Донецкынтәи Аԥсны зыԥсы зшьоз ахәыҷқәа аҩныҟа амҩа иқәлеит

© Sputnik Томас ТхайцукДонецктәи ахәыҷқәа аҩныҟа амҩа иқәлеит. Аҭыԥантәи афото.
Донецктәи ахәыҷқәа аҩныҟа амҩа иқәлеит. Аҭыԥантәи афото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецкынтәи иааны иҟаз 23-ҩык ахәыҷқәа Аԥсны рыԥсшьара хыркәшоуп, иахьа аҩныҟа амҩа иқәлеит.

МЫСРА, хәжәк 25 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Донецкынтәи жәабранмзазы Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааз ахәыҷқәа, ахаша ашьыжьымҭан аҩныҟа амҩа иқәлеит, абри атәы Sputnik акорреспондент аҭыԥантәи иааицҳауеит.

Ахәыҷқәа рынаскьагара ихы алаирхәит Аԥсны аԥыза-министр Артур Амқәаб.

"Ҳаԥсадгьылгьы аибашьра ахнагахьеит. Шәусқәа зегь маншәалахоит ҳәа ҳгәыӷуеит. Ишәзеиӷьысшьоит аҭынчреи, агәырӷьареи", – ҳәа донецктәи ахәыҷқәа иреиҳәеит Амқәаб.

Ахәыҷқәа ирыцны иааз донецктәи азеиԥшҵарадырратә школ №1 адиректор Ольга Волкова Аԥсны ахадареи, ауаажәлари иҭабуп ҳәа ралҳәеит. Лара лгәаанагарала аԥсшьара қәҿиарала имҩасит.

"Арҭ амшқәа зегь згәы разыз ауаа рылаԥш ҳхын, иҳацхраауан, ахәыҷқәа аныки абыки реиԥш ирызнеиуан. Агәыҳалалратә цхыраара рацәаны иҳарҭеит. Ахәыҷқәа рызхара ашәыри, ахаа-мыхаақәеи рфеит. Ахәыҷра адунеи аҟны иҟоушәа рыԥхьаӡон", – ҳәа азгәалҭеит Волкова.

25 мшы ахәыҷқәа Аԥсны рыҟазаара иҭагӡаны атәыла акәакь ссирқәа дырбаразы аекскурсиақәа рзымҩаԥган. Аԥсны ақалақьқәа дырбан.

"Иаҳхамшҭуа аамҭа ҳхаҳгеит Аԥсны. Шәара шәҟны даара иԥшӡоуп. Ҳахьыҟаз аҭыԥқәа зегьы сгәаԥхеит. Еиҭа саар сҭахуп", – лҳәеит Амвросиевтәи ашкол-интернат 9-тә акласс аҵаҩы Анастасиа Шьербик.

Урыстәылатәи аҳәаахьчацәа Донецктәи ахәыҷқәа ацхыраара рырҭеит

Амвросиевтәи ашкол-интернат аа-ҩык ахәыҷқәа, иара убас Донецк азеиԥшрҵаратә школ №1 ахәыҷқәеи ахылаԥшцәа рыцны Аԥсныҟа иааит 2015 шықәса жәабранмза 28 азы, Гәдоуҭа араион, Мысра асасаирҭа аҟны ауадақәа рзалхын.

Донецкынтәи ахәыҷқәа Аԥсны рыԥсшьара Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдқәа рзы аминистрреи атәыла ахадареи еицхырааны еиҿыркааит. Аминистрра ахада Лев Кәыҵниа ихаҭа ахәыҷқәа раагаразы Украина аладатәи мрагылара даҭааит. Кәыҵниа ахәыҷқәа аҩныҟа рцараан изҭатәо амашьынақәа ркалонна аԥхьа дгылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0