"Абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи" амедал ԥшь-ҭаацәарак иранашьахеит

© Sputnik Астанда Ардзинба"Абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи" амедал ԥшь-ҭаацәарак иранашьахеит
Абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи амедал ԥшь-ҭаацәарак иранашьахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев "Абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи" амедал ԥшь-ҭаацәарак рнапаҿы идиркит.

АҞӘА, ԥхынгәы 22, Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Амедал "Абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи" ранаршьоит 25 шықәса инареиҳаны ахаҵеи аԥҳәыси ҳәа еицынхо, аизыҟазаашьақәа шышьақәыргылатәу аҿырԥшы дзырбо аҭаацәарақәа иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳараржәҳәаҩ Семион Григориев, Аҭаацәеи, абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи рымш азгәаҭараан аҭаацәарақәа аҳамҭа рнапаҟны ирыҭо.

"Ари амедал ауаҩы еиҳа игәы зызцо акоуп, иара зыдҳәалоу адунеи зегь аҟны ауаа пату зқәырҵо, ԥсахра зқәым аизыҟазаашьақәа роуп. Абри аганахьала Америкеи Европеи рҟны аҭагылазаашақәа рацәак иманшәаланы иҟоуп узҳәом, уаҟа ауаа ирыдыргало ииашоу ауаҩытәыҩсатә еилкаара иацәтәымуп. Сгәы иаанагоит Урыстәылеи Аԥсни адунеи атәылақәа зегь рҟынтәи ҳаиҳабацәа ишҳарҳәаз еиԥш аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа ахьрыдыркыло тәыланы иаанхеит ҳәа", — азгәеиҭеит Григориев.

Филлип Артюх - Sputnik Аҧсны
Аветеран Филипп Артиух Владикавказ ааигәара ахәра иоуит

Аџьа аветеранцәа Филиппи Лиубови Артиухаа еицынхоижьҭеи 70-шықәса ҵуеит, дара ишырҳәаз ала аиубилеитә рыцхәи Анасыԥ чареи азгәарҭахьеит.

Дара ишырҳәаз ала еибадырит Аԥсны, 1943 шықәсазы. Ахәра ӷәӷәа иоуз ашьҭахь арахь даашьҭын Филипп Иван-иԥа. Лиубов Андреи-иԥҳа араҟа аус луан.

"Ҳара ҳаԥсҭазаара зегьы Аԥснытәи аихамҩаҟны имҩаԥысит, уаҟоуп ҳахьеибадырыз, уаҟоуп ҳаԥсҭазаара зегьы аус ахьаауаз. 70 шықәса ԥсаатәшәа инаҳхаԥрны ицеит, иагьҳазгәамҭеит" — еиҭалҳәон Лиубов Артиуха.

"Абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи" рзы амедал ранашьан Филиппи Лиубови Артиухаа, Амбарцум Крбашиани Аракси Хачариани, Иван Сангәлиеи Саида Аланиаԥҳаи, Михаил Агрбеи Лали Бжьаниаԥҳаи.

"Абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи" рзы амедал аԥҵан 2008 шықәсазы, Урыстәыла. Амедал "Абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи" ранаршьоит 25-шықәса инареиҳаны ахаҵеи аԥҳәыси ҳәа еицынхо, аизыҟазаашьақәа шышьақәыргылатәу аҿырԥшы дзырбо, иаԥсоу ахшара еицызааӡо аҭаацәарақәа. Аԥсны "Абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи" амедал ранаршьо иалагеит 2010 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0