Аҟәа иаатит асахьақәа рцәыргақәҵа "Art Station"

© Sputnik Томас ТхайцукВыставка Марии Пилия "Art Station"
Выставка Марии Пилия Art Station - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаркыратә усумҭақәа рцәыргақәҵа "Art Station" – раԥхьатәи культуратә усмҩаԥгатәуп адәыӷба аангыларҭа Гәыма аҟны еиҿкаау.

АҞӘА, мшԥ 22 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Мриа Ԥлиаԥҳа лсахьаркыратә студиа аҵаҩцәа рцәыргақәҵа Аҟәа иаатит.

Ацәыргақәҵаа аартын акыр шықәса хылаԥшра змам адәыӷба аангыларҭа "Гәыма" ахыбраҟны.

Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа XX-тәи ашәышықәса актәи азбжазы иргылаз адәыӷба аангыларҭа ажәытә хаҿреи иахьатәи аамҭа иаҵанакуа аҟазареи реиҿыбаара иашьҭан.

Асахьаркыратә усумҭақәа рцәыргақәҵа "Art Station" – раԥхьатәи культуратә усмҩаԥгатәуп адәыӷба аангыларҭа Гәыма аҟны еиҿкаау. Уи аангыларҭаҟны уажә ааигәа гәыԥҩык аҿар рхатә гәаԥхарала аилыргара ду мҩаԥыргеит.

"Адәыӷба аангыларҭа ақалақь агәҭаны игылоуп. Ари аҭыԥ Аҟәа инхо ргәалашәарақәа рацәаны иадҳәалоуп. Уаҟа ажәытә атмосфера еиқәханы иҟоуп", — лҳәеит Мариа Ԥлиаԥҳа.

Адгәыр Ӡиӡариа: Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа аҳауа цқьа ҿамҩак иаҩызоуп

Ацәыргақәҵа иалахәуп 60 усумҭа иназыназынаԥшуа. Урҭ рахьтә Мариа Ԥлиаԥҳа лсахьақәа реиԥш иҟоуп иара убас, астудиа аҵаҩцәа русумҭақәагьы. Асахьаҭыхҩы лажәақәа рыла, ирҭиуа асахьақәа ирыхҭныҵуа аԥара агәыҳалалрахь ишьҭхоит.

Мариа Ԥлиаԥҳа лсахьаркыратә студиа шықәсык инеиҵаны аус ауеит. Астудиа аҵаҩцәа ируаӡәку, зсахьақәагьы цәыргақәҵоу Елизавета Франкопуло излалҳәо ала, асахьаҭыхра лара лзы — абжьааԥнытәи аусқәа аамҭала иныжьны иҳараку, иссиру ахь аиасра ауп.

"Араҟа хымԥада ццакыра ҟамҵакәа аԥшшәи асахьеи рызхәыцра аҭахуп", — лҳәеит Франкопуло.

Ацәыргақәҵа асасцәа руаӡәк Константин Ҭыжәба агәыӷра ааирԥшит астудиа аҵаҩцәа рҟнытә ҳаԥхьаҟа адунеи аҟны еицырдыруа иҟало аҟазацәа аанарԥшып ҳәа.

"Абриаҟара уадаҩра анаҳхаага ашьҭахь, асахьаҭыхцәа еиҳа имаҷны рхы иадырхәо иалагеит аԥшшәы еиқәаҵәақәа. Асахьақәа рыԥшшәқәа еилаарцыруа иҟалеит. Ҳара уажәшьҭа аҭынч ԥсҭазаара ҳамоуп, уи ҳҟазарагьы ианыԥшуеит", — азгәеиҭеит Константин Ҭыжәба.

Мариа Ԥлиаԥҳа лсахьаркыратә студиа "Art Station" раԥхьатәи ацәыргақәҵа ҽнак иаартын.

Ажәабжьқәа зегьы
0