Аԥкьаҭ асратә турнир "Аԥсуа хылаԥа ду - 2015" аатит Гагра

© Sputnik / Саида ЖибаXIV международный теннисный турнир "Большая Абхазская Шляпа" открылся в Гагре
XIV международный теннисный турнир Большая Абхазская Шляпа открылся в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥкьаҭ асратә турнир "Аԥсуа хылаԥа ду" мҩаԥысуеит Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҟны.

ГАГРА, цәыббра 26 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәаҟны иаатит есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥкьаҭ асратә турнир, уи напхгара аиҭоит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин.

Сынтәа аспорттә усмҩаԥгатә иалахәуп 80-ҩык аԥҟьаҭ асцәеи абзиабаҩцәеи.

Атуринр аартра иаҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны Жәлар Реизара, апарламент ахантәаҩы Валери Бганба, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, Гагра араион анапхгара.

"Ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит ас еиԥш иҟоу, аҩаӡара ҳаракы змоу атурнир ҳтәылаҟны иахьымҩаԥысуа. Уи иалахәуп аспорт азҟазацәа реиԥш аполитикаҿгьы зыхьӡ наҩхьоу аспорт абзиабаҩцәа. Хымԥада дара Аԥсны аҿиараҿгьы ирылшо рацәоуп. Иара убас атурнир аартра ихадароу хҭысуп акурорт азгьы, избанзар уи ҳтәыла иаднаԥхьалоит ауаа рацәа. Атәыла анапхгара ҳганахь ала иҳалшо зегь ҟаҳцоит ари аспорттә усмҩаԥгатә иарҿиаз ақьабз бзиа аизырҳаразы", — иҳәеит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Сынтәа атурнир мҩаԥысуеит Аиааира амш аламҭалаз, убри инамаданы атәыла Ахада аԥсуа жәлар ирыдиныҳәалеит шьала иҿыхыу ҳмилаҭ ныҳәа. Ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи, аԥсҭазаара лашеи.

Турнир по теннису памяти Героя Абхазии Арзамета Тарба проходит в Гагре - Sputnik Аҧсны
Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку аԥкьаҭ асразы атурнир аатит

Гагра араион Ахадара аиҳабы Беслан Барцыц иазгәеиҭеит ас еиԥш аҩаӡара ҳаракы змоу атурнир араион аҟны амҩаԥысра аҵак ду шамоу.

"Константин Фиодр-иԥа Затулин Аԥсны даҩыза бзиоуп. Ҳара иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны зыхьӡ хара инаҩхьоу иҩызцәа арахь ихааиԥхьо азы. Атәыла анапхгареи Гагра араион Ахадареи ирылшо зегь ҟарҵоит ари атурнир қәҿиарала имҩаԥысырц", — ҳәа азгәеиҭеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Беслан Барцыц.

Апкьаҭ асратә турнир Аԥсны амҩаԥгаразы агәахәара роуит аԥкьаҭ асра абзиабаҩцәа 2001 шықәсазы. Усҟан Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин инапхгарала раԥхьаӡакәны ҳтәылаҟны иара мҩаԥысит. Уи аахижьҭеит аԥкьаҭ асратә турнир иқьабз бзианы инхеит.

"Ҳара аԥкьаҭтә спорт абзиабаҩцәа есышықәса имҩаԥаагоит еиуеиԥшым атурнирқәа, аха зегь реиҳа бзиа иаабо Аԥсны еиҿаҳкаауа ауп. 2001 шықәсазы раԥхьаӡакәы иара араҟа имҩаԥаагеит. Уи аахижьҭеи алахәцәа зегьы Аԥсны ргәы иҭоуп, пату рықәырҵоит аԥсуа жәлар. Иазгәасҭарц сҭахуп ҳара Аԥсны ахьыԥшымра убасҟангьы ишазхаҳҵахьаз. Сынтәа атурнир мҩаԥаагоит Аиааира амш аламҭалаз, убри инаҷыданы ари атәыла ԥшӡа иқәынхо зегьы ирыдысныҳәалоит аныҳәа ссир, ирзеиӷьасшьоит аҭынч ԥсҭазаареи аизҳареи", — инаҵшьны иазгәеиҭеит атурнир аиҿкааҩи алахәҩи Константин Затулин.

Атурнир мҩаԥыслоит ҩымш.

Ажәабжьқәа зегьы
0