Зықьҩык ахәаԥшцәа еизнагеит аерман музыка афестиваль

© Sputnik / Саида Жиба Зықьҩык ахәаԥшцәа еизнагеит аерман музыка афестиваль
Зықьҩык ахәаԥшцәа еизнагеит аерман музыка афестиваль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аерман музыка аҩажәатәи аиубилеитә афестиваль мҩаԥысит Гагра араион аҟны, сынтәа уи азкын Аиааира Ду 70 шықәса ахыҵра.

ГАГРА, лаҵ 5 – Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәса Аԥсны аерманцәа Рхеилак Гагра ақалақь аҟны имҩаԥнагоит афестиваль, аха сынтәа ииубилеихаз афестиваль ауаа рацәа адныԥхьалон азы, имҩаԥыргеит Алаҳаӡыхьтәи астадион аҟны.

Аермантә музыка иазыӡыҩрырц аконцерт иаҭааит Аԥсны анапхгара, Урыстәыла иҟоу аерманцәа рдиаспора ахаҭарнакцәа.

"Сынтәа ҳфестиваль азаҳкит Аиааира Ду 70 шықәса ахыҵра. Аныҳәахь ааԥхьара раҳҭеит Гагра араион аҟны инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, ҳахьӡалагьы иранаҳшьеит агәалашәаратә ҳамҭақәа. Аконцерт аҟны инагӡан аермани аԥсуеи жәларқәа рашәақәеи, иара убас аибашьра атема зныԥшуаз ашәақәеи", – иҳәеит Аԥсны аерманцәа Рхеилак ахантәаҩы Хачик Минасиан.

Афестиваль алахәцәеи асасцәеи бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Беслан Барцыц. Иара раԥхьа иргыланы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа ирыдиныҳәалеит иааиуа аныҳәа.

"Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәылоит Аиааира амш. Ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара цқьеи ақәранҵыра дуи! Аермантә музыка афестиваль ҳраион акультуратә ԥсҭазаара иузаҟәымыҭхуа иадҳәалоуп, убри аҟынтә уи аиҿкааҩцәа ишәабжьызгоит ԥхьаҟагьы имҩаԥыжәгаларц, ҳара ҳганахь ала еснагь авагылара шәаҳҭалоит", – ҳәа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Беслан Барцыц.

Аконцерттә программа х-сааҭк инарзынаԥшуа ицон, асценахь ицәырган 40 рҟынӡа ақәгыларақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0