Аветеран Филипп Артиух Владикавказ ааигәара ахәра иоуит

© Sputnik / Томас ТхайцукФиллип Артюх
Филлип Артюх - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Филипп Артиух аибашьра аамҭазтәи ахҭысқәа игәалаиршәеит.

АҞӘА, мшԥ 10 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. 1941 шықәсазы 17 шықәса зхыҵуаз Филипп Артиух Краснодар атәылаҿацә Изомаевскаиа астаницаҿы дынхон, шықәсык ашьҭахь уи арра дыргеит.

"1942 шықәсазы спаспорт сымхны, схы саны Ҟабарда-Балкариаҟа сдәықәырҵеит, уаҟа арратә ҽазыҟаҵара ҳахысуан", — иҳәеит аветеран.

1942 шықәса, нанҳәамза хәба рзы Филипп Артиух дызлаз архәҭа Терек аганахь рхы рханы идәықәлеит, избанзар анемеццәа уи аамҭазы Тихорецк инеихьан. Аӡиас Терек ирны Ар ҟаԥшь аангылеит Орџьоникиӡе, уажәы Владикавказ захьӡу ақалақь аҟны.

Ветеран ВОВ Мумджян Андроник Николаевич - Sputnik Аҧсны
Афронтовик Мумџьиан: аибашьра шалагаз атәы сықәлацәа ирасҳәар акәхеит

Артиух арра дахьахысуаз архәҭа Крестовтәи ахыҵырҭа аҟынтәи Қарҭҟа идәықәырҵеит, анаҩс Қәҭешьҟа.

"Еиҿкаан 351-тәи ахысратә дивизиа иаҵанакуаз 725-тәи ахысратә полк. Қәҭешь ҳара абџьар ҳарҭеит. Сара апехота аҟны автоматчикс сыҟан. Уи ашьҭахь шьапыла Маминсонсктәи ашьхахыҵырҭа ҳахысны Аҩада Уаԥстәыла ақалақь Мизур ҳнеит. Абҵарамзазы ҳрышьҭит Орџьоникиӡе афронт ахь", — игәалаиршәеит Артиух.

Владикавказ ааигәара аидыслараан Филипп Артиух ишьапы рхәит.

"Аидыслараҿы аполитрук ахәра иоуит. Уи алада длаҳгар ҳҭахын, аха апулемиот ала иҳаихсуа иалагеит, ахгьы уаҟа исыхьӡеит. Аҷкәынцәа сахьыҟаз иҳәазаны инеит, сшьапы ахәра ҿаҳәаны ашьа ааныркылеит, нас иахьшәарҭамыз аҭыԥ ахь снаргеит", — азгәеиҭеит Филипп Артиух.

Аветеран излаигәалашәо ала, иареи егьырҭ ахәрақәа заузи адәыӷбала Каспиатәи ақалақь Избербашҟа иргеит. Ҩымш рышьҭахь асанитартә дәыӷба Қарҭҟа иагеит, Артиух уаҟа ааԥынранӡа агоспиталь № 1418 аҟны дыҟан.

© Foto / из личного архива Филиппа АртюхаВетеран ВОВ Филипп Артюх Иванович (справа).
Ветеран ВОВ Филипп Артюх Иванович (справа). - Sputnik Аҧсны
Ветеран ВОВ Филипп Артюх Иванович (справа).
Ажәабжьқәа зегьы
0