныи қырҭтәылеи рҳәаа рыхьчоит. "Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы аусеицуразы" аиқәшаҳаҭра Аԥсныи Урыстәылеи ирыдыркылеит 2009 шықәсазы.

© Sputnik Томас ТхайцукРасчистка памятника погибшим в ВОВ
1/4
Расчистка памятника погибшим в ВОВ
© Sputnik Томас ТхайцукРасчистка памятника погибшим в ВОВ
2/4
Расчистка памятника погибшим в ВОВ
© Sputnik Томас ТхайцукРасчистка памятника погибшим в ВОВ
3/4
Расчистка памятника погибшим в ВОВ
© Sputnik Томас ТхайцукРасчистка памятника погибшим в ВОВ
4/4
Расчистка памятника погибшим в ВОВ
1/4
Расчистка памятника погибшим в ВОВ
2/4
Расчистка памятника погибшим в ВОВ
3/4
Расчистка памятника погибшим в ВОВ
4/4
Расчистка памятника погибшим в ВОВ
Ажәабжьқәа зегьы
0