Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаларшәаратә хәылԥазы Ешыра имҩаԥыргоит

© Фото : ГК по МСМарттәи ажәыларазы агәалашәаратә акциа. Архивтә фото.
Марттәи ажәыларазы агәалашәаратә акциа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1993 шықәса, хәажәкыра 15-16 рзы имҩаԥысуаз марттәи ажәылара 22 шықәса ахыҵра иахьа Ешыра имҩаԥыргоит, Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа.

АҞӘА, хәжәк 17 – Sputnik, Анастасиа Никонова. "Афырхацәа рымҩала" зыхьӡу аҿар ракциа аҳәаа иҭагӡаны марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥыргоит, абри атәы аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿар рполитикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Алиас Аҩӡба Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Марттәи ажәылара иманшәалам ажәылара ҳәа ишашьҭоугьы, уи ыҟамызҭгьы аибашьра амзақәа еиҳахар ҟаларын. Амза март ҳиааира иашьаҭоуп. Арҭ амшқәа Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа рҟны илахьеиқәҵагоу роуп, аха агәымшәареи ахаҵареи ирымшзаауеит", – иҳәеит Аҩӡба.

Иара иажәақәа рыла, агәалашәаратә ахәылԥаз ахь имҩахыҵуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Нхыҵ Кавказынтәи, Аахыҵ Урыстәылантәи зхатә гәаԥхарала иааны иҭахаз ранацәа. Иара убас ахәылԥаз иалахәхоит Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзуҩцәа.

Дмитри Аргәын: марттәи ажәылара хлымӡааххеит ҳара ҳзы

Марттәи ажәылара 22 шықәса ахыҵра ахәылԥаз Ешыра, Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥыргоит хәажәкыра 17, асааҭ 19:00 рзы.

Агәалашәаратә хәылԥазы еиҿыркаауеит Аԥсны аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿар рполитикеи рзы аминистрра, Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аусбарҭеи, аҿар рхеилакқәа "Аԥсны ҿа", "Аиашаразы" рыцырхырааны.

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан хәажәкыра азбжазы Аԥсны арбџьармчқәа Гәымсҭа афронт аҟны Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ҭадырцәырц еихеит.

Аҭоурыхҭҵааҩ: марттәи ажәылара аибашьра афырхаҵаратә даҟьақәа ируакуп

Аԥсны аруаа рыхәҭак Гәымсҭа аӡиас еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны ирыр акәын, аҳауалеи амшынлеи армчқәа рыцырхырааны, нас Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иацырҵар акәын.

Аха март 15 хәылбыҽхан иалагаз ажәылара ҳақәымҿиеит. Аӷа ишьаарҵәыраз иҿагылара ашьҭахь аԥсуаа иахьгылаз рҭыԥқәа рахь ихынҳәыр акәхеит.

Марттәи ажәылараан Аԥсны ахьчацәа 200-ҩык инаркны 400-ҩык рҟынӡа ҭахеит, 32-ҩык харада ибжьаӡит.

Ажәабжьқәа зегьы
0