Смецкоираа рҭынха. Актәи ахәҭа

© Фото : из архива Анзора АгумааСанаторий Смецкого "Гулрыпш".
Санаторий Смецкого Гулрыпш. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арифа Қапԥҳа иеиҭалҳәоит Аҟәеи Гәылрыԥшьи рархитектуратә баҟақәа рҟынтәи реиҳа иԥшӡоуп ҳәа ишьоу, еиҳа иалыркаауа Николаи Смецкои иҭынха аҭоурых.

АҞӘА, цәыббра 22, Sputnik, Арифа Қапԥҳа. Аҟәа ақалақь архитектураҟны, иналукааша абаҟақәа рҭоурых аиҳарак,  абри аҭыԥ аҟны еиуеиԥшым амеценатцәа  XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзы  имҩаԥыргоз аусурақәа рҭоурых акәны иҟоуп. Урҭ рахьынтәи иналукааша иакәны дыԥхьаӡоуп Николаи Смецкои.

Москватәи ауниверситет аиуристтә факультет аушьҭымҭа Николаи Смецкои  амал зымпыҵакыз аамысҭатә ҭаацәара далҵит. Дара ирхатәны ирыман Кострома иахьаҵанакуа абнарақәа, Вологда – рхатәы фабрика. 30 шықәса анихыҵуаз Николаи Смецкои аҭаацәара далалеит. Хатә ҩызас далихит  Абџьартә палата адиректор ицхырааҩ иԥҳа — Ольга Филимонова. Аҭаацәара қәыԥш хазы анхара иалагеит Стрельцы иҟаз раҳҭынраҟны. Усҟантәи аамҭақәа рзгьы дара рхы аадырԥшуа иалагахьан доуҳала ибеиоу уааны. Урҭ рхатә ԥарақәа, рхатә мал еигӡомызт амамзаара иаргәаҟуаз ауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы. Ольга Смецкаиа-Филимонова лаԥшьгарала иаԥҵахеит Мошкинтәи аземратә училишьче, уи ашьҭахь абиблиотека-ԥхьарҭа.

Смецкоираа рынхара-рынҵыра еизҳауан. Абнамаҭәахә  аҭира аҭаацәара амал ду рыланагалон.  Уи еиҳагьы еиҳахеит  Николаи Смецкои абнамаҭәахә алгара аиҳа иара аҭыԥ аҟны  абнахырҭа зауад ргылазар шеиӷьыз даназхәыц.  Ус иагьыҟарҵеит. Иҟаларын арҭ аҭаацәара раԥхьаҟагьы  рҭыԥ иахымҵкәа иахьынхоз инхозар. Аха, зны, Ольга Смецкаиа ацахьаа иахҟьаны аԥҟара дақәшәеит. Харков аҳақьымцәа  рнап ианыз зегь шыҟарҵазгьы Европатәи акурортқәа рҟны быхәышәтәра иацҵатәуп ҳәа лыдыргалеит. Смецкоираа аҳақьымцәа ражәа иақәшаҳаҭымхеит, урҭ ирҭахымхеит ус ихараны рыҩны аԥырҵра.

1889 шықәса рзы Николаии Ольгеи Смецкоираа Баҭымҟа ицарц амҩа иқәлеит. Аха амҩан, адәыӷбаҟны ирықәшәаз рымҩаныза-астудент убриаҟара даланахаланы Аԥсны аԥшӡара аӡбахә рзеиҭеиҳәон, даргьы абри ахазынара аабандаз рҳәо иҟаиҵеит. Абасала, амашәыр лахьынҵа еиднаҳәалеит аҭуџьарцәа Смецкоирааи Аԥсни.

Аҟәа дынхон Смецкоираа ибзианы ирдыруаз, Аҟәатәи аокруг аиҳабы Апполон Введенски. Уи ара дынхоижьҭеи акрааҵуан. Рҩыза исасдкылара, Амшын Еиқәа иаԥныз аԥшәма ипарк аҟны анеи-ааирақәа уҳәа  Николаии Ольгеи  ара аанхара иаднаԥхьалеит.  Иаразнакгьы ара аанхаразы аӡбра рыдыркылеит.

1892 шықәса рзы Николаи Смецкои Аҟәа иааихәоит 41 десҭын адгьыл. Арҭ аҭыԥқәа рыцқьаны ихациркуеит   абаҳчара ссир. Еиҭеиҳауеит 50 пальма, 80 евкалипт, 50 лакациа, 30 камелиа. Иара убасгьы ирацәан агәырбӷьыҵлақәа, ацикадақәа, акактусқәа раллеиа акәзар аиԥш џьаргьы иуԥыломызт. Абас ихацыркын аҟәатәи адендропарк.

