Аветеренартә маҵзура аҳәаа аҟны аветеринартә усура иацнаҵароуп – Аншба

© Sputnik Илона ХварцкияАԥсуа иқыҭа. Архивтә фото.
Аԥсуа иқыҭа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аҟны аветеренартә маҵзура ахылаԥшратә пунктқәа русура хәажәкырамзызы еиҭалагоит.

АҞӘА, 18 фев – Sputnik, Анастасиа Никонова. Аҳәаа-хылаԥшратә аветеринартә маҵзура Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәаа аҟны аусура иаҟәыҵыр ҟалаӡомызт, абри атәы аҳәынҭқарратә аветеринартә маҵзура аиҳабы Ерик Аншба Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Аҳәаа аҟны аветеринартә маҵзура аусура – аҳәынҭқарра ашәарҭадара иазынархоуп. Аветеринартә маҵзура аусура еиҭалагар, Аԥсныҟа иаарго атауарқәа ахылаԥшра рыҭара алшахоит", – иҳәеит Аншба.

Иара иажәақәа рыла, Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аҟны ахылаԥшратә пунктқәа рыҟамзаара ахарала ачымазара ҿыцқә цәырҵит.

"Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иааган африкатәи аҳәақәа рыҽкы, арахә рцәарԥшӡа чымазара (оспа) – азгәеиҭеит Аншба. – Уи адагьы Қырҭтәылантәи акәтыжь, ашәишәи жьы Аԥсныҟа аагара ахылаԥшра амаӡам".

Аԥсуа қыҭақәа шьоукы рҟны уи ахарала акәытқәеи, ашәишәиқәеи нымхаӡеит, иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра аветеринартә ҳақьым еиҳабы игәаанагара ала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аԥсахразы ахылаԥшратә пунктқәа раартра  адагьы анхацәа Қырҭтәылантәи иаагоу акәтыжьи, ашәишәижьи мап ацәыркроуп.

2011 шықәса лаҵарамзазы "Ԥсоу" "Егры" аужьҭратә пунктқәа рыҟны аветеринартә маҵзура ахылаԥшратә пунктқәа русура аҟәыхын.2015 шықәса ажьырныҳәа 15 рзы аветеринартә маҵзура аҳәаатә-оужьҭратә пункт "Ԥсоу" аҟны аусурахь ихынҳәит. Аветеринартә маҵзура "Егры" аҳәаа-хылаԥшратә пункт аҟны 2015 шықәса амшаԥымзазы аусура иацнаҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0