Аԥсны иқәынхо ақьырсианцәа ахшлых амчыбжь азгәарҭоит

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәатәи ауахәама. Архивтә фото.
Аҟәатәи ауахәама. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачгара Ду алагаанӡа ақьырсианцәа ашә амчыбжь иҵалоит.

АҞӘА, жәб 16 –Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны ақьырсианцәа "Масленица" ҳәа изышьҭоу ашә амчыбжь азгәарҭоит, абри атәы Аҟәатәи ауахәама аԥшьаҩы аигумен Афанаси Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

Аб Афанаси ишиҳәо ала, Ачгара Ду ҟалаанӡа мчыбжьык аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Уи амчыбжь аԥхьа акәац иазкын есыҽны ахашеи ахәашеи рыда акәац рфоит, нас Ачгара аԥхьа ахшлых амчыбжь азгәарҭоит.

"Ашә амчыбжь еиҳарак ахшлых амчыбжь ҳәа иашьҭоуп, уи амчыбжь азы акәац рфаӡом, уи ацынхәра ахшлых, акәтаӷь, аԥсыӡ, ачымчамыта ришәа иқәзароуп", — иҳәеит игумен.

Иаҳҳәап, Урыстәыла Ашә амчыбжь аан ачамчамытақәа рӡоит, сасра еизцоит, аиармакақәа еиҿыркаауеит, азгәеиҭеит ауахәама аусзуҩы.

"Аԥсны имаҷымкәа аҭаацәарақәагьы Масленица ҳәа изышьҭоу аныҳәа азгәарҭоит, мчыбжьык иҭагӡаны Ачгара Ду рҽазыҟарҵоит", – иҳәеит апап.

Аԥсны инхо Марина Дарчам лҭаацәа аныҳәа Масленица шазгәарҭо атәы ҳзеиҭалҳәеит.

"Ҳәарада, араҟа уи аныҳәа шазгәаҳҭои Урыстәыла ишазгәарҭои еиԥшӡам. Аха сара есышықәса ари амчыбжь азы ачамчымытақәа сӡоит. Ҳҩызцәеи ҳҭынхацәеи сасра ҳрызцалоит. Масленица ачгара ааиаанӡа аҵыхәтәантәи мчыбжьуп, сара ақьырсианцәа зегь реиԥш ачгара сҽазыҟасҵоит, аныҳәақәа зегьы рықәныҟәара сҽазысшәоит", – иазгәалҭеимт Дарчман.

Аб Афанаси иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи жәашықәса ирҭагӡаны Аԥсны ақьырсианцәа, еиҳарак аҿар рхыԥхьаӡара ишазҳаз.

Анцәаиныҳәара ашә амчыбжь Ачгара Ду ааинаанӡа аҽазыҟаҵара иамчыбжьуп, убас ашә амчыбжь жәлар рмасленица азгәаҭара амчыбжь ныҳәароуп. Ари амчыбжь азы Ауахәама аҟны ацәа-ажьы аҩныҵҟа аҽрыцқьарақәа мҩыԥысуеит, уаагьы дара-дара рыгхақәа ранарыжьуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0