Амультфильм "Рапунцель" аԥсышәала ицәажәеит

© Sputnik Ажелика Бениа Амультфильм "Рапунцель" апремиера афилармониаҟны
Амультфильм Рапунцель апремиера афилармониаҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсышәала еиҭагоу амультфильм "Рапунцель" апремиера афилармониаҟны идырбан.

АҞӘА, хәжәк 20 — Sputnik, Анжелика Бениа. Аҧсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонди акиностудиа "Аҧсуа фильми" русеицура иалҵшәаны ҧсышәала ицәажәеит даҽа мультфильм ҿыцкгьы: адунеиаҿ еицырдыруа астудиа Walt Disney Pictures иҭнахыз амультфильм "Рапунцель: аус еилаԥаҭа".

Сааҭки бжаки инареиҳаны ицо амультфильм аҧсшәахь адублиаж арежиссиор хада, Аҧсны жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа иажәақәа рыла, "Рапунцель" аус адулараан реиҳа ицәгьаз амультфильм иалоу ашәақәа реиҭагара акәын.

"Асахьаркыратә фильмқәа раасҭа амультфильмқәа реиҭагара иаҳа ицәгьоуп. Афильмқәа рыҟны актиорцәа ԥсабартә бжьыла ицәажәоит, амультфильм аҟны абжьқәа ырхәмартәуп. Ари амультфильм бжьы-мыз аус адаҳулон. Зегь реиҳа ицәгьаз ашәақәа аҧсшәахь еиҭаганы, арифмеи аритми иақәшәо аҟаҵара акәын", — ҳәа азгәеиҭеит Аблоҭиа.

Амультфильм абжьы ахаҵара иалахәын а-ҩык актиорцәа, ихадоу арольқәа нарыгӡеит: Алхас Манаргиа — Флин Раидер, Саида Габниаԥҳа — Рапунцель, Марина Арсҭаа — Рапунцель ланԥса. Амультфильм аредакторс дамоуп Аԥсуа бызшәа аҿиара фонд аиҳабы Гәында Кәыҵниа, абжьы арежиссерс — Анри Гәымба.

Рапунцель аҧсышәала дзырцәажәаз ашәаҳәаҩ Саида Габниаԥҳа ари аус лара лзы ҵакыс иамаз ҳзеиҭалҳәеит.

"Схәыҷаахыс сактиорхарц сҭахын, уажәы маҷк актиортә ҟазара сазааигәахеит. Рапунцель аҧсышәала абжьы лхаҵара даара ицәгьан, аха аинтерес аҵан, мызкы ҳадхалеит лроль аус адулара. Актиорк, аржиссиорк иаҳасабала Аблоҭиа исиҭоз азеиӷьшьарақәа анаҩс асценаҟны исыхәоит, ҳәарада" — лҳәеит Габниаԥҳа.

Акиностудиа "Аҧсуа фильм" абзоурала 17 мультфильм еиҭагоуп, асахьаркыратә фильмқәа рхыҧхьӡара 11 рҟынӡа инаӡоит.

Виачеслав Аблоҭиа излаиҳәо ала, астудиа амультфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи еишьҭаргыланы еиҭанагоит. Уажәазы арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа аҧсшәахь аиҭагаразы асахьаркыратә фильм алхра даҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0