© Фото : из архива Анзора АгумааПарк Смецкого.
Парк Смецкого. - Sputnik Аҧсны
Парк Смецкого.

Смецкои акреилызцо баҳчааӡаҩхеит, гәахәарыла ипарк аус адиулон. Лассы-лассы Алада Европеи Аҩадатәи Африкеи дцо далагеит. Уаҟа иааихәон  еиуеиԥшым аекзотикатә ҵиаақәа, аколлекциатәқәа. Урҭ зегьы иара ипарк аҟны иааганы еиҭеиҳауан.

Иаарласны Смецкои ипарк  Кавказ амацараҟны адагьы Европагьы еицырдыруа иҟалеит. Иазыԥхьаӡан араҟа еизгоуп ҳәа баша-маша иуԥымло аекзотикатә ҵиаақәа.

Николаи Смецкои ибаҳчара ԥшӡа агәҭа аргылара далагеит амшын аԥшаҳәаҟны раԥхьатәи иҩны (адача). Аргылара хацдыркит 1898 шықәса рзы. Уи ҩышықәса инарзынаԥшуа ицон. Аргылара напхгара аиҭон  анџьныр, архитектор Иван Бегич. Иазгәаҭатәуп Аҟәа, иахьатәи аамҭазгьы  инханы ишыҟоу  Бегич инапхгарала иргылаз аҩнқәа маҷымкәа.

Архитектор Оҭар Кебуриа иажәақәа рыла Бегич  иусура иамаз аҟазшьа ҷыдақәа  аҽакы ишаламҩашьо умдырырц залшом, ус шакәу унардыруеит зегьы ирылукаау а иҟоу Смецкои идача. Уи иахьа Аԥсны Ахада иофициалтә тәарҭаны иҟоуп.

© Sputnik Томас ТхайцукРезиденция президента Абхазии
Резиденция президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Резиденция президента Абхазии

Смецкои идача харантәгьы иубарҭан, иара, аҳаракыраҟны иқәгылан. Ҵаҟа, апарк уахьынҭало (Смецкоигьы Введенски иеиԥш уи апарк иахьӡиҵеит "Субтропическая флора" ҳәа) иргылан абаҳча ахылаԥшыҩ изы етажкны еихагылаз аҩн хәыҷы. Уаҟа иахьазы зегь рҽырыԥсаххьеит, аҩныҵҟатәи амардуанқәа руак ада. Уи ауп изгәалашәо шәышықәса раԥхьа араҟа имҩаԥысуаз ахҭысқәа рҭоурыхқәа.

© Фото : из архива Анзора АгумааБывшее имение Смецкого.
Бывшее имение Смецкого. - Sputnik Аҧсны
Бывшее имение Смецкого.

Октиабртәи ареволиуциа  аиааира анага ашьҭахь Смецкои идача  имырхит, иԥҳәыси иареи азин рырҭеит ахылаԥшҩы изы идыргылаз убри аҩн хәыҷы аҟны анхара. Аха, акоммунистцәа раамҭа ааиаанӡа Смецкоираа ирылшеит  Аҟәа ирацәаны аргыларақәа рымҩаԥгара. Нас урҭ русура аҭыԥ маҷк еиҭаргеит – Аҟәа инахыкны иҟоу Гәылрыԥшьи Агәӡереи рыҽрыдырхалеит.

Ҳалагап Гәылрыԥшь ала. Абраҟоуп  иныҭкааны иахьааԥшыз Смецкои меценатк иҳасабала игәыҭбаара. Кавказ азы амҩақәҵагаҟны иарбоуп: "1900 шықәса рзы  иалагоуп, 1902 шықәса рзы ихыркәшоуп Аҟәа инахыкны Смецкои иргылаз асанаториа ссир "Гәылрыԥшь" аргылара".

Ари асанаториа аргылара аруадаҩуан иара аҭыԥ ахьалырхыз аҳаракыра, амҩақәа рыҟамзаара, еиԥынчылаз абнара.  Смецкои асанаториа аргылара далагаанӡа  аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥигеит: абнара рыцқьан, амҩа ылган, уи адагьы аргыларамаҭәахә анагаразы аихамҩа шьҭаҵан. Ҷыдала, асанаториа аргыларазы ихарамкәа иаадыртит ақьырмыти акыци рыӡырҭа азауадқәа. Ажәакала, асанаториа аргыларазы иахәҭаны иҟаз аусурақәа зегьы мҩаԥган.

© Фото : из архива Анзора АгумааСанаторий Смецкого "Гулрыпш".
Санаторий Смецкого Гулрыпш. - Sputnik Аҧсны
Санаторий Смецкого "Гулрыпш".

Асанаториа "Гәылрыԥшь 1" (абас ахьӡырҵеит асанаториа ахыбра шкәакәа, асанаториа ахыбра ҟаԥшь "Гәылрыԥшь 2" андыргыла ашьҭахь) архитектура аганахьала анеоклассика астиль иазааигәоуп. Ҷыдала  аргылаҩцәа аус рыдырулон аԥенџьырқәа, ахоллқәа, акоридорқәа. Урҭ зегьы амшын аганахь ихазар акәын, алашареи амраԥхара бзиеи роуазар акәын.

Абасала, аҳаракыраҟны иқәгылаз ахыбра  амшынҳауеи ашьхара аҳауеи реинысырҭа иақәшәон. Уи иалнаршон асанаториа апациентцәа рзы зеӷьыҟам аҭагылазаашьақәа раԥҵара.

Аргылара даналга ашьҭахь Смецкои нап алеикит  ааигәа-сигәа иҟаз аҵакыра  зегьы ишахәҭоу еиԥш аиҿкаара. Абригьы иунарбоит ажәытәтәи ашәышықәсақәа рзы  аргылаҩцәа заҟа ҭакԥхықәрала рус иазнеиуаз, рсоциалтә культура шыҳаракыз. Угәы унархьуеит уи аҩыза иахьа шамахамзар иахьуԥымло.

Асанаториа акәша-мыкәша ихацыркын абаҳчара хазына. Араҟа иубон хкы рацәала еилаԥсаз аҵиаа хкқәа: апальмақәа, аолеандрқәа, агавақәа, зыфҩы лаҳа-лаҳауаз ашәҭқәа, ашәшьыра ҭбаа ҟазҵоз аҵлақәа. Асанаториа апациентцәа егьа раҳаҭла араҟа рыԥсы ршьон, амедицинатә процедурақәа рышьҭахь инеи-ааиуан, ана-ара инатәа-аатәон.

Хԥаны еихагылоу асанаториа ахыбра Смецкои ихатә ԥарақәа рымацарала иргылан. Иара хықәкны иман зылшарақәа маҷыз,  арыԥҳа чымазара змоу ауаа  рыхәышәтәра ацхраара. Ари асанаториахь адкыларазы иаԥҵан аԥҟарра ҷыдақәа – ирыдыркылоз аимҳәаду чымазара алагамҭа аамҭа иаҵанакуазар акәын. Иазыԥхьаӡан уи ачымазара злаҽны иҟоу рзы аратәи аҳауа бзиам, ахәышәтәрагьы уадаҩуп  ҳәа.

© Фото : из архива Анзора АгумааСанаторий Смецкого "Гулрыпш".
Санаторий Смецкого Гулрыпш. - Sputnik Аҧсны
Санаторий Смецкого "Гулрыпш".

Асанаториа аус ауан цәыббра 15 инаркны лаҵарамза 15 рҟынӡа. Аиҳабыс дыҟан аҳақьым Емилианов. Абри амедицинатә хәышәтәырҭаҟны иҟан акрыфарҭақәа. Уаҟа ирыдыргалон аҭыԥантәи афатәқәа аиҳаракгьы ашәыр, абиблиотекеи аԥхьарҭа дуи. Апациентцәа ирылшон бзиа ирбоз ашәҟәқәа алхны рыԥхьара.

Абас иҟан шәышықәса раԥхьа, уи анахысгьы акраамҭа. Аха иахьазы иаабо асахьа  игәеиҵархагоу сахьоуп. Асанаториа иацәынханы иаанхаз ибжеилаҳахьоу аҭӡамцқәа роуп. Урҭгьы есышықәса реилаҳара иацлоит ауп. Акыр шықәсқәа ахыбра аимҵәара иаҿын, аргыларатә маҭәахәқәа еимыхны иргон. Хылаԥшрагьы аманы иҟамлеит. Ажәытә зны нап зыдкылан иааӡаз абаҳчара акәзар иахьазы аҳәира зхиааз ҭыԥхеит.

Аҭоурых шҭурыху ишынхогьы иара артефактқәа ыӡыр рылшоит. Абри асанаториагьы уи азы ҿырԥшыганы иҟоуп. Иҿырԥшыгоуп аха угәы узырхьуа ҿырԥшыганы ауп ишыҟоу.

© Sputnik Томас ТхайцукСанаторий Смецкого "Гулрыпш".
Санаторий Смецкого Гулрыпш. - Sputnik Аҧсны
Санаторий Смецкого "Гулрыпш".


Ажәабжьқәа зегьы
0