Украина аҳәаахьчаҩ аҳәаа аҟны зфото ҭызхуаз аурысцәа ирықәкны дхысит

© AFP 2023 / SERGEY BOBOKУкраинеи Урыстәылеи рҳәаа ахәҭак. Архивтә фото.
Украинеи Урыстәылеи рҳәаа ахәҭак. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахҭыс ҟалеит Урыстәыла иаҵанакуа иԥсабаратәым аӡҭачаҿы, Ростовтәи аобласт аҟны. Аҭыԥантәи анхаҩы ахәра иоуит.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 — Sputnik. "Красная таловка" ҳәа хьӡыс измоу украинатәи аҳәаахысратә пункт аҟны иҷаԥшьоз аҳәаахьчаҩ аҳәаа аганахьала рхы рханы зфото ҭызхырц иаҿыз Урыстәыла атәылауаа ирықәкны дхысит. ааха зауз ахаҵа ахәышәтәырҭахь дыргеит. Абри атәы ааицҳаит Ростовтәи аобласт аҟны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура ахаҭарнак Николаи Синицын.

Ахҭыс ҟалеит амҽыша ахәылбыҽха, ԥхынгәы 26 рзы. Ахәра зауз иҩызцәа ишеиҭарҳәаз ала, дара иԥсабаратәым аӡҭачы аҟәараҿы рыԥсы аныршьоз аамҭазы ирыӡбеит украинатәи аҳәаахысратә пункт "Красная таловка" иамариашаны рфотосахьа ҭырхырц.

"Агәаҭара-аушьҭратә пункт аҟны иҷаԥшьоз аҳәаахьчаҩ "Шәымҵысын!" ҳәа адҵа ҟаиҵан иҳақәкны дхысит, уи иахҟьаны аселфи абзиабаҩцәа руаӡәы ахәра иоуит", — иҳәеит ахҭыс иалахәыз.

Аҭыԥ аҟнытә ԥыҭк ианынаскьа аҷкәынцәа машьынак ааныркылан арныҟәцаҩ ахәышәтәырҭахь иигаразы иҳәеит. Ахәра зауз дышьҭарҵеит. Ахҭыс аганахьала агәаҭарақәа мҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0