Александр Пушкин 216-тәи иира мшы азгәарҭеит Аҟәа

© Sputnik Томас ТхайцукАлександр Пушкин 216-тәи иира мшы азгәарҭеит Аҟәа
Александр Пушкин 216-тәи иира мшы азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поетцәеи апоезиа абзиабаҩцәеи Александр Пушкин диижьҭеи 216 шықәса аҵра азгәарҭеит.

АҞӘА, рашә 9 — Sputnik, Анжелика Бениа. Александр Пушкин диижьҭеи 216-шықәса аҵра азгәарҭеит Аҟәа ақалақь аҟны ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Апоет игәалашәара ԥшьа иазкыз аусмҩаԥгатәқәа ирылагеит ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.

Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа еиҿнакааит "Аҩызцәа, илашароуп ҳаидгылара" захьӡыз ауснагӡатә.

Шәышықәса ирықәу аҵла ду амҵаны аурыс поет дуӡӡа ирҿиара абзиабаҩцәа Пушкин иҩымҭақәа рахь ирымоу агәаҳәара атәы еиҭарҳәон. Апоетцәа Пушкин ԥсра зқәым иажәеинраалақәа ирыԥхьон урысшәалеи аԥсышәалеи.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев иеизаз зегьы ирыдиныҳәалеит Пушкин иира амши аурыс бызшәа амши.

"Мушьни Лашәриа, Пушкин имедали Дельвиг имедали ианашьоуп. Асеиԥш анашьара иаԥсахахьоу маҷуп. Сара оумашәа избоит иахьа абра ауаа рацәа реизара. Агәра згеит, Пушкин ибзиабаҩцәа рпартиа еиҿкаахар, алхрақәа зегьы рҟны аԥыжәара шаҳго", — иҳәеит иара.

Ахәылԥаз иалахәын Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, апоет Мушьни Лашәриа, апоетцәа Геннадии Аламиеи, Игор Хәарцкиеи.

Мушьни Лашәриа иазгәеиҭеит  50-шықәса инарзынаԥшуа Пушкин иҩымҭақәа аԥсшәахь реиҭагара даҿуижьҭеи.

Александр Сергеи-иԥа Пушкин имшира азгәарҭон 2012 шықәса рзы игәалашәара иашьананы иеиҭарҳаз аҵла иацәыхарамкәа, шәышықәсатәи ашәҵла амҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0