Ажурнал "Алашара" апремиақәа ранашьара мҩаԥысит

© Sputnik Томас ТхайцукАжурнал "Алашара" апремиа 2014 шықәсазы изанашьаз рыхьыӡқәа еилкаауп
Ажурнал Алашара апремиа 2014 шықәсазы изанашьаз рыхьыӡқәа еилкаауп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал "Алашара" апремиа х-номинациаки ф-премиаки рыла ишьақәгылоуп: апроза, апоезиа, акритика, аиҳабыратә қәра иаҵанакуеи аҿари рыбжьара.

АҞӘА, жәб 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алитература-сахьаркыратә, ауаажәларра-политикатә журнал "Алашара" 2014 шықәсазы ианылаз аҩымҭақәа рҟынтә иреиӷьқәоу алкааны апремиа ранашьаразы аилатәара мҩаԥысит ахәашаҽны.

"Ажурнал "Алашара" аусуаҩцәа ҳазгьы ажиури иалоу рызгьы насыԥуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит иреиӷьқәоу аҩымҭақәа апремиа рыҭараз алшара ахьҳамоу", — иҳәеит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.

Аиҳабыратә биԥараҟны иреиӷьу апрозатә ҩымҭазы апремиа хҩык еиҩыршеит: Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа, ашәҟәыҩҩцәа Владимир Басариеи, Дмитри Габелиеи. Апоезиаҿы далкаан Дмитри Габелиа. Иреиӷьу акритикатә ҩымҭазы апремиа ианашьан афилологиатә наукақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа.

"Сара қәыԥшк сзыҳәа ахатәрақәа рыбжьара сыхьыӡ ахьҳәоу хҟәыншьарак исзаҩызоуп. Издыруеит иалыркааз споезиа акыр иеиӷьу арҿиамҭақәа ажурнал ишанылаз, даара иҭабуп ҳәа расҳәоит ажиури алахәылацәа", — иҳәеит Дмитри Габелиа.

Аҿар рыбжьара иреиӷьу апоезиатә рҿиамҭақәа рзы апремиа ланашьан Алина Ажьиԥҳа, апрозаҿ далкаан Саида Ҳаџьымԥҳа, иреиӷьу акритикатә ҩымҭазы апремиа даԥсахеит Дифа Габниаԥҳа.

"Ажурнал "Алашара" имҩаԥнаго аконкурс аҿар рзы даара акраҵанакуеит, избанзар, урҭ рхықәкы анагӡара иацхраауеит. Сара сдиссертациатә тема аԥҳәыс лхаҿсахьа аарԥшра иазкуп, ажурнал ианылаз астатиаҿы сазааҭгылоит аԥҳәыс лхаҿсахьа Алықьса Гогәуа ирҿиараҿы ҭыԥс иамоу. Уи иҩымҭақәа рҿы аԥсуа ԥҳәыс лхаҿсахьа, лыҩнуҵҟатә гәеибафарақәа гәылырҭәааны иаарԥшуп. Даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит зегьы", — лҳәеит Дифа Габниаԥҳа.

Иреиӷьу аҩымҭақәа алзкаауаз ажиури хадара азиуан академик Зураб Џьапуа, иара убас, ажиури иалан ашәҟәҩҩцәа  Џьума Аҳәба, Даур Наҷҟьебиа, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Анзор Мықәба, апоетцәа Владимир Занҭариа, Валери Касланӡиа, акритик Руслан Қапба.

Анатоли Лагәлаа иҳәеит ажиури аилазаара шышьақәгылаз ажурнал аҟны аноминациа иалоу ажанрқәа рыла зҩымҭақәа анымыз рымацарала. Ажурнал "Алашара" 2014 шықәсазы ианыз аҩымҭақәа алкаан маӡалатәи абжьыҭарала.

Ажурнал "Алашара" апремиа еиҿкаан 2006 шықәсазы. 2010 шықәсанӡа апремиа ранаршьон аиҳабыра абиԥара мацара, аха анаҩс Аԥсны ахадара рыцхыраарала иаԥҵан аҿар рызгьы апремиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0