Давид Магариан хәыҷы ҳацхыраара иҭахуп

© Sputnik Томас ТхайцукДавид Магариан
Давид Магариан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" алагеит хәышықәса зхыҵуа Давид Магариан ихәышәтәразы аԥареизгара.

АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Ахәыҷтәы дысра змоу, хәышықәса зхыҵуа Давид Магариан ихәышәтәразы иаҭахуп 199 740 мааҭ ҳәа аалыцҳауеит СМИ анырразы Афонд "Ашана" аменеџьер Мактина Џьынџьалԥҳа.

Ахәыҷтәы дысра ҳәа адиагноз ззықәдыргылаз Давид хәыҷы иҭаацәа рзы ари ԥышәара дуӡӡахеит. Ахәыҷ иан Сиузанна Саакиан иҳалҳәеит хәышықәса раԥхьа аҩнаҭаҟны ишеицииз ҩыџьа аҷкәынцәа – Давиди Самвели. Давид дычмазаҩны диит.

"Давид даниы инаркны аҳақьымцәа ҳрылоуп, аамҭа-аамҭала ахәышәтәрақәа мҩаԥаагоит, ахәшәқәа еснагь ижәлароуп, амассаж ааиԥмырҟьакәа иҟаҳҵоит. Ахәыҷбаҳчахь раамҭа анааи, Давидгьы иашьа дицҵаны дҳашьҭит аха изышьҭымхит уаҟатәи аҭагылазаашьа", — лҳәеит Сиузанна.

Давид хәыҷы ҳара иҳаиҳәеит иашьеи иҩызцәеи реиԥш дыҩыр, дыԥар, дыхәмарыр шиҭаху.

"Снапи сшьапи русура хьысҳауп. Исҭахуп сашьа еиԥш сыҩлар, ахәмаргақәа склар", — иҳәеит Давид.

Амедицинатә технологиақәа ринститут аҟны иазыхиоуп аҷкәын идкылара. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла, уажә имҩаԥырго акурсқәа ирылдыршоит иарӷьа напи иарӷьа шьапи русура аиӷьтәра, иныҟәашәа дырманшәалоит, асоциум далархалоит.

Мактина Џьынџьал илҳәеит Давид аинтеллект бзиа имоуп, асахьаҭыхреи акәаҳареи бзиа ибоит ҳәа.

"Давид иҭаацәа абар хәышықәсоуп рымацара ауадаҩрақәа ирҿагыланы иқәԥоижьҭеи. Аха уажәшьҭа ирцәыуадаҩхо иалагеит, убри ауп Афонд ахьгьы изнеиз. Аҭагылазаашьа маншәалақәа изаԥҵахар, Давид илшоит иаабац уаҩы наӡак диеԥшхар", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Давид Магариан ицхырааразы, Аԥсны аҭелтә еимадара абонентцәа афонд "Ашана" абаланс ахь аԥарақәа риагара рылшоит: аҭел аҟны *147* ииажәго аԥара # аҭел асра акнопка. Мышказы ииажәгар алшоит 30 мааҭ инаркны 500 мааҭ рҟынӡа. Мамзаргьы СМС аномер 5050 ахь иаашәышьҭыр шәылшоит — ажәа АГӘЫҲАЛАЛРА ма DOBRO ҳәа арбаны, знык иаашәышьҭыз СМС 20 мааҭ иаԥсоуп. Иара убас абанктә ииагара: "Гарант-банк" ма "Сбербанк" аҟәшақәа рыла аԥара нашәышьҭыр шәылшоит. Ахәыҷқәа шәызларыцхырааша егьырҭ амҩақәа ртәы еилышәкаар шәылшоит асаит www.ashanakbf.com аҟны.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Аԥсны ахәыҷ чымазаҩцәа рыхәышәтәразы аԥареизгара знапы алаку фондуп. Аусура хацнаркит 2008 шықәса рзы, аусура ф-хырхарҭак аман еиҿкаан. Афонд иалнаршоит ичмазцәоу ахәыҷқәа иреиӷьу Урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рахь рышьҭра. Иара убасгьы Ҭырқәтәылеи, Германиеи Израили рахь идәықәнаҵоит еиҳа иӷәӷәоу ахәыҷ чымазцәа. Иахьазы "Ашана" ацххыраара роухьеит 70-ҩык Аԥсны ахәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0