Пицунда имҩаԥысуеит ахәыҷқәа рыцхыраара иазку агәыҳалалратә концерт

© Sputnik Томас ТхайцукАнонс
Анонс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 24 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы имҩаԥысуеит згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыцхырааразы агәыҳалалратә концерт.

АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Агәыҳалалратә концерти апроект "Colours of Nation – Цвета нации" аалыҵ ацәыргақәҵеи иара убасгьы Мариа Ԥлиаԥҳа лырҿиара астудиа ацәыргақәҵеи мҩаԥысуеит Пицунда ақалақь аҟны.

Асоциал-культуратә ԥшьгарақәа Рфонд ашьаҭаркҩы Азамаҭ Багаҭелиа ҳкорреспондент ишылзеиҭеиҳәаз ала еизгахо аԥарақәа зегьы акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" иазырхахоит.

"Сара Москва аҵара сҵоит. Аԥсны санаауа исҭахуп избалар еиҭакрақәак, усмҩаԥгатәқәак, проект ҿыцқәак. Ахәыҷқәа чмазцәахоит, урҭ ацхыраара рҭахуп. Ҳфонд апроектқәа ирхадоуп есышықәсатәи агәыҳалалратә концертқәа. иеизааго аԥарақәа афонд "Ашана" ауалшәаратә ԥхьаӡарахь ииаагоит", — азгәеиҭеит Азамаҭ Багаҭелиа.

Ахәыҷ чымазаҩцәа рыцхрааразы Аҟәа имҩаԥыргеит агәыҳалалратә аукцион

Ахәылԥаз асасцәа ирылшон апроект "Апсны star" ашәаҳәаҩ Саида Агрба лдиск аахәара мамзаргьы заҟа рҭаху асадаҟ ҟаҵара.

Аконцерттә программа иалхәхоит аԥсуа опера ашәаҳәаҩцәа, Давид Терзиан напхгара зиҭо акамертә орестр.

Адирижиор иажәақәа рыла артистцәа зегьы гәахәарыла аконцерт рҽаладырхәуеит.

Ахьыӡ, "агәыҳалалратә концерт" мацарагьы уаднаԥхьалоит. Асеиԥш иҟоу акциақәа ҳажәлар рзы акрызҵазкуа ракәны иҟоуп, дара ауаҩы исоциалтә ҭагылазаашьеи иԥсабаратә ҟазаашьатә лшарақәеи ирыхьмырԥшыкәа игәҭакқәа ҟалоит ҳәа агәыӷра ирҭоит. Ҳара гәыкала есышықәса ҳҽалаҳархәуеит ари акциа", — иҳәеит Давид Терзиан.

Пицундатәи ауахәамаҟны аконцерт ааиртуеит ауарӷанарҳәаҩы лука Гаделиа. Иара инеигӡоит Иоҳан Себастиан Бах ирҿиамҭақәа.

"Агәыҳалалратә концерт аҟны ақәгылара ансыдыргала хьаҳәа-хьачара смоуӡеит. Ҳәарада аҽалархәра аҭахуп ҳәа сыӡбеит. Даара сгәы иахәоит ахәыҷқәа џьара акала рыцхыраара ахьҳалшо. Еснагь угәы ҟанаҵоит иаҭаху уск уаналахәу", — иҳәеит Лука Гаделиа.

Аконцерт аҟны раԥхьаӡа акәны инагӡан Давид Терзиан аоркестри ахапаҳәаҩцәеи рзы аус еиҭаздиулаз ашәа "Шьышь-нани".

Апрограмма иалан Бах, Гендель, Моцарт, Доницетти, Шуберт, Бизе, Пуччини, Рахманинов, Канио, Верди рырҿиамҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0