Раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит атәыла ахада иаԥхьахә азы аҽырыҩра

© Sputnik / Томас ТхайцукДәрыԥшь аҽырыҩра
Дәрыԥшь аҽырыҩра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 2 рзы Бзыԥҭа имҩаԥысраны иҟоуп атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иаԥхьахә агаразы аҽырыҩра.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысраны иҟоуп атәыла Ахада иаԥхьахә азы аҽырыҩра. Уи, аринахысгьы аҽырхәмарратә спорт атурнирқәа рыплан ахь иаҵанакраны иҟоуп ҳәа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит Аԥсны аҽытә спорт Афедерациа апрезидент Аслан Камлиа.

Иара иажәақәа рыла, миллион мааҭк инаӡоу аԥхьахә азы еиндаҭлараны иҟоуп Аԥсни, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Ростовтәи аобласти рҟынтәи аспортсменцәа.

"Ҳара Урыстәыла арегионқәа 11 рҟынтәи акомандақәа ҳарзыԥшуп. Аԥсныҟа иаахьоу аспортсменцәагьы ыҟоуп, урҭ араҟа аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп, егьырҭгьы лассы иаараны иҟоуп. Аԥсны ахьӡала аҽырыҩраҟны иқәгылараны иҟоуп иреиӷьӡоу ҳаспортсменцәа. Аԥсны иҳамоу иреиӷьӡоу аҽқәагьы аиндаҭалара иалахәхараны иҟоуп", — азгәеиҭеит Камлиа.

Атурнир апрограммаҿы иазыԥхьагәаҭоуп аҽырыҩрақәа фба, арбаратә қәгыларақәа раан идырбахоит аԥсуа милаҭтә ҽырхәмаррақәа.

"Ҳара асасцәа дахьқәа ҳарзыԥшуп. Ҳәарада, атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымбагьы дҟалараны дыҟоуп. Ааԥхьара рыҭоуп ареспубликақәа рхадацәеи ареспубликақәа рспорттә еилакқәа рхадацәеи", — иҳәеит Камлиа.

Иара иажәақәа рыла, асеиԥш иҟоу атурнирқәа ареспубликаҟны аҽырхәмарратә спорт аҿиара иацхраауеит.

"Ҳара иахьазы Аҟәеи Алаҳаӡи иаартны иҳамоуп аҽырхәмарратә клубқәа ҩба. Аҿар аҽырхәмарратә спорт даараӡа аинтерес рымоуп, уи ршьа-рда иахьалоу азы. Ари ҳара ҳмилаҭтә спорт хкы акәны иҟоуп. Аԥсны ачемпионат еиҳа-еиҳа акоманда рацәа рхы аладырхәуеит. Аплантә программа инақәыршәаны, есышықәса, шықәсык ахь ҩынтә имҩаԥаагараны ҳаҟоуп ауснагӡатәқәа – атәыла Ахада иаԥхьахә азы аиндаҭлареи, Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи раԥхьахә азы аиндаҭлареи", — еиҭеиҳәон Камлиа.

Аҽытә спорт Афедерациа ахада ишеиҭеиҳәаз ала аҽырыҩра мҩаԥысраны иҟоуп мышктәи турнирны, нанҳәа 2 рзы Бзыԥҭатәи аипподром аҟны. Иахьазы уаҟа аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0