Колхидатәи ашыц ахәшәтәра актәи аетап мҩаԥыргеит Пицунда

© Sputnik / Саида ЖибаКолхидатәи ашыц ахәшәтәра актәи аетап мҩаԥыргеит Пицунда.
Колхидатәи ашыц ахәшәтәра актәи аетап мҩаԥыргеит Пицунда. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицунда изҳауа Колхидатәи ашыц аиқәырхаразы аспециалистцәа имҩаԥыргеит ахәшәтәра актәи ахәҭа.

ГАГРА, ԥхн 9 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ԥшьымш ирылагӡаны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилаки, акарантини аҵиаақәа рыхьчареи рзы ахәынҭқарратә инспекциеи, Пицунда-Мысратәи аҳәырԥссара аиҳабыреи, Пицунда ақалақь анапхгареи имҩаԥыргеит ашыц ықәызхуа аҟанҷ анырҵәаразы аусмҩаԥгатәқәа.

"Аԥсны анапхгара аԥшьгарала иаԥҵоуп аԥыза-аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба наԥхгара ззиуа ашыц аиқәырхаразы акомиссиа. Аԥсны араионқәа зегь рҟынтә аспециалистцәа адыԥхьаланы, ԥшьымш ирылагӡаны иҳалҳаршеит аҟанҷ зхаԥаз ашыц ахәшә ақәҭәара", — ҳәа азгәеиҭеит аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа. 

Иара убас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, аҟанҷ зларшьуа ахимиатә маҭәашьар "Димилин" ауааԥсыреи аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ргәабзиара иаԥырхагам.

Ашыц аиқәырхаразы аекологцәа ражәалагала - Sputnik Аҧсны
Ашыц аиқәырхаразы аекологцәа ажәалагала ҟарҵеит

Изқәырҭәаз аҵлақәа ракәзар мызкы иалагӡаны иалаҽны иҟазаауеит. Ахәшә ақәҭәара мҩаԥган адельтаплани атракторқәеи рхархәарала.

"Ашьаҟауааи амашьынақәеи рыла Шәачантәи Аԥсныҟа иаагоу аҟанҷ шьаҭанкыла ашыц ақәхра иаҿуп. Уи Шәачаҟа ииасит олимпиатә ҭыԥқәа рыриаҵәаразы Италиантәи иаагаз ашыц аиҭаҳатәқәа рҟынтә. Ашыц ықәызхуа аҟанҷ ахьҿиаз иреиуоуп Алада Мрагыларатәи Азиа атәылақәа. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ари ахәац анырҵәаразы", — ҳәа ҳаилиркааит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥссара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Даур Џьергьениа.

Аспециалистцәа изларҳәо ала, ашыц аиаҵәара анхыӡӡа ашьҭахь, ахәац еихеит агәырҵлеи амышмалеи рахь, аха урҭ рыбӷьы  аилазаара ари ахәац хкы аҿиара арҭ аҵлақәа рҟны иалнамыршеит.

"Алада Мрагыларатәи Азиа атәылақәа иртәу ахәац урҭ атәылақәа рҟны иҿиоит хынтә-ԥшьынтә. Ҳара ҳтәылаҟны аҳауа азҩыдара рнаалеит аҟнытә шьаҭанкыла рықәхра залыршахом, дара жәантә инеиҳаны иҿиоит. Иақәаҳҭәаз ахәшә лҵшәас иаиуа мызкы иалагӡаны иаҳбоит, анаҩс аиҭахәшәтәра мҩаԥаҳгоит егьи амзазы", — азгәеиҭеит  акарантини аҵиаақәа рыхьчареи рзы ахәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа.

Ашыц ахәшәтәра ахьынӡамҩаԥысуаз Пицунда ақалақь Ахадара аспециалистцәа ацхыраара рырҭон, аиҿкааратә усмҩаԥгатәқәа зегьы дара рхахьы иргеит.

Ашыц аҵанакуеит ижәытәӡатәиоу аамҭақәа рахь. Иара амца ачҳауеит, иара убас аӡы иӡааҟәрылоит. Еиҳараӡак ашыц аиҩхаақәа рҟны ауп иахьызҳауа, аха Аԥсны иугозар, Гәдоуҭеи Пицундеи амшын аԥшаҳәақәа рҟынгьы иҿиоит.

Ажәытәан Аԥснытәи ашыц рҭиуан аҳәаанырцәтәи атәылақәа рахь, иалаҟарҵон еиуеиԥшым аҵлатә наплыхқәа, иарала идырԥшӡон архитектруатә хыбрақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0