Реиҳараҩык хынҳәит: аԥсуаа Актәи адунеизегьтәи аибашьраҟны рлагала

Аԥсуаа рышәҩы
Аԥсуаа рышәҩы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Актәи адунеизегьтәи аибашьраҟны аԥсуаа рлагалеи, уи ралахәра шыҟалази аҭоурых дазааҭгылоит аҭоурыхдырыҩ Сослан Салаҟаиа.

Sputnik

Аԥсуаа, Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәыз реиҳараҩык руалԥшьа нарыгӡеит, ирывагылан еибашьуаз рызгьы иҿырԥшыганы иҟан ҳәа иҳәеит аҭоурых наукақәа рканидат Сослан Салаҟаиа.

Еицырдыруа "Аԥсуаа рышәҩы" аибашьцәа Кавказтәи ашьагәыҭуаа рҽылатә дивизиа Ачерқьес полк иалахәны хатәгәаԥхарала еибашьуан ҳәа азгәеиҭеит аҭоурыхдырыҩ.

Лакәа Деметр игәараҭа - Sputnik Аҧсны
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых

"Аԥсуаа реиҳараҩык аҳәынҭқар ир рахь инарыԥхьомызт, 1877 шықәса рзы "ахара зду" ҳәа рыԥхьаӡара ишаҟәыҵхьазгьы. Самырзаҟани егьырҭ ацуҭақәа рҟынтәи хара здым ҳәа ирыԥхьаӡақәози аррамаҵзурахь инарыԥхьон. Араҟа аҭыԥ рыман еиуеиԥшым акәама-ҵамарақәа", - азгәеиҭоит аҭоурыхдырыҩ.

"Аԥсуаа рышәҩы" Кавказтәи ашьагәыҭуаа рҽылатә дивизиа зегь ааидкыланы ишырзырҳәоз "Адивизиа ццышә" (Дикая дивизия) ҳәа еиҳа ирдыруеит. Асеиԥш ахьӡ шамазгьы ари адивизиа еиҳа иреиӷьу ҳәа иазыԥхьаӡан ҳәа азгәеиҭеит Салаҟаиа. Иара раԥхьатәи акомандаҟаҵаҩыс дыҟан Николаи аҩбатәи иашьеиҵбы Михаил Александр-иԥа, нас адивизиа иара икорпус иалахәны еибашьуан. Аҭоурыхдырыҩ дазхьаԥшит ари акорпус, егьырҭ зегь раасҭа аҳәынҭқар гәазырызыла изыҟаз ракәны ишыҟаз.

"Убри азоуп, Корнилов аамҭалатәи аиҳабыра дырҿагыланы данықәгылоз ари адивизиа Петербург изажәиҵаз. Амала дара зегьы аграждантә еибашьра ахалархәра мап ацәыркит", — азгәеиҭеит иара.

Иҟан ҭагылазаашьақәак, Аԥсуаа рышәҩы аибашьцәа рыбжьара акласстә еизыҟазаашьа аасҭа рҵакырадгьылтә еизыҟазаашьа аԥыжәара анагоз. Еицырдыруа аԥсуа револиуциониер Уасил Лакоба, "Аԥсуаа рышәҩы" алахәыла, иреволиуциатә пропогандаз ашьра аниқәырҵа деиқәзырхаз ашәҩык аибашьцәа роуп.

"Аԥсуаа рышәҩы" ахьӡ ишаҳәо еиԥш акәымкәа, иара иалахәыз хыԥхьаӡарала акыр еиҳан, аамҭа-аамҭалагьы аҽаԥсахуан. Аӡәырҩы рнысмҩақәа иахьа уажәраанӡагьы еилкаамкәа иаанханы иҟоуп, аиҳаракгьы, абольшевикцәа рганахь ала иқәымгылақәаз ҳәа азгәеиҭоит аҭоурыхдырыҩ.

"Изныкымкәа иалацәажәахьеит, иааиԥмырҟьаӡакәа ихашәышәуаз ахызаҵәқәа дрыцәганы, зҩыза аибашьра амца далызгаз, акорнет Константин Лакербаи ифырхаҵара атәы. Иныҭкааны аҳәара алшоит, "Аԥсуаа рышәҩы" иалаз аԥсуаа зегьы аибашьра иалахәын ҳәа, урҭ рҟынтәи аӡәык-ҩыџьак ракәымзар зегьы аҳәынҭқар иҳамҭақәа ранашьан ҳәа", — иҳәеит Салаҟаиа.

Адивизиа еиднакылоз зегьы "бнауаауп" ҳәа ишыршьозгьы, аҵыхәтәаны иазгәарымҭар амуит урҭ атәцәа рганахь аума, аҭынч уааԥсыра рганахь аума агуманизм ду шаадырԥшуаз, инаҵшьны иазгәеиҭоит аҭоурыхдырыҩ.

Аинрал Иуана Туманов - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аҳра аинрал Туманов "дшаԥсыуахаз"

Абри атәы иныҭкааны иҩит арратә корреспондент, Лев Толстои иԥа – Илиа Толстои. Илиа Толстои иҩуан:

"Сара мызкы инеиҳаны "абнауаа рполк" ахьгылаз срыланхон. Сара хықәкыла исдырбон абри ма ани ашьоуразы иаӡәымкәа иҩыџьамкәа ауаа ишьхьеит ҳәа. Аха сара избооз? Сара избон урҭ ауаҩшьцәа ҳәа ззырҳәоз рхы иагырханы рхәы атәымуаа ишрырҭоз, атәымхәыҷқәа ишырҿарҵоз, сара избон урҭ аполкқәа рҭыԥ иахыҵны ианцоз аҭыԥантәи ауааԥсыра урҭ рцара шыгәхьааргоз, иҭабуп ҳәа шрарҳәоз; сара избон урҭ иуадаҩӡаз арратә напынҵақәа шынарыгӡоз; сара избон урҭ аибашьра адәаҟны ухаҿы иузаамго афырхаҵарақәа шаадырԥшуаз, ашәара захьӡугьы шырзымдыруаз".

"Ашәҩы" алахәылацәа арраҟынтәи рхы иақәиҭтәын 1917 шықәсазы, иациҵоит Салаҟаиа. Реиҳараҩык рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит, иалалеит Нестор Лакоба еиҿикааз анхаҩцәа рдружина "Кьараз".

"Аԥсуа Жәлар Рхеилак аҟны ргәы иаанагон "Кьараз" дара ирыдгыло мчраны иҟалоит ҳәа. Аха "Кьараз" АЖәР (АНС) иаҿагыланы абольшевикцәа рымҩа иқәлеит. Абольшевикцәа рыгәҭа Нестор Лакоба идагьы иҟан "ашәҩы" заҳаҭыр дуны ирбоз Васили Лакоба иҩызцәаз, аибашьра иалахәыз ауаа. Уи икылнагеит "Кьараз" амчра аиурахь. Аибашьра, аполитикахь рацәак зхы кыдмыз анхацәагьы аполитикатә лхра ҟарҵартә еиԥш иҭанаргылеит", — еиҭеиҳәоит аҭоурыхдырыҩ.

Актәи адунеизегьтәи аибашьра асеиԥш амасштаб ду змаз раԥхьатәи еибашьран. Иара иаланагалеит 38 тәыла, усҟантәи амҭазы иҟаз 59 ихьыԥшымыз атәылақәа рҟынтәи. 1914 шықәса ԥхынгәы 28 рзы Австро-Венгриеи Сербиеи аибашьра иалагеит. Аибашьра амзызқәа ирхаданы иҟан аблок дуқәа ҩба – Антантеи (Урыстәыла, Англиа, Франциа) Хԥаны аидгылеи (Германиа, австро-Венгриа, Италиа) рыбжьара аиҿагылара.

1914 шықәса нанҳәа 9 рзы анапы аҵаҩын адҵа, Кавказтәи ар реилазаараҟны Ачерқьестә ҽылатә полк (асотниақәа ԥшьба рыла ишьақәгылоу) аиҿкаараз. Ачерқьестә ҽылатә полк асотниақәа ҩба Екатериноградтәии Маиҟәаԥтәии аҟәшақәа адыга милаҭ рыла ишьақәгылан, ахԥатәи шәҩыуаа – аҟарачқәа рыла, аԥшьбатәи шәҩыуаа – аԥсуаа рыла. Урҭ рыбжьара имаҷҩын аха иҟан агырцәагьы. 1914 шықәса цәыббра 22 рзы ашәҩык амҩа иқәлеит. Ачерқьестә ҽылатә полк алахәын 7-тәи, 8-тәи, 9-тәи ар имҩаԥыргоз аоперациақәа. 1916 шықәса рашәарамзазы 7-тәи ар ирылахәны, аӡиасқәа Стрынеи Днестри рраион иахьаҵанакуаз аурыс ир рқәылара иалахәны Брусиловск рнапахьы иаргеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0