Керселиан: аиарманцәеи аԥсуааи агеноцид закәу реилыркаара аҭахӡам

© Sputnik Томас ТхайцукКерселян Сурен Арутюнович
Керселян Сурен Арутюнович - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьеи, асоциалтә хьчареи рминистр, аиарманцәа ргеноцид агәаларшәаразы аиҿкааратә комитет аиҳабы Сурен Керселиан аиарманцәа агеноцид рзыруижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкны еиҿкаахо аусмҩаԥгатәқәа дырзааҭгылеит.

АҞӘА, мшԥ 20 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Адунеи аҟны инхо аиарманцәа зегь реиԥш Аԥсны инхогьы рхы аладырхәуеит агеноцид иалаӡыз ргәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны Аџьеи, асоциалтә хьчареи рминистр, аиарманцәа ргеноцид агәаларшәаразы аиҿкааратә комитет аиҳабы  Сурен Керселиан.

"Сара исҭахуп Аԥсны аганаҿ инымхарц. Аиарманцәеи аԥсуааи агеноцид закәу реилыркаара аҭахым, аԥсадгьыл ацәыӡра закәу рдыруеит. Уи ҳара ҳаизааигәанатәуазаргьы ауеит, ҳҭоурыхқәа акыр еиԥшуп", — иҳәеит Керселиан.

Аиҿкааратә комитет аиҳабы иазгәеиҭеит аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны иҟоу аиарманцәа Реидгыла ахьӡала Аԥсны иахьаҵанакуа ишымҩаԥгахо.

Керселиан иажәақәа рыла, мшаԥымза 22 рзы иазгәаҭоуп Гәылрыԥшь араион Ԥшьаԥ ақыҭан "хачкара" аартра. Иара убри аҽны Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филормониа аҟны Давид Терзиан инаԥхгарала асимфониатә оркестр имҩаԥнагоит аклассикатә концерт-реквием, иара убас, дықәгылоит аоператә шәаҳәаҩы Сирануш Гаспариан.

Аиҿкааратә комитет аиҳабы излаиҳәо ала, адунеи иқәынхо аиарманцәа рзы зегь реиҳа ихадоу аусмҩаԥгатә мшаԥымза 23 рзы иҟалоит. Уи аҽны акатоликос Гарегин II-тәи агеноцид иалаӡыз рыхьӡала анцәаимҵаныҳәара мҩаԥигоит, иара мҩаԥысуеит аиарман уахәамақәа зегь рҟны.

"Ас еиԥш анцәаимҵаныҳәара ҟамлеижьҭеи 400 шықәса ҵуеит. Ари аус амҩаԥгарала агеноцид иалаӡыз зегьы ацқьацәа рҟынӡа ихаҳгалоит. Милаҭс узҵанакуазаалак, ауаҩра ахьалаго — даҽаӡәы ихьаа ануныруа, угәы анунархьуа ауп", — иҳәеит Керселиан.

Мшаԥымза 24 рзы Аҟәеи егьырҭ араионқәа руааԥсыреи рҽеизганы аиарманцәа ргеноцид азхазҵаз атәылақәа рбираҟқәа рыманы аԥшаҳәа иқәсуеит, Ахҵәацәа рбаҟаҿынӡа инеины ашәҭқәа амшын ихырҵоит.

"Ҳара ари еиԥш акциақәа мҩаԥаагоижьҭеи акыр шықәса ҵуеит, избанзар ибзианы еилаҳкаауеит ахҵәацәа ирхыргаз ахьаа. Ҳара иаҳхаагаз ҽаӡәы ихиго Анцәа иумҳәан", — азгәеиҭеит Керселиан.

Керселиан иажәақәа рыла, иазгәаҭоуп абаҟа аҿаԥхьа амитинг амҩаԥгара, уаҟа аиарманцәа зегьы иҟарҵаз ааԥхьара иаԥхьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0