Авҭандил Гарцкьиа: миллионҩык аԥсшьаҩцәа рыдкылара ҳазхиоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа
Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа ҳтәыла аԥсшьаратә сезон иахьынӡазхиоу дазааҭгылеит.

АҞӘА, лаҵ 20 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны иаднакылар алшоит миллионҩык аԥсшьаҩцәа, ҳәа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа.

Гарцкьиа иазгәеиҭеит заанаҵ аԥсшьаратә сезон шыҟалаҵәҟьо аҳәара шыуадаҩу, избан акәзар уи зхьыԥшу афакторқәа рацәоуп: атәыла аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьа, амш зеиԥшрахо, иара убас еилкааны иҳамазароуп хадаратәла аԥсшьаҩцәа анаҳҭауаа хы-мыз шракәу — ԥхынгәы, нанаҳәа, цәыббра.

"Ҳара иаҳдыруазароуп ҳара ҳадагьы егьырҭ жәларбжьаратәи атуристтә ҭыԥқәагьы рҽадԥсыланы аԥсшьаратә сезон аҽазыҟаҵара ишаҿу, урҭгьы аԥсшьаҩцәа радыԥхьаларазы аекономикатә феидақәа зегьы ахархәара шрырҭо. Убри аҟнытә сгәы иаанагоит сынтәатәи аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа рацәак иацлом ҳәа, зеиԥшла иуҳәозар, миллионҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа ҳарзыԥшуп", — иҳәеит Гарцкьиа.

Аминистр иажәақәа рыла, ҵыԥх Аԥсны иаҭааит 650-ҩык аԥсшьаҩцәа, урҭ рҟынтә 500-ҩык рҟынӡа ахатәы ҩнқәа рҟны рыԥсы ршьон.

"Аԥсшьаҩцәа рзы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥаҳҵароуп, аҳәаа рахысра апроцесс ҳармариароуп, атранспорттә еимадареи, аԥсшьаҩцәа ршәарҭадараеи азҵаарақәа ӡбатәуп, иара убас агәамсам ақәгареи аинфраструктура аиӷьтәреи ҳалҳалшароуп", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Авҭандил Гарцкьиа ишиҳәо ала, арҭ азҵаарақәа зегьы иахьынӡауа иӡбахоит аԥсшьаратә сезон алагамҭаз. Аминистр иҟаиҵаз адыррала, Аԥсны аус руеит асасааирҭақәа 100, иааидкыланы урҭ рҟны иҟоуп 15 нызқь ҭыԥ.

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра иатәу Афинанстә университет имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа инарықәыршәаны, 2015 шықәсазы Аԥснытәи аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ахԥатәи аҭыԥ ааныркылоит урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа ацара ахьырҭаху акурортқәа рыбжьара. Иазгәаҭатәуп Ҭаҭарсҭан ауааԥсыра зегь раасҭа Аԥснытәи аԥсшьара бзиа ишырбо.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0