Афестиваль "Хьыбла Гьырзмаа шәаалыԥхьоит…" Вена имҩаԥысуеит

© Фото : Тенгиз ТарбаАфестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…». Архивтә фото.
Афестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…». Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агала-концерт аҟны иалахәхоит италитәи апертә шәаҳәаҩы Ильдебрандо Д'Арканџьело, азербаиџьантәи аопертә шәаҳәаҩы Иусиф Еивазов иара убас амаестро Владимир Спиваков напхгара зиҭо аоркестр.

АҞӘА, хәжәк 4 – Sputnik. Афестиваль "Хьыбла Гьырзмаа шәаалыԥхьоит" агала-концерт Вена имҩаԥысуеит, еицырдыруа "Ахьтәы зал ду" аҟны 2015 шықәса мшаԥы 30 рзы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ашәаҳәаҩ лыпресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, агала-концерт аҟны иалахәызаауеит аопертә шәаҳәаҩы Ильдебрандо Д'Арканџьело, азербаиџьантәи аопертә шәаҳәаҩы Иусиф Еивазов, иара убас, амаестро Владимир Спиваков напхгара зиҭо аоркестр.

Аԥсны ахада Хьыбла Гьырзмаа "Ахьӡ-аԥша" аорден ланаишьеит

Хьыбла Гьырзмаа деигәырӷьоит лҟазара ахәҭак Венаҟа илгартә алшара ахьлымоу, избан акәзар амузыка аполитикатә, агеографиатә ҳәаақәа амаӡам, аҳәоит аацҳамҭаҟны.

Афестиваль "Хьыбла Гьырзмаа шәаалыԥхьоит" раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 2001 шықәсазы, уи нахыс есышықәса Аԥсны имҩаԥыргоит, аха 2014 шықәсазы иӡбан афестиваль Москва амҩаԥгара.

Хьыбла Гьырзмаа – Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә театр асолистка, еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреат, урҭ рахь "Вердитәи абжьқәа" италиатәи Буссета аҟны, Франсиск Виниас Барселона, Римско-Корсаково Санкт-Петербург имҩаԥгаз аицлабрақәа дрылахәын. Хьыбла Гьырзмаа лмузыкатә карьера ду X Чаиковски ихьӡ зху Москва имҩаԥгаз аицлабра аҟынтә иалагеит, уаҟа лара агран-при ланашьан. Аԥсны Ахада иусԥҟала Хьыбла Гьырзмаа 2015 шықәсазы, ажьырныҳәа 6 иланашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" актәи аҩаӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